-
«Бара бахьцо саргьы сцоит»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
23. Дзызхәыцуази Руфь, насгьы иарбан Азакәан ианыз қәҵарақәоу ауаа ӷарқәа ирыцхраауаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
23 Вифлеемҟа данааи, Руфь азхәыцра далагеит ланхәеи лареи рхы зланыҟәыргаша. Лара еилылкааит Иегова иуаажәлар Израиль ириҭаз Азакәан қәҵарас ишамаз иӷарыз ауаа рыцхраара. Ҭагалараан иӷарыз ауаа ирыман азин ачахҳәаҵәқәа еизызгоз рышьҭа ихыланы еизыргаларцb (Алев. 19:9, 10; Ҩынтә. 24:19—21).
24, 25. Иҟалҵазеи Руфь илызгәамҭаӡакәа Вооз имхурсҭахьы даннанага, насгьы иуадаҩызма иаанрыжьуаз ачахҳәаҵәқәа реизгара?
24 Усҟан ачаԥшь аҭагалара иаамҭан, иҟалап иахьатәи амзар ала уи апрель акәзар. Руфь дцеит ачахҳәаҵәқәа реизгара азин ахьлырҭо амхурсҭа аԥшаара. Илызгәамҭаӡакәа лара днанагеит ауаҩ беиа Вооз имхурсҭахьы, уи Ноеминь иԥсхьаз лхаҵа Елимелех иуа иакәын. Азакәан азин лнаҭон ачахҳәаҵәқәа реизгара, аха лара уеизгьы аусуҩцәа ирхылаԥшуаз иахь днеины диҳәоит азин лиҭарц уи амхурсҭаҿы аусура. Уи азин анлиҭа ашьҭахь ауп Руфь аусура даналага (Руфь 1:22—2:3, 7).
-
-
«Бара бахьцо саргьы сцоит»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
b Ҳәарада, ари зеиԥшыҟам закәанын, Руфь лыԥсадгьыл аҿы иҟамызт уи аҩыза. Ажәытәан Ааигәатә Мрагылараҿы аҳәса еибацәа тәамбашақә ирызныҟәон. Еилыркаагатә ҭыжьымҭак аҿы иаҳәоит: «Зхаҵа дыԥсыз аԥҳәысеиба, ишаԥыз еиԥш, лԥацәа дырхьыԥшын. Аԥацәа лымамызҭгьы, лара лхы тәыс илҭиир, ма акаҳԥра далагар, мамзаргьы дыԥсыр акәхон».
-