Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • Илиа иӡбеит ахынраалара аарԥшны Иегова дизыԥшырц. Анцәа Елисеи алшара ииҭазҭгьы зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дышгахо абара, уи иаанагон иара дыззыҳәоз аҭак иоуит ҳәа. Абар, арҭ еизааигәоу аҩызцәа «амҩан еицәажәо ишцоз», иџьоушьаша ак ҟалеит! (2 Аҳцәа 2:10, 11).

      Илиеи Елисеи реиҩызара рҩыџьагьы ирыхәеит аамҭа цәгьақәа рыхгара

      Уамашәа иубаша лашарак ажәҩан арлашеит, уи ааигәахацыԥхьаӡа еиҳагьы икаҷҷон. Аԥша ӷәӷәа ашәышәбжьы ацны асра иалагеит. Илиеи Елисеии уамашәа иубаша лашарак рықәыԥхеит, насгьы дара еиҟәнагеит. Иҟалап дара ирбаз иаршанхазар, избанзар уи илашоз амцатә ҽыуардын иеиԥшын. Илиа еиликааит иара изы ишааз. Дақәтәама иара аҽыуардын? Абиблиа уи аганахьала акгьы аҳәаӡом. Ишакәзаалакгьы, иара инырит аҩада дышхалоз, аԥшатлакә аԥҭақәа рахь дшагоз!

  • Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • Дабацеи Илиа анаҩс? Динхаҵарақәак ирҳәоит иара Анцәа дицҟазарц азы ажәҩан ахь дган ҳәа. Аха уи ҟалашьа амамызт. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус Христос иҳәеит иара иаԥхьа аӡәгьы ажәҩан ахь дшымцацыз (Иоанн 3:13). Убри азоуп «аԥшатлакә Илиа ажәҩан ахь дагеит» ҳәа ҳанаԥхьо, иарбан жәҩану зыӡбахә ҳәоу аилкаара заҭаху (2 Аҳцәа 2:11). Абиблиаҿы ажәа «ажәҩан» иаанагаӡом Иегова дахьынхо аҭыԥ мацара, аха аԥҭақәа ахьыҟоу, насгьы аԥсаатәқәа ахьыԥыруагьы уахь иаҵанакуеит (Аԥсалом 147:8). Уахь акәын Илиа дахьхагалаз. Нас ихьзеи иара анаҩс?

      Иегова изиашан иҟаз аԥааимбар ааигәа иҟаз Иудатәи аҳрахь диаигеит, насгьы адҵа ҿыц ииҭеит. Абиблиаҿы иануп бжьышықәса раҟара анҵы ашьҭахьгьы Илиа ԥааимбарс амаҵ шиуц иуан ҳәа. Уи аамҭазы Иуда напхгара ҟаиҵон ицәгьоу аҳ Иорам. Иара ԥҳәысс дигеит Ахави Иезавели рыԥҳа. Ус анакәха, урҭ анаҩсгьы Анцәа иуаажәлар анырра бааԥс рырҭон! Иегова Илиа идиҵеит аҳ иахь ақәыӡбара зныз асаламшәҟәы иҩырц. Аԥааимбар ишиҳәаз еиԥш, Иорам дгәаҟны дыԥсит. Уи адагьы, Абиблиаҿы иануп иара «иԥсра аӡәгьы игәы иалымсӡеит» ҳәа (2 Ашықәсынҵа 21:12—20).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра