Ахәаша, сентиабр 12
Адунеи аҭагылазаашьа аҽыԥсахра иаҿуп (1 Кор. 7:31).
Ҳара зҳәатәы иазмырго ауаа реиԥш ҳардыруазар ҳахәҭоуп. Шәхы шәазҵаа: «Сырдыруама сара зҳәатәы иазмырго ауаҩ тата иеиԥш? Мамзаргьы еснагь зҳәатәы иазырго, иџьбароу, ахаан згәаанагара зымԥсахуа ауаҩ иеиԥш сырдыруоу? Иаҭыԥзар, егьырҭ ирҳәо сазыӡырҩны, ирҭаху сазхәыцуоу?» Ҳара ҳҳәатәы иаҳмыргозар, еиҳа-еиҳа Иеговеи Иисуси ҳреиԥшхалоит. Аҟәышра аарԥшра иаанагоит аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа урҭ рыҽрықәыршәара. Аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа, ҳаззыԥшымыз ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Иаҳҳәап, агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳазцәырҵыр ауеит. Ҳахьынхо атәылаҿы афинанстә ҭагылазаашьеи аполитикеи рҽанырыԥсахуа еиҳаны ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит (Еккл. 9:11). Ҳмаҵзура хкы аҽанаԥсахуагьы, уи ҳара ҳзы ԥышәараны иҟалар алшоит. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара ԥшь-шьаҿак ҳацхраауеит: 1) шәҭагылазаашьа шәхы аншәырнаала, 2) ԥхьаҟа шәыԥшла, 3) ибзиоу шәхы азышәышьҭла, насгьы 4) егьырҭ шәрыцхраала. w23.07 21—22, абз. 7, 8
Асабша, сентиабр 13
Уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп (Дан. 9:23).
Даниил зынӡа данқәыԥшыз иқалақь гәакьа далганы ихараз Вавилонҟа дытҟәаны дыргеит. Уа иара иаразнак дгәарҭеит. Зегьы ирбарҭан Даниил грак змамыз, иԥшӡаз, еицырдыруаз аҭаацәара иалҵыз арԥыс шиакәыз. Убри аҟынтә вавилонаа Даниил аҳ иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду дазыҟарҵо иалагеит (Дан. 1:3, 4, 6; 1 Сам. 16:7). Иегова иқәыԥшыз Даниил бзиа дзибоз гәыкала иргәырӷьара ахьиҭахыз азы акәын. Шәазхәыц: Даниил 20 шықәса раҟара акәызҭгьы ҟаларын ихыҵуаз, Иегова ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа гәыкала имаҵ зуаз Ноии Иови дырхыԥхьаӡаланы иӡбахә аниҳәа (Аҟаз. 5:32; 6:9, 10; Иов 42:16, 17; Иез. 14:14). Иегова аԥсҭазаараҿы акыр збахьаз акыршықәса нызҵыз Даниил иқәыԥшра аамҭақәа раахыс бзиа дибон (Дан. 10:11, 19). w23.08 2, абз. 1, 2
Амҽыша, сентиабр 14
Аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи... еилышәкаа[ла] (Еф. 3:18).
Аҩны аахәара шәгәы ианҭоу, уи аҩны жәбар, ибзианы шәахәаԥшыр шәҭаххоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ианҭаҳҵаауа, убасҵәҟьа ҟаҳҵоит. Шәара уи шәыццакы-ццакуа шәаԥхьар, «иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа» мацара роуп еилышәкаауа (Аур. 5:12). Ҳара аҩны анааҳхәо еиԥш, «аҩныҵҟа» ҳаҩналаны акәама-ҵамарақәа бзианы игәаҳҭароуп. Абиблиа ахәҭақәа злеидҳәалоу гәаҳҭалар, уи ибзианы аҭҵаара иҳацхраауеит. Зыгәра жәго аҵабыргқәа реилкаара адагьы, урҭ рыгәра зыжәго аилкаарагьы шәашьҭаз. Абиблиа ибзианы еилаҳкааларц азы, уи инарҵауланы иҭаҳҵаалароуп. Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵон Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵааларц, — уи «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи ибзианы еилы[ркаарц]» азы. Убасҟан дара рхаҵара ӷәӷәахон, рышьаҭагьы ӷәӷәазаауан (Еф. 3:14—19). Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. w23.10 18, абз. 1—3