Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ишԥалагеи аԥсҭазаара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 3. Излеиԥшми ауааи аԥстәқәеи?

      Иегова адгьыл аниша ашьҭахь, уа аԥсҭазаарагьы ишеит. Раԥхьа иара аҵиаақәеи аԥстәқәеи ишеит. Анаҩс «Анцәа ауаҩы дишеит иара диеиԥшны». (Шәаԥхьа Аҟазаара 1:27.) Дызларылукаауазеи ауаҩы аԥстәқәа? Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, убри аҟынтә иара илоу абзиабареи аиашареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ааҳарԥшлар ҳалшоит. Иара убас Иегова алшара ҳалеиҵеит абызшәақәа ҳҵаларц, аԥшӡара ҳалагәырӷьаларц, насгьы амузыка агәахәара ҳзаанагаларц. Ауаҩы аԥстәқәа ирымам алшара имоуп. Иара илшоит дызшаз Анцәа бзиа ибара, насгьы ҳаҭыр иқәҵара.

  • Ишԥалагеи аԥсҭазаара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Абиблиа зегь шшаз иазкны иаҳәо агәра агара иаԥсоуп

      Абиблиаҿы, Аҟазаара 1-тәи ахаҿы, иҳәоуп аԥсҭазаара шыҟалаз. Агәра агара иаԥсоума уа иҳәоу, мамзаргьы уи хыҭҳәаау? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Ишазма Адунеи?» (ацыԥҵәаха) (3:51)

      Авидеонҵамҭа «Ишазма Адунеи?» аҟынтә асахьақәа: 1) ауаҩы ихәаԥшышьала «фымш» рыла ишаз адунеи асхема; 2) Адгьыл афбатәи «амш» ашьҭахь: иубарҭоуп амра, адгьыл, аӡҭачқәа, аҵиаақәа, аԥсаатәқәа, аԥстәқәа, ауаа.
      • Иаҳәома Абиблиа адгьыли аԥсҭазаареи фымш рылаҵәҟьа ишан ҳәа?

      • Шәгәы ишԥаанаго, Абиблиа зегь шшаз иазкны иаҳәо иашоума? Избан ус шәгәы изаанаго?

      Шәаԥхьа Аҟазаара 1:1, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Аҵарауаа ирҳәоит адунеи алагамҭа аман ҳәа. Еиқәшәома урҭ ирҳәои уажәы Абиблиаҿы шәзыԥхьази? Избан ус зышәҳәо?

      Шьоукы ргәы иаанагоит Анцәа аеволиуциа ацхыраарала аԥсҭазааратә формақәа ишеит ҳәа. Шәаԥхьа Аҟазаара 1:21, 25, 27, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иаҳнарҵома Абиблиа Анцәа раԥхьа имариоу аԥсҭазааратә формақәа ишеит, нас урҭ рҟынтә аԥсыӡқәеи, аԥстәқәеи, ауааи ҟалеит ҳәа? Мамзаргьы иара аханатә зегь рыхкы ишоу?

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра