Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахә ҳаракны иушьома уара аԥсҭазаара Анцәа иеиԥш?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
    • 5, 6. Ишԥаныԥшуаз Моисеи изакәан ашьа шыԥшьаз, насгьы ахә шыҳаракыз? (Уахәаԥш иара убас арамка «Аԥстәқәа рыԥсҭазаара пату ақәҵара».)

      5 Ихадароу арҭ ҩ-ҵабырграк Моисеи изакәан ианыԥшуан. Абас Алевит 17:10, 11 рҟны иануп: «Дарбанзалак... ашьа ифо далагар, сара ашьа зфо сиҿагылоит, насгьы ижәлар рҟынтәи дықәысхуеит. Ацәеижь аԥсы ашьа иалоуп, уи сара аԥсаҭатә нагарҭазы иалсхит, шәара шәыԥсқәа алаҿышәхларц азы, насгьы иара ашьа ауп аҿыхра алзыршо, избанзар уи аԥсы алоуп»a. (Уахәаԥш арамка «Ашьа иалоу аҿыхратә мчы».)

      АШЬА ИАЛОУ АҾЫХРАТӘ МЧЫ

      Анцәа Иажәаҿы ашьа аԥсҭазаара иаҟаратәны аӡбахә ҳәоуп. Убри аҟынтә ажәытәтәи Израил Иегова иԥҟарақәа еилазгаз, аха зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ауаҩы ақәыӡбара иҽацәихьчарц азы, Анцәа иԥсаҭатәнагарҭахь аԥстәы неигар илшон (Алевит 4:27—31). Ари аԥсаҭатә игәнаҳақәа хнаҩон, аха уи аамҭалатәиин.

      Абиблиаҿы ажәа «аҿыхра» иаанарԥшуеит «аиҭныԥсахлара», ма «ахҩара», чысмаҭәак ахҩа иара иазыбзиахар шакәу еиԥшҵәҟьа. Ҳәарада, иарбанԥстәызаалак иалшаӡомызт инагӡаны ауаҩы игәнаҳақәа «рыхҩара», рҿыхра. Аха ԥсаҭатәыс инаргоз аԥстәқәа аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз, инаӡоу аҿыхратә ԥсхҭынҵара иашәшьыран (Ауриацәа 10:1, 4).

      Ари аҿыхра алыршан «Иисус Христос ицәеижь зныктәи ахҭыс ала — ахақәҵарала» (Ауриацәа 10:10). Инаӡоу Христос иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара «акырӡа иаԥсоу... ишьала, шәытарак, грак змамыз асыс-ӡатә ала» иаарԥшу, Адам ицәыӡыз аԥсҭазаара иақәшәон (1 Пиотр 1:19). Абас заманала, бзиабарала аиаша шьақәыргылан, ҳаргьы «наӡаӡатәи ҳҿыхра» алыршахеит (Ауриацәа 9:11, 12; Иоанн 3:16; Аатра 7:14).

  • Ахә ҳаракны иушьома уара аԥсҭазаара Анцәа иеиԥш?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
    • a Анцәа иҳәамҭа «ацәеижь аԥсы ашьа иалоуп» азы, ажурнал «Саиентифик америкен» аҟны иазгәаҭан: «Инықәырԥшу аҵакы ааныжьны, ишыҟаҵәҟьоу еилаҳкаауазар, уи иашоуп: аԥсҭазаара азы иаҭахуп ашьатә хацқәа рыхкқәа зегьы».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра