-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
19. Иҟаиҵарц игәы иҭази Аман, насгьы ишԥаиоуи аҳ иҟынтә азин?
19 Уи Аман иԥсахы еибанаркит! Иара Мардохеи мацара ишьра маҷызшәа инарбеит. Иара иҭаххеит уи ижәлар зегь рнырҵәара! Аҳ дахьиацәажәоз иара аиудеиаа даара иҽеимкәа дрыхцәажәеит. Зыӡбахә имоу мҳәакәа, Аман аиудеиаа — усҟак ихадам, «иԥсаҟьаны егьырҭ ажәларқәа ирыланхо, аха хазы инхо» жәларуп ҳәа иеиҳәеит. Насгьы инациҵеит дара аҳ изакәанқәа ишрықәымныҟәо, убри азы аимпериа ашәарҭара ишҭадыргыло. Аман иудеиаа рықәхразы инырхуа аԥара хызҩаша аҳратә хазынаҭрахь иациҵартә идигалеитd. Убасҟан Ахашверош Аман ииҭеит иарбанзаалак аусԥҟа злашьақәирӷәӷәоз амҳәыр змаз аҳратә мацәаз (Есф. 3:5—10).
-
-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
d Аман идигалеит 10 000 араӡнытә талантқәа — иахьатәи ԥарала иуԥхьаӡозар, шә-миллионла адолларқәа. Ахашверош — уи Ксеркс I иакәзар, усҟан аԥара иара изы аргумент бзиан, избанзар акыраамҭа игәы иҭакны имаз абырзенцәа рабашьра аԥара ду аҭахын, аха аҵыхәтәаны урҭ рабашьраҿы даҵахеит.
-