-
Лара аҟәышра аалырԥшуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
9, 10. а) Иарбан уадаҩрақәаз Давид ируааи иареи ирхыргоз? б) Избан Навал ахә ҳаракны ишьар зихәҭаз Давид ируааи иареи изыҟарҵаз? (Шәахәаԥш иара убас 10-тәи абзац ахь албаага.)
9 Навал Маон дынхон, аха Кармил азааигәара аус иуан, иҟалап иара уа ихатәы дгьылқәа имазҭгьы. Урҭ ақалақьқәа рзааигәара иҟан Навал имаз 3 000-хы ауасақәа ирызхашаз аҳаскьын ахьықәиаауаз ашьхаҳәырҭақәа. Уи адгьыл абжеиҳара акгьы ықәиааӡомызт. Алада ишьҭан ҳәаа змамыз ацәҳәыра Фаран. Мрагылараҟа Амшын ҵаа́ ахь амҩа ацәҳәыра иалган, уа иҟан агәаҩарақәеи ирацәаны аҳаԥқәеи. Арҭ аҭыԥқәа рҿы акәын Давид ицыз ауаа иманы иҽахьиҵәахуаз. Иҟалап дара ирцәыцәгьазҭгьы ирфашаз аԥшаара, насгьы изықәшәоз ауадаҩрақәа рыхгара. Лассы-лассы дара амал змаз Навал иҿы аус зуаз ахьчацәа рԥылон.
-
-
Лара аҟәышра аалырԥшуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
a Излаҳбо ала, Давид аҭыԥантәи адгьылмпыҵакыҩцәеи урҭ ргәарҭеи анихьчоз, Анцәа имаҵ иуеит ҳәа иԥхьаӡон. Усҟан ари адгьыл, Иегова ишиҳәаз еиԥш, Авраами, Исааки, Иакови рхылҵшьҭрақәа иртәын, убри азы атәымтәылауааи арҳәцәеи рҟынтә уи ахьчара иԥшьоу маҵзураны иԥхьаӡан.
-