Алевит
26 Иҟашәымҵалан акгьы иаԥсам анцәақәа, иқәшәмыргылалан аидолқәа ма иԥшьоу ашьаҟақәа, шәыдгьыл аҿы ахаҳә иалхны абаҟақәагьы ҟашәымҵалан, шәрымҵахырхәаларц азы. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 2 Ссабшақәа азгәашәҭала, сыԥшьаҭыԥгьы ҳаҭыр ақәышәҵала. Сара Иегова соуп.
3 Шәара сзакәанқәа нашәыгӡалар, сыԥҟарақәагьы шәрықәныҟәалар, 4 ианаамҭоу ақәа шәзыласышьҭлоит, усҟан адгьыл аҽаҩра шәнаҭалоит, аҵлақәагьы ашәыр рҿалалоит. 5 Шәара ажь аҭаара шәалагаанӡа ачарыц шәҭәаҭәалоит, алаҵара шәалагаанӡагьы ажь шәҭаалоит. Шәызхара ача шәфалоит, шәыдгьыл аҿгьы ҭынч, акгьы шәацәымшәаӡакәа шәынхалоит. 6 Сара уи адгьыл аҿы аҭынчра шәысҭоит. Уахынла шәанышьҭало, ҭынч акгьы шәацәымшәаӡакәа шәыцәазаауеит. Шәыдгьыл аҟынтә агыгшәыгқәа ықәысцоит, аҳәа кны аӡә дақәларгьы зуӡом. 7 Шәара шәаӷацәа шәрышьҭашәарыцалоит, аҳәа алагьы иҭашәырхоит. 8 Шәара шәҟынтә хәҩык шәҩык ирышьҭашәарыцалоит, шәҩык жәанызқьҩык ирышьҭашәарыцалоит, шәаӷацәагьы аҳәа ала иҭашәырхоит.
9 Сара сышәзылԥхоит, ахшара рацәа шәысҭоит, шәареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭрагьы насыгӡоит. 10 Шәара ҵыԥхтәи аҽаҩра афара шәахьӡаӡом, ҿыц иҭажәгалаз аҽаҩразы аҭыԥ шәырхиарц азы ҵыԥхтәи аҽаҩра кашәыжьыр акәхоит. 11 Сара шәыбжьара иԥшьоу сқьала сыргылоит, мапгьы шәцәыскӡом. 12 Сара шәыбжьара сыҟазаауеит, Шәынцәагьы сакәзаауеит, шәаргьы сыжәлар шәакәзаауеит. 13 Сара уаҳа маҵуцәас шәыҟамзарц азы Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова соуп. Сара ишәхаз ауӷә хызжәеит, шәхы шьҭыхны шәныҟәалартәгьы шәҟасҵеит.
14 Аха шәысзымӡырҩлар, насгьы арҭ сыԥҟарақәа зегь шәрықәымныҟәалар, 15 сықәҵарақәа мап рцәышәкыр, сзакәанқәа шәцәымыӷхар, сыԥҟарақәа зегь нашәмыгӡалар, шәареи сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрагьы еилажәгар, 16 ишәзызуа абри ауп: сара арыцҳара шәақәсыршәоит — атуберкулиози алихорадкеи шәсырхьуеит, уи иахҟьаны шәылақәа ҭыгга шәҟалоит, шәымчгьы шәылӡаауеит. Шәара баша шәлаҵалоит, избанзар шәҽаҩра шәаӷацәа ирфоит. 17 Сара сышәҿагылоит, шәаӷацәагьы шәиааиуеит, шәызцәымӷқәоу шәдыргәаҟлоит, аӡәгьы даншәышьҭамгьы шәыбналалоит.
18 Убасҟангьы шәысзымӡырҩлар, шәыгәнаҳақәа рзы бжьынтә еиҳаны шәықәнага шәақәсыршәоит. 19 Сара шәԥагьареи шәҳәатәхамҵареи рҵыхәтәа ԥысҵәоит, шәыжәҩан аиха иеиԥшхартә иҟасҵоит, шәыдгьылгьы — абҩа. 20 Шәара баша шәхы шәырааԥсалоит, избанзар шәыдгьыл аҽаҩра шәнаҭаӡом, шәыҵлақәагьы ашәыр рҿалаӡом.
21 Уи ашьҭахьгьы шәара шәтәы иашәыргалар, шәагьысзымӡырҩлар, шәыгәнаҳақәа рзы бжьынтә еиҳаны шәықәнага шәақәсыршәоит. 22 Сара агыгшәыгқәа шәыжәлартә иҟасҵоит. Урҭ шәхәыҷқәа ндырҵәоит, шәырахәгьы ықәырхуеит, шәара шәмаҷхоит, шәымҩадуқәагьы ҭацәуеит.
23 Убасҟангьы шәысзымӡырҩӡакәа шәысҿагылар, 24 саргьы сышәҿагылоит, шәыгәнаҳақәа рзгьы бжьынтә шәықәнага шәақәсыршәоит. 25 Сара аҳәала шәыршьыртә иҟасҵоит, иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ахьеилажәгаз азгьы шәықәнага шәақәсыршәоит. Ақалақьқәа рҿы шәҽышәҵәахыр, ачымазара шәсырхьуеит, шәаӷацәагьы шәрысҭоит. 26 Иҵәахны ишәымоу ача* аншәымсырҵәалак, жәаҩык аҳәса ԥечкак аҿы ача рӡлоит, икапанынгьы иршалоит. Шәара акрышәфалоит, аха шәызхара ҟалаӡом.
27 Убри ашьҭахьгьы шәысзымӡырҩлар, шәагьысҿагылар, 28 саргьы сыԥсахы еибакны сышәҿагылоит, шәыгәнаҳақәа рзгьы бжьынтә шәықәнага шәақәсыршәоит. 29 Шәара шәԥацәеи шәыԥҳацәеи шәфалоит. 30 Сара ахәқәа рҿы ишәымоу аԥшьаҭыԥқәа ықәызгоит, афимиам зҭажәбылуа ԥыххааса иқәысҵоит, шәышьны ԥсы зхам шәидол хәымгақәа* шәрықәсыжьуеит, шәхәымгашьангьы наҟ сышәԥырҵуеит. 31 Сара шәықалақьқәа ԥыххааса иқәысҵоит, шәыԥшьаҭыԥқәа ҭасырцәуеит, шәкәырбанқәа рыфыҩқәагьы уаҳа сгәы иахәалаӡом. 32 Сара ари адгьыл ҭасырцәуеит, уи иқәынхало шәаӷацәагьы ирбо иаршанхоит. 33 Шәыԥсаҟьаны ажәларқәа шәрыласҵоит, аҳәа шьҭыхны ишәышьҭашәарыцалартә еиԥшгьы иҟасҵоит. Шәыдгьыл ҭацәуеит, шәықалақьқәагьы ықәыххоит.
34 Шәаӷацәа рыдгьыл аҿы шәахьынӡаҟазаауа ари адгьыл ҭацәны иҟазаауеит. Уи аԥсы ашьалоит, избанзар уаанӡа аԥсы ашьаӡомызт. 35 Урҭ амшқәа раан адгьыл аԥсы ашьалоит, избанзар шәара уа шәанынхоз, шәсабшақәа раан, уи аԥсы ашьаӡомызт.
36 Еиқәхо, насгьы заӷацәа рыдгьыл аҿы инхало ракәзар, ргәы ҭыԥсаауа иҟасҵоит. Аԥша иарҵысыз абӷьы абжьы анраҳалак, аҳәа кны ирышьҭоушәа, иҩны ицоит, иагькаҳауеит, аӡәгьы дышрышьҭамшәарыцогьы. 37 Дара аӡәгьы дышрышьҭамгьы, аҳәа кны ирышьҭоушәа иҩны ицоит, аӡәи-аӡәи еихҟьашангьы икаҳалоит. Шәара шәаӷацәа шәзырҿагылаӡом. 38 Шәара ажәларқәа рыбжьара шәҭахоит, шәаӷацәа рыдгьыл аҟынтә шәықәӡаауеит. 39 Иаанхо ракәзар, рыгәнаҳазы шәаӷацәа рыдгьыл аҿы ибаалоит. Дара рабацәа рыгәнаҳазы ибаалоит. 40 Усҟан еилыркаауеит рабацәагьы даргьы агәнаҳа шыҟарҵоз, еилыркаауеит сшырыԥсахуаз, насгьы ишысҿагылоз. 41 Убри аҟынтә саргьы сырҿагылеит, раӷацәа рыдгьыл ахьгьы изгеит.
Иҟалап усҟан ихсам* урҭ ргәы ҟәымшәышәхар, рыгәнаҳақәа рзгьы аҭак ҟарҵар. 42 Убасҟан сара исгәалашәоит Иакови сареи ҳаиқәшаҳаҭра, насгьы Исааки сареи ҳаиқәшаҳаҭра, иара убас исгәалашәоит Авраами сареи ҳаиқәшаҳаҭра, ари адгьылгьы сгәалашәоит. 43 Адгьыл ҭацәны иахьынӡаҟазаауа аԥсы ашьалоит, избанзар уаанӡа аԥсы ашьаӡомызт. Израильаа ракәзар, рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵоит, избанзар дара сзакәанқәа мап рцәыркит, сыԥҟарақәагьы рцәымӷхеит. 44 Аха урҭ раӷацәа рыдгьыл аҿы ианыҟало, зынӡагьы мап рцәыскӡом, иқәысхыртә еиԥшгьы исцәымӷхаӡом. Сара дареи сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра еилазгаӡом, избанзар Рынцәа Иегова соуп. 45 Урҭ раҳаҭыразы сара исгәалашәоит Рынцәа сакәзарц азы ажәларқәа зегь ишырбоз Египет иалызгаз рабацәеи рабдуцәеи сареи иҳабжьаз аиқәшаҳаҭра. Сара Иегова соуп“».
46 Ари Синаи ашьхаҿы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз ақәҵарақәеи, аԥҟарақәеи, азакәанқәеи роуп.