-
Ишԥанагӡалатәу аҩнтәи аусқәа?Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
-
-
16, 17. а) Иарбан ԥҟароу Иегова ишьақәиргылаз, израильаа чымазарақәак рҟнытә изыхьчоз? б) Ишԥалшо аҩнқәа зегьы рҟны ахархәара Ҩынтәзакәан 23:12, 13 аҟны иану аԥҟара шьаҭас измоу апринцип?
16 Ҳахәаԥшып даҽа ҿырԥштәык. Израильаа Анцәа имҵахырхәара, насгьы дара есымшатәи рыԥсҭазаара еиҿкаазарц, 3 500-ҟа шықәса раԥхьа Анцәа изакәан риҭеит. Азакәан ишьақәнаргылон ацқьара иазку ихадоу ԥҟарақәак, уи ажәлар ирыцхраауан ачымазарақәа рҽырцәыхьчара. Урҭ рҟынтә ԥҟарак адҳәалан ауаҩы имцқьарақәа рықәгара. Ауаа ахьынхо аҭыԥ рымҟьашьырц азы, амцқьарақәа алагер анҭыҵ иржыр акәын (Ҩынтәзакәан 23:12, 13). Ари акрызхыҵуа аԥҟара иахьагьы ихәарҭоуп. Иахьагьы ауаа чмазаҩхоит, иагьԥсуеит ари аԥҟара иахьықәымныҟәо азы.a
-
-
Ишԥанагӡалатәу аҩнтәи аусқәа?Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
-
-
a Зегь ирылаҵәоу, насгьы асабицәа аԥсраҟынӡа иназгар зылшо, амгәахь чымазара ишаиааитәу зҳәо адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аорганизациа адгалараҿы иануп: «Ашьашьмаҭра ыҟамзар: адәахьацара ахәҭоуп аҩны, насгьы ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыԥ иазааигәамкәа; аӡыржәтә ахьынтәаауа 10 метрак иадамзаргьы иацәыхараны; амцқьарақәа жлатәуп».
-