Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • 15, 16. а) Ишԥалныри Анна Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьалахь дааны, лгәы иҭоу аартны Анцәа дахьиҳәоз? б) Иԥшаҳалшо ҳара Анна лҿыԥшра, ибааԥсу ацәаныррақәа рҿагылараҿы?

      15 Ишԥалныри Анна Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьалахь дааны, лгәы иҭоу аартны Анцәа дахьиҳәоз? Абиблиаҿы иануп: «[Анна] лымҩа днықәлеит. Акрыфара далагеит, лылахьгьы уаҳа еиқәымызт» (1 Сам. 1:18). Анна лгәы ҭынчхеит. Даҽакала иуҳәозар, лара лымч зқәымхоз, дызҵаз ахьанҭара зегьзылшо, зымч ҳәаа амам жәҩантәи Аб инапы ианылҵеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 54:23 [55:22, АдҾ].) Уи илымшо ҳәа акрыҟоума? Мап! Ахаан иҟамызт, иагьыҟалом.

      16 Ҳара акы ҳанаргәаҟуа, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, ма рыцҳарак ҳанақәшәо, иҟәыӷарахоит Анна лҿырԥшы ҳақәныҟәаны, гәаартыла ҳиацәажәар Абиблиаҿы «а́ҳәарақәа Ирзыӡырҩуа» ҳәа зыӡбахә ану (Аԥсал. 64:3 [65:2, АдҾ]). Ҳара агәрахаҵара аарԥшны Иегова ҳиҳәозар, ҳалахьеиқәҵара аҭыԥан иҳауеит «иҳамоу адыррақәа ираԥызго» Анцәа иҭынчра (Флп. 4:6, 7).

  • Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • 18 Ианбеилылкааи Феннана Анна лыргәаара уаҳа ишлылымшо? Абиблиа уи иазкны акгьы аҳәаӡом, аха ажәақәа «лылахьгьы уаҳа еиқәымызт» иҳаилнаркаауеит уи ашьҭахь Анна лгәалаҟазаара шеиӷьхаз. Ишыҟазаалакгьы, Феннана иаарласны игәалҭоит лара лхымҩаԥгашьа бааԥс Анна хьаас ишылкым. Уи нахыс Феннана лыхьӡ Абиблиаҿы џьаргьы иаҳәаӡом.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра