Алевит
18 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Сара Шәынцәа Иегова соуп. 3 Египет шәахьынхоз иҟарҵо ҟашәымҵалан, Ханаа́нҟа шәахьызгогьы уа инхо иҟарҵо ҟашәымҵалан, рҵасқәагьы шәрықәымныҟәалан. 4 Сзакәанқәа нашәыгӡала, сыԥҟарақәагьы шәрықәныҟәала. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 5 Сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи шәрықәныҟәала; урҭ назыгӡо, урҭ рыбзоурала дынхалоит. Сара Иегова соуп.
6 Шәара шәҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы иуа-иҭынха дицышьҭамлароуп. Сара Иегова соуп. 7 Уицышьҭамлан уаб, улыцышьҭамлан уан. Уи уан лоуп, уара уи улыцышьҭалар ҟалаӡом.
8 Улыцышьҭамлан уаб иԥҳәыс. Уи уаб ахьымӡӷ инаргоит.
9 Улыцышьҭамлан уаҳәшьа, уи уаб иԥҳа лакәзаргьы, уан лыԥҳа лакәзаргьы, лара уахьиз аҩнаҿы дизаргьы, даҽа ҩнык аҿы дизаргьы.
10 Улыцышьҭамлан уҷкәын иԥҳа, мамзаргьы уԥҳа лыԥҳа, избанзар уи уара узы ихьымӡӷуп.
11 Улыцышьҭамлан уаб иԥҳәыс лыԥҳа, уи уаб дихылҵзар, избанзар уи уаҳәшьа лоуп.
12 Улыцышьҭамлан уаб иаҳәшьа, избанзар уи уаб иуа гәакьа лоуп.
13 Улыцышьҭамлан уан лаҳәшьа, избанзар уи уан лыуа гәакьа лоуп.
14 Уаб иашьа иԥҳәыс улыцышьҭаланы, уаб иашьа ипату лаумырҟәын, уи уаб иашьа иԥҳәыс лоуп.
15 Улыцышьҭамлан уҭаца. Лара уҷкәын иԥҳәыс лоуп. Уара уи улыцышьҭалар ҟалаӡом.
16 Улыцышьҭамлан уашьа иԥҳәыс, избанзар уи уашьа ахьымӡӷ инаргоит.
17 Урыцышьҭамлан аԥҳәысгьы уи аԥҳәыс лыԥҳагьы, мамзаргьы уи лыҷкәын иԥҳагьы ма лыԥҳа лыԥҳагьы. Урҭ лыуа гәакьацәа роуп. Уи ламысдароуп*.
18 Уԥҳәыс лыԥсы ҭанаҵы лаҳәшьа ԥҳәысс думган, уагьлыцышьҭамлан, избанзар урҭ еиҵашьыцуа иалагоит.
19 Улыцышьҭамлан аԥҳәыс даныцқьам, аменструациа анлымоу.
20 Улыцышьҭамлан иузааигәоу иԥҳәыс, уи уцқьамкәа уҟанаҵоит.
21 Ухәыҷқәа рҟынтә аӡәгьы Моло́х диумҭан*, убасала Унцәа ихьӡ умырцәгьан. Сара Иегова соуп.
22 Аԥҳәыс ушлыцышьҭало еиԥш ахаҵа уицышьҭамлан. Уи хәымгароуп.
23 Ахаҵа арахә дырзымнеилароуп, мамзар дыцқьамкәа дҟалоит. Аԥҳәысгьы арахә дырзымнеилароуп. Анцәа ус имшаӡеит.
24 Абарҭқәа зегь рыла шәыҽхәымгашәымтәын, избанзар наҟ иқәысцо ажәларқәа арҭ ахәымгарақәа рыла рыҽдырхәымгеит, 25 уи адгьылгьы цқьамкәа иҟалеит. Убри аҟынтә уа инхо рыгәнаҳазы рықәнага иақәсыршәоит, иагьықәызгоит. 26 Аха шәара сыԥҟарақәа нашәыгӡала, сзакәанқәагьы шәрықәныҟәала, арҭ ахәымгарақәагьы ҟашәымҵалан — шәаргьы, ишәыланхо атәымтәылауаагьы. 27 Арҭ ахәымгарақәа шәара шәаанӡа ари адгьыл аҿы инхоз ауаа иҟарҵон, уи иахҟьаны адгьыл цқьамкәа иҟалеит. 28 Убасҟан уи адгьыл хәымгазтәуа реиԥш ахара шәыдлаӡом, шәагьықәгахаӡом, уа иқәынхо ажәларқәа шықәгахо еиԥш. 29 Арҭ ахәымгарақәа ҟазҵо дарбанзаалак дышьтәхоит. 30 Сара шәысзыӡырҩла, насгьы шәара шәаанӡа ара инхоз ажәларқәа инарыгӡоз аҵас хәымгақәа нашәмыгӡалан, шәыҽхәымгашәымтәырц азы. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».