-
Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
Ашьаура иашьҭаз Охозиа 50-ҩык аибашьцәа аиҳабы дрыцҵаны Илиа дыркырц азы ишьҭит. Урҭ реиҳабы «ашьха ақәцәан итәаз»a аԥааимбар даниба, диқәымчны аҳ ихьӡала иҳәеит: «Улбаа!», уи иара изы аԥсра акәын иаанагоз. Арҭ ауаа ирдыруан Илиа «иҵабыргу Анцәа иҟынтә ауаҩы» шиакәыз, аха уи ус шакәызгьы, дара ихыччон, насгьы ддыршәон. Шаҟа ииашамзи урҭ! Илиа аибашьцәа реиҳабы иеиҳәеит: «Сара Анцәа иуаҩ сакәзар, ажәҩан аҟынтә амца лбааны иуцу ҩынҩажәижәабаҩык ауааи уареи шәықәнагааит». Усҟан Иегова иаамҭа ааит: ажәҩан аҟынтә амца лбааны ҩынҩажәижәабаҩык аруааи реиҳаби ықәнагеит (2 Аҳцәа 1:9, 10). Ари ахҭыс иаҳнарбоит Иегова иара имаҵзуҩцәа тәамбарала, насгьы патуқәымҵарала ианрызныҟәо, уи ус баша ишаанимыжьуа (1 Ашықәсынҵа 16:21, 22).
-
-
Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
Ицхраазеи Илиа агәҭынчра ахьчара, иааикәыршаны ауаа цәгьақәа шыҟазгьы? Ҳәарада, ҳара зегьы иаҳҭахын ари азҵаара аҭак ҳаурц. Шәгәы каҳахьома шәара зныкыр, ишәзааигәоу ауаҩы иҟәыӷоу алабжьара дазымӡырҩӡакәа, ииашам амҩа ахьалихыз азы? Ишԥашәылшо агәкаҳара аиааира? Иаҳгәалаҳаршәап аибашьцәа Илиа иахь ианнеи, иара дахьыҟаз. Уи «ашьха ақәцәан» дықәтәан. Ҳара иҳаздырӡом иара уахь дназгаз, иҟалап уи анцәаиҳәара ахә ҳаракны иахьишьоз аҟынтә, бзиа иибоз Анцәа диацәажәарц азы иҭынчу аҭыԥ алихзар (Иаков 5:16—18). Илиа иеиԥш ҳаргьы иҳалшоит Анцәа иацәажәаразы еснагь аамҭа алҳхлар, ихьӡ ҳәаны иара иахь ҳхы ҳархалар, насгьы иҳамоу ауадаҩрақәа иара изеиҭаҳҳәалар. Уи ҳацхраауеит ҳгәы каҳмыжьларц, иааҳакәыршаны иҟоу ауаа хшыҩдарала рхы анымҩаԥырго, насгьы рхы шҭадырхо анаҳбо.
-
-
Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
a Абиблиа аҭҵааҩцәа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит ара зыӡбахә ҳәоу ашьха Кармил ауп ҳәа. Уа шықәсқәак раԥхьа Иегова Илиа амч ииҭеит Ваал иԥааимбарцәа дыриааирц азы. Аха Абиблиаҿы иаартны ианӡам иарбан шьхаз уи.
-