Албаага
a Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы 2-тәи, 3-тәи ахқәа рҿы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аиашамра ишақәшәоз узырбо аҭагылазаашьақәа дрылацәажәон: амаҵуцәа иџьбараз рыԥшәмацәа рганахь ала, ақьырсианҳәсақәа рхаҵара рыцеиҩызымшоз рхацәа рганахь ала (1 Пиотр 2:18—20; 3:1—6, 8, 9).