-
«Иуҳәаз ажәа нагӡа»Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | апрель
-
-
7. а) Иарбан ҿаҭахьоу Анна Анцәа илҭаз, избан ус еиԥш иҟаз аҿаҭахьа зилҭаз, насгьы ишԥаҟаиҵеи Анцәа лыҳәара аҭак? б) Иаанагози Анна лҿаҭахьа Самуил изы? (Шәахәаԥш албаага.)
7 Аннагьы Иегова илҭаз аҿаҭахьа налыгӡеит. Анна дзыргәаҟуаз ҩ-ҭагылазаашьак ыҟан: ахшара длоуамызт, насгьы Феннана уи лгәы дахаԥылжәон (1 Сам. 1:4—7, 10, 16). Анна лгәы иҭаз зегьы Анцәа изеиҭалҳәеит, насгьы дқәит: «Иегова, ар реиҳабы, умаҵзуҩы лгәаҟрақәа убар, сугәалашәар, умаҵзуҩы духоумыршҭыр, насгьы аԥа длуҭар, иԥсы ҭанаҵы Иегова дисҭоит, адалақьгьы ихы иқәыршьуам» (1 Сам. 1:11)a. Анцәа Анна лыҳәара аҭак ҟаиҵеит — лара аԥа длоуит. Уи лгәырӷьара ҳәаа амамызт! Аха уеизгьы, лара Анцәа илҭаз аҿаҭахьа лхамышҭӡеит. Аԥа данлоу ашьҭахь, ус лҳәеит: «Сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова сыззиҳәаз сиҭеит» (1 Сам. 1:20).
-
-
«Иуҳәаз ажәа нагӡа»Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | апрель
-
-
a Анна Анцәа ажәа илҭеит аԥа длоур, иԥсы ахьынӡаҭоу назореис дшыҟазаауа — иара Иегова иԥшьоу имаҵ аура дазкызаауеит (Ахыԥхь. 6:2, 5, 8).
-