Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аҩаша, сентиабр 9

Ихшыҩдоу аԥҳәыс лыбжьы цәгьоуп. Леилкаара маҷуп (Ажәам. 9:13).

«Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара заҳауа ауаа ирыӡбароуп: лааԥхьара рыдыркылару, мап лцәыркру. Ҳара иламысдароу ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчаразы ихадоу амзызқәа ҳамоуп. «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» илҳәоит: «Иӷьычу аӡқәа хаауп» (Ажәам. 9:17). Изакәызеи «иӷьычу аӡқәа»? Абиблиаҿы хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәа аӡы цқьа иаҿырԥшуп (Ажәам. 5:15—18). Закәанла аҭаацәара еицалоу ахаҵеи аԥҳәыси ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа ирылагәырӷьалар рылшоит, урҭ цқьазар, насгьы апатуқәҵара рныԥшуазар. Уи «иӷьычу аӡқәа», даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс иеиԥшӡам. Абжьааԥны ус еиԥш иҟоу аус ҟьашьқәа ауаа иӡаны, аӷьычцәа реиԥш, аӡәгьы еилимкаартә еиԥш иҟарҵоит. Уи азы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго ауаа «иӷьычу аӡқәа» ихаау ак еиԥш ирбоит. Шаҟа иҩашьозеи дара! Иегова зегь ибоит. Ауаҩы Анцәа игәы аниирхьуа аасҭа еицәоу акгьы ыҟаӡам. Уи «хаарас» ҳәа акгьы изаанагаӡом (1 Кор. 6:9, 10). w23.06 22, абз. 7—9

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, сентиабр 10

Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит (1 Кор. 9:17).

Иҟашәҵар шәылшозеи Анцәа иҳәара иҟаҵатәу ак еиԥш шәахәаԥшуа шәалагазар, Анцәа имаҵ аурагьы уалны ишәыду ак еиԥш иҟалазар? Иегова уаҳа иԥшьоу адоуҳа шәиҭаӡом ҳәа шәымхәыцлан. Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ҳцәаныррақәа лассы-лассы рҽырыԥсахуеит. Агәацԥыҳәара шәыцәмаҷхазар, апостол Павел иҿырԥштәы шәазхәыц. Иара зегь рыла Иисус иҿыԥшра дшашьҭазгьы, идыруан зны-зынла агәацԥыҳәара ицәмаҷхар шалшоз. Павел дазхиан имаҵзура анагӡара, агәацԥыҳәара аницәмаҷызгьы. Шәаргьы инаӡам шәцәаныррақәа шәхы шымҩаԥыжәгалаша шәыҵарҳәалар жәымун. Шәцәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы, ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала. Хәыҷы-хәыҷла шәцәаныррақәагьы рҽырыԥсахуеит (1 Кор. 9:16). w24.03 11—12, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, сентиабр 11

Урҭ аишьцәа бзиа ишыжәбо дшәырба (2 Кор. 8:24).

Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭаҳхлар, бзиа ишаҳбо дҳарбоит (2 Кор. 6:11—13). Ҳара ҳаизарақәа рҿы иҟазар алшоит еиуеиԥшым акультурақәа рҟынтә, насгьы зҟазшьақәа еиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Даараӡа ихадоуп урҭ рҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлар. Убасҟан дара рахь ҳабзиабара еиҳагьы еизҳалоит. Ҳара Иегова ихәаԥшышьала егьырҭ рыхәаԥшра ҳҽаназаҳшәо, урҭ бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит. Абзиабара аарԥшра еиҳараӡак ихадахоит арыцҳара ду аан. Ҳашԥаихьчо Иегова уи аналагалак? Абар Анцәа имаҵзуҩцәа иҟарҵалар рыхәҭаз мидо-персиатәи ар ажәытәтәи Вавилон ианақәла: «Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа шәрыҩналаны ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк иалагӡаны, агәыԥжәара ииасаанӡа» (Ис. 26:20). Арҭ ажәақәа ҳара, арыцҳара ду ашәхымс илагылоу, ҳахьгьы иаҵанакуазар ҟалап. w23.07 6—7, абз. 14—16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра