Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Амаалықьцәа ирызку аиаша
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Адемонцәа ирыдҳәалоу амаҭәарқәа: аԥшразы рхы иадырхәо аӷәы, аԥшразы рхы иадырхәо асаркьа иалху, икәымпылу амаҭәар, авампирцәа ирызку ашәҟәы, амацақәа таро, акьанџьақәа вуду, аԥшразы рхы иадырхәо афҩы змоу алабыҵәқәа, амулетқәеи аталисманқәеи.

      5. Адемонцәа ирыдҳәалоу зегь шәҽацәышәыхьчала

      Аҩсҭааи адемонцәеи Иегова иаӷацәа роуп, урҭ ҳаргьы иҳаӷоуп. Шәаԥхьа Лука 9:38—42, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥарызныҟәо адемонцәа ауаа?

      Ҳара адемонцәа ҳааигәара иааҳашьҭыр ҳҭахӡам. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иҟарҵозеи адемонцәа, иаҳԥырхагахарц, насгьы рыҽҳадырҳәаларц азы? Иарбан ҵасқәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу?

      • Иегова адемонцәа ирыдҳәалоу зегь ҳҽацәаҳахьчаларц ахьиҭаху иашоуп ҳәа шәыԥхьаӡома? Избан?

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аџьныш шәиҿагыл» (5:02)

      • Шәгәы ишԥаанаго, ирԥырхагахар алшозма Палеса лыԥҳа лнапы иахалҵаз амулет? Избан?

      • Иҟалҵар лыхәҭази Палеса, адемонцәа рҟынтә лхы лыхьчарц азы?

      Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа адемонцәеи дареи еицырзеилоу ҳәа акгьы рымаӡам. Шәаԥхьа Аусқәа 19:19, насгьы 1 Коринфаа 10:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Избан адемонцәа ирыдҳәалоу зегь ықәаҳгар зҳахәҭоу?

      Аԥҳәыс адемонцәа ирыдҳәалоу амаҭәарқәа ықәылгоит, лара урҭ лбылуеит.
  • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 2. Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу ирызку аиаша ахьаҳдыруа?

      Аӡәырҩы ауаа аԥсра иацәшәоит, иԥсхьоу ауаагьы ирыцәшәоит! Аха Абиблиа аԥсра иазкны иаҳәо шәгәы арҭынчыр алшоит. Иисус иҳәеит: «Аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Динхаҵарақәак ирҳәоит ауаҩы дыԥсыргьы, иԥсы нхоит ҳәа. Аха Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам. Иԥсыз гәаҟӡом. Уи адагьы, дара акгьы рыздырӡом, убри аҟынтә цәгьарак ҳзура рылшаӡом. Убри азоуп иԥсхьоу рымаҵ ауреи, ргәы аҟаҵареи, дара рзы Анцәа иҳәареи заҭахым.

      Шьоукы ирҳәоит аԥсцәа ирацәажәоит ҳәа. Аха уи ҟалашьа амаӡам. Ишеилаҳкааз еиԥш, иԥсхьоу акгьы рыздырӡом. Иԥсхьоу ирацәажәоит ҳәа згәы иаанаго ииашаҵәҟьаны изацәажәо иԥсыз ауаа ракәушәа зхы аазырԥшуа адемонцәа ракәзар ауеит. Ишаҳбо ала, иԥсхьоу ирызку аиаша адемонцәа рҟынтә ҳахьчоит. Иегова урҭ ҳарцәихьчарц иҭахуп, убри азоуп иԥсхьоу рацәажәара ҳашьҭамзарц зҳаиҳәо. Иара идыруеит адемонцәа рыҽрыдҳәалара даараӡа ишшәарҭоу. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10—12.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра