Алевит
8 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь иааг, иара убас ишьҭых амаҭәеи, иԥшьоу ахәшеи, агәнаҳазы кәырбанс инагатәу ацәи, ҩ-ҭыӷьки, арҵәыга злам ача зҭоу акаҵкәыри, 3 ажәларгьы ақьала аҩналарҭаҿы еизга».
4 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш иҟаиҵеит, ажәларгьы аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы еизеит. 5 Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Абар Иегова иҟаҳҵарц иҳадиҵаз». 6 Моисеи Ааро́н иԥацәеи иареи ааиган, рҽырыӡәӡәарц реиҳәеит. 7 Уи ашьҭахь иара Ааро́н иауз ахарԥ ишәиҵан, маҟала иҿеиҳәеит, нас амаӷрақәа змамыз аҵки аефо́ди ишәиҵан, аефо́д иацыз исны иҟаҵаз амаҟала аефо́д ибзианы идшәало иҿеиҳәеит. 8 Нас аефо́д аџьыба ақәиҵан, аури́ми атумми́ми ҭеиҵеит. 9 Уи ашьҭахь атиурбан ихеиҵан, атиурбан аԥхьа ахьы иалхыз, ицырцыруаз аҵәаҟьа* — иԥшьоу адырга* — аиркит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
10 Моисеи иԥшьоу ахәша аашьҭихын, иԥшьоу ақьалеи уа иҩнагылаз амаҭәарқәеи ирхьишьын, иԥшьеит. 11 Анаҩс иара акәырбаннагарҭа бжьынтә ахәша ақәирԥҟҟеит, нас акәырбаннагарҭеи, уи иацу амаҭәарқәеи, ачани, уи зықәдыргылои иԥшьарц азы ахәша рхьишьит. 12 Уи ашьҭахь иара иԥшьоу ахәша ахәҭак Ааро́н ихы иақәиҭәан, диԥшьарц азы ихьишьит.
13 Моисеи Ааро́н иԥацәагьы ааиган, иауз ахарԥқәа ршәиҵан, амаҟақәа рымӷеиҵеит, ахҭырԥақәагьы рхеиҵеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
14 Нас агәнаҳазы кәырбанс инаргоз ацә ааиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 15 Моисеи уи ишьын, ашьа инацәкьыс ала акәырбаннагарҭа атәыҩақәа зегьы ирхьишьит, убасала акәырбаннагарҭа агәнаҳа аҟынтә ирыцқьеит. Иаанхаз ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәеит, уи иԥшьарц азы, насгьы уа агәнаҳақәа рхыхразы акәырбанқәа наргаларц азы. 16 Уи ашьҭахь Моисеи аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҩҷаҷаки, урҭ ирықәу ашшеи аашьҭыхны акәырбаннагарҭаҿы иблит. 17 Иаанхаз зегьы — ацә ацәеи, акәаци, ауаци — алагер анҭыҵ иганы ирблит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
18 Анаҩс Моисеи ирбылуа акәырбан азы аҭыӷь неиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 19 Моисеи уи ишьын, ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит. 20 Иара аҭыӷь хәҭа-хәҭала еиҿихын, ахи, егьырҭ ахәҭақәеи, ашшеи* амца иақәиҵеит. 21 Иара арҳәарахи ашьапқәеи ӡыла иӡәӡәан, аҭыӷь зегь акәырбаннагарҭаҿы иблит. Ари Анцәа игәы иахәо* афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбануп, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
22 Анаҩс аҩбатәи аҭыӷь — аԥшьаҩцәа ралхразы инагатәыз аҭыӷь — ааиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 23 Моисеи уи ишьын, ашьа аашьҭыхны Ааро́н иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьит. 24 Нас Ааро́н иԥацәа ааиган, ашьа рарӷьа лымҳаҟатареи, рарӷьа нацәкьыс дуи, рарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьит, иаанхаз ашьа Моисеи акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит.
25 Анаҩс Моисеи ашшеи, акьаԥеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҩҷаҷаки, урҭ ирықәу ашшеи, арӷьа шьапи аашьҭихит. 26 Нас Иегова иҿаԥхьа игылаз арҵәыга зламыз ача зҭаз акаҵкәыр аҟынтә арҵәыга зламыз чарҳәыки, ахәша аҭаны иҟаҵаз чарҳәыки, мгьал ҟьаԥски аашьҭихын, инаганы ашшеи аҭыӷь арӷьа шьапи ирықәиҵеит. 27 Иара уи зегьы Ааро́н иԥацәеи иареи рнапы ианҵаны ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иҟьеит. 28 Нас иаарымихын, акәырбаннагарҭа иақәыз ирбылуа акәырбан иақәҵаны иблит. Ари аԥшьаҩцәа ралхразы инагаз Анцәа игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбануп.
29 Моисеи аҭыӷь агәышԥы аашьҭихын, ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иҟьеит. Уи аԥшьаҩцәа ралхразы кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә Моисеи иитәу хәҭоуп, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
30 Анаҩс Моисеи иԥшьоу ахәшеи акәырбаннагарҭаҿы иҟаз ашьеи аашьҭихын, Ааро́н имаҭәақәеи иареи, иара убас Ааро́н иԥацәа рымаҭәақәеи дареи ирықәирԥҟҟеит. Убасала иара Ааро́н имаҭәақәеи иареи, насгьы иԥацәа рымаҭәақәеи дареи иԥшьеит.
31 Моисеи Ааро́н иԥацәеи иареи ус реиҳәеит: «Акәац аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ишәжәы, нас аԥшьаҩцәа ралхраан рхы иадырхәо акаҵкәыр иҭоу ача иадкыланы убра ишәфа, „Ааро́н иԥацәеи иареи ирфааит“ ҳәа Анцәа ишсыдиҵаз еиԥш. 32 Акәаци ачеи рҟынтә ак аанхар, ижәблы. 33 Ԥшьаҩцәас шәалхра иазку амшқәа нҵәаанӡа бжьымш аиқәшәара ақьала аҩналарҭа шәаԥырымҵын, избанзар ԥшьаҩцәас шәалхразы бжьымш аҭаххоит. 34 Иахьа иҟаҳҵаз Иегова шәыгәнаҳа шәхыхразы иҟаҳҵарц ҳадиҵеит. 35 Бжьымш шәара уахи-ҽни аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы шәыҟазаауеит, Иегова иҿаԥхьа ишәыду аҭакԥхықәрақәагьы нашәыгӡалоит, шәымԥсырц азы, избанзар Анцәа убас сыдиҵеит».
36 Ааро́н иԥацәеи иареи Иегова Моисеи ила ирыдиҵаз зегь ҟарҵеит.