Асабша, октиабр 11
Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа [шәрыҩнал] (Ис. 26:20).
«Аҩныҵҟатәи ауадақәа» рахь иаҵанакуазар алшоит ҳаизарақәа. Ҳдоуҳатә ҭаацәара рааигәара ҳҟалар, Иегова арыцҳара ду аан ҳихьчоит. Убри аҟынтә ҳара уажәнатә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ус баша рычҳара акәымкәа, бзиа рбара ҳҽазаҳшәалароуп. Уи ҳаԥсҭазаара еиқәнархоит! «Иегова имш ду» ауаатәыҩса зегьы рзы аамҭа цәгьахоит (Соф. 1:14, 15). Усҟан Иегова ишаҳаҭцәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха ҳара уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵар, агәҭынчра ҳамазаауеит, егьырҭ рыцхраарагьы ҳалшоит. Ҳара иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо уи ачҳара аарԥшны иаҳхаҳгалоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи арыцҳара иақәшәар, урҭ рыцҳашьаны рыцхрааразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳара уажәнатә бзиа иаҳбо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акы иаҳцәыхаранатәыртә алҳаршаӡом. Убасҟан Иегова агәаҟрақәеи агәырҩеи ахаан иахьыҟамло адунеи аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭоит (Ис. 65:17). w23.07 7, абз. 16, 17
Амҽыша, октиабр 12
[Иегова] шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит (1 Пиотр 5:10).
Абиблиаҿы ҳара аус џьашьахәқәа ҟазҵоз, Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳаԥхьоит. Аха урҭ рҟынтә зегь раасҭа иӷәӷәазгьы зны-зынла акгьы рылымшозшәа рбон. Иаҳҳәап, аҳ Давид зны-зынла ашьха еиԥш дыӷәӷәазшәа ибон, зны-зынла ашәара ӷәӷәа изцәырҵуан (Аԥсал. 30:7). Самсон Анцәа идоуҳа абзоурала зеиԥшыҟамыз амч шимазгьы, иара еиликаауан Иегова ицхыраарада уи амч шицәыӡуа, насгьы ауаа зегь реиԥш дшыҟало (Аӡб. 14:5, 6; 16:17). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ ауаа амч зрымаз Иегова уи ахьриҭоз азы акәын. Апостол Павелгьы еиликаауан Иегова имч ада ԥсыхәа шимамыз (2 Кор. 12:9, 10). Иаргьы агәамбзиара даргәаҟуан (Гал. 4:13, 14). Иара ииашаны ахымҩаԥгара аницәыцәгьазгьы ыҟан (Рим. 7:18, 19). Уи адагьы, зны-зынла аԥхьаҟа изыԥшыз ахьизымдыруаз азы, иҟаиҵара анизымдыруаз ыҟан (2 Кор. 1:8, 9). Аха ус еиԥш иҟаз аамҭақәа раан Иегова ацхыраара ииҭон. Уи абзоурала иара дзықәшәоз аԥышәарақәа зегьы рыхгара илшеит. w23.10 12, абз. 1, 2
Ашәахьа, октиабр 13
Иегова агәы дҭаԥшуеит (1 Сам. 16:7).
Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ус дшаҳмыхәаԥшуа ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп. Иара иоуп иареи ҳареи ҳаиҩызцәахарц ҳаазыԥхьаз (Иоанн 6:44). Иҟалап ҳара шаҟа абзиара ҳалоу ҳзымдыруазар. Аха Иегова ҳгәы ибоит (2 Аш. 6:30). Иегова абзиабара ҳаԥсаны ҳиԥхьаӡозар, ҳара игәра ҳгалар ҳалшоит, даҽакала ахәыцразы амзызқәа ҳамаӡам (1 Иоанн 3:19, 20). Шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа иҟарҵаз агәнаҳақәа рзы уажәгьы рхы ахара адырҵоит (1 Пиотр 4:3). Гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәагьы иҽеим агәаҳәарақәа рызцәырҵуеит. Ишәықәыӡбома шәара шәгәы? Ус анакәха, шәгәы арҭынчыр алшоит гәыкала Иегова имаҵ зуаз ақьырсианцәагьы урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа ахьрызцәырҵуаз. Ҿырԥштәыс дааҳгап апостол Павел. Игхақәа ирыхҟьаны иара акгьы даԥсамшәа ихы ибон, насгьы «агәаҟ, сара» ҳәа ихы иазиҳәон (Рим. 7:24). Ааи, Павел игәнаҳақәа дрыхьхәит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Аха уеизгьы апостолцәа зегьы дреиҵоуп ҳәа иԥхьаӡон, «агәнаҳаҟаҵаҩцәа... зегь раԥхьа игылоу сара соуп» ҳәагьы иҳәон (1 Кор. 15:9; 1 Тим. 1:15). w24.03 27, абз. 5, 6