Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аԥшьаша, сентиабр 18

Еснагь Анцәа дҳарҽхәалап, ихьӡ ауаа ирылаҳҳәалап, убасала, ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа рыла, акәырбан изнаҳгалап (Аур. 13:15).

Иахьа ақьырсианцәа зегьы рхы иамеигӡаӡакәа Иегова ак иҭаразы зеиԥшыҟам алшара рымоуп. Уи Аҳра аус иақәҳарӡуа аамҭеи, амчи, аԥареи ракәзар ауеит. Ҳара Иегова зегьы иреиӷьу иаҳҭалар, имҵахырхәаразы иҳамоу алшара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит. Апостол Павел ахаан иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоу еиқәиԥхьаӡеит (Аур. 10:22—25). Уахь иаҵанакуеит Анцәа иҳәара, ажәабжь аҳәара, аизарақәа рҭаара, насгьы агәышьҭибахра. Иегова имш «еиҳа-еиҳа иааигәахоит азы, шәааи уи зегьы еиҳагьы ҳгәы-ҳаԥсы ақәкны иҟаҳҵалап». Ашәҟәы Аатра аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы Иегова имаалықь ҩынтә абас иҳәеит: «Анцәа уиеихырхәа!» (Аат. 19:10; 22:9). Амаалықь арҭ ажәақәа ҩынтә иахьиҳәаз иаанарԥшуеит урҭ рзыӡырҩра шаҟа ихадоу. Шәааи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду иазку иҵаулоу аҵабыргқәа ҳхаҳмыршҭлап, насгьы Ҳанцәа ҳимҵахырхәаларц азы иҳамоу зеиԥшыҟам алшара ахә ҳаракны иаҳшьалап! w23.10 29, абз. 17, 18

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, сентиабр 19

Бзиа ҳаибабалап (1 Иоанн 4:7).

Ҳара зегьы «бзиа ҳаибабалар» ҳҭахуп. Аха Иисус ҳгәыҳҽаниҵеит «ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит» ҳәа (Матф. 24:12). Иисус ауаа реиҳараҩык рыӡбахә аниҳәоз, иҵаҩцәа ракәӡамызт зыӡбахә имаз. Аха уеизгьы ҳара ҳгәаҳҽанызароуп ари адунеи аҿы иҟоу ауаа реиԥш ҳахьшәашәаны, ҳхы мацара ҳазхәыцуа ҳҟамларц азы. Убри аҟынтә шәааи ҳазхәыцып аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкаара иҳацхраауа? Ҳабзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкааразы алшарақәа руак — уи ҳзықәшәо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳхы шымҩаԥаҳго азхәыцра ауп (2 Кор. 8:8). Иаҳҳәап, апостол Пиотр иҩит: «Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп» (1 Пиотр 4:8). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи агхақәа анрыхьуа ма ҳгәы анҳдырхьуа ҳхы шымҩаԥаҳго урҭ шаҟа бзиа иаҳбо аанарԥшуеит. w23.11 10, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, сентиабр 20

Бзиа шәеибабала (Иоанн 13:34).

Ҳара Иисус «аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» ҳәа иҳаиҭаз аԥҟара ҳақәныҟәоит ҳәа ҳазҳәаӡом, аизараҿы аӡәык-ҩыџьак мацара ракәзар бзиа иаҳбо. Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы еиҳа ҳгәы иақәшәозар ауеит. Иисусгьы иҵаҩцәа шьоукы еиҳа игәы иақәшәон (Иоанн 13:23; 20:2). Аха апостол Пиотр иаҳгәалаиршәоит аизараҿы зегьы аишьцәа реиԥш бзиа иаҳбалар шҳахәҭоу. Усҟан зегьы бзиа иахьеибабо ҭаацәара дук еиԥш ҳҟалоит (1 Пиотр 2:17). Пиотр «гәык-ԥсыкала бзиа [ҳаибабаларц]» ҳгәазҭеиҵеит (1 Пиотр 1:22). Уи иаанагоит ҳгәы иҵегьы иаартны, бзиа збара мариамгьы бзиа рбара. Иаҳҳәап, аӡәы ҳгәы ҳирхьзар, иаразнак аҭак иаҳҭарц ҳҭаххар ауеит. Аха Пиотр Иисус иҟынтә идыруан Иегова уи аҩыза ахымҩаԥгашьа шигәамԥхо (Иоанн 18:10, 11). Иара иҩит: «Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изышәымун, иакәым шәзызҳәо иакәым изышәымҳәалан. Анцәа шәзалихыз ауаа шәныҳәаларц азоуп» (1 Пиотр 3:9). Абзиабара ӷәӷәа шәыцхраауеит ақьиареи азҿлымҳареи аарԥшра. w23.09 28—29, абз. 9—11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра