Албаага
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Абиблиаҿы «агәнаҳа» аӡбахә анҳәоу, лассы-лассы зыӡбахә цо иҽеим аусқәа роуп. Иаҳҳәап, аӷьычра, ахатә ҩыза иԥсахра, ауаҩшьра (Ақәҵ. 20:13—15; 1 Кор. 6:18). Аха жәеинраалақәак рҿы агәнаҳа аӡбахә анҳәоу, зыӡбахә цо ауаҩы даниуа, иҽеим ҳәа акгьы шыҟаимҵахьоугьы, ициуа анамӡара ауп.