Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | ииун
    • Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам

      «Уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп, уара иу́ҳәо зегь рахь гәыкала иааурԥшуа абзиабара дуӡӡоуп» (АԤСАЛ. 86:5).

  • Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | ииун
    • ИЕГОВА ҲАНАЖЬРА ДАЗХИОУП

      4. Иабантәиаадыруеи Иегова ҳагәнаҳақәа гәыкала ишҳанаижьуа?

      4 Абиблиаҿы иануп Иегова ҳагәнаҳақәа гәыкала ишҳанаижьуа. Анцәа Синаитәи ашьхаҿы, амаалықь ила Моисеи даниацәажәоз, ихазы абас иҳәеит: «Иегова, Иегова, арыцҳашьара злоу, згәы ҭбаау, ачҳара злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп. Иара зықьҩыла ауаа рахь гәыкала абзиабара ааирԥшуеит, агхеи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи ранаижьуеит» (Ақәҵ. 34:6, 7). Иегова ақьиареи арыцҳашьареи злоу Нцәоуп. Иара зыгәнаҳа иахьхәуа ауаҩы ианажьра еснагь дазхиоуп (Неем. 9:17; Аԥсал. 86:15).

      Иегова ибзианы идыруеит ҳхаҭара шьақәзыргылаз ҳзықәшәоз ахҭысқәа. (Шәахәаԥш абзац 5.)

      5. Игәы зызҭанаҵозеи Иегова ибзианы ҳахьидыруа, Аԥсалом 103:13, 14 иану инақәыршәаны?

      5 Иегова ҳаишеит, убри аҟынтә ибзианы ҳаидыруеит. Шәазхәыц, иара адгьыл иқәынхо ауаа зегьы аӡәаӡәала ибзианы идыруеит! (Аԥсал. 139:15—17). Убри аҟынтә иара ҳара ҳахь шьҭрала ииасыз анамӡара ибоит. Уи адагьы ҳхаҭара шьақәзыргылаз, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәоз ахҭысқәа зегьы идыруеит. Игәы зызҭанаҵозеи Иегова уи зегь ахьидыруа? Ҳрыцҳашьара (Аԥсал. 78:39; шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14).

      6. Ишԥаҳирбеи Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра дшазхиоу?

      6 Иегова иаҳирбеит ҳанажьра дшазхиоу. Иара еиликаауеит раԥхьатәи ауаҩы, Адам, ихҟьаны ҳара зегьы агәнаҳа ҳшаҵалаз, насгьы ҳшыԥсуа (Рим. 5:12). Ҳамацара агәнаҳа аҟынтә ҳхы ҳазҿыхӡом (Аԥсал. 49:7—9). Аха бзиа ҳазбо Анцәа ҳрыцҳашьаны дҳацхраарц иӡбеит. Ишԥа? Иоанн 3:16 аҿы иануп Иегова Иԥазаҵә иԥсҭазаара шҳахҭниҵаз (Матф. 20:28; Рим. 5:19). Даҽакала иуҳәозар, Иисус ҳара ҳҭыԥан дыԥсит (Аур. 2:9). Убри аҟынтә иара дхазҵо зегьы агәнаҳеи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра роур рылшоит. Ухаҿы иузаагом Иегова Иԥа дышгәаҟуаз анибоз шаҟа игәы ихьуаз. Иара дыргәаҟны, дларҟәны дыршьит. Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра иҭахымызҭгьы, Иԥа дыԥсырц азы адгьыл ахь дааишьҭӡомызт.

      7. Иарбан Абиблиаҿы иаагоу ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иегова гәыҭбаарала ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа?

      7 Абиблиаҿы иануп Иегова зыгәнаҳақәа занаижьыз ауаа рҿырԥштәқәа рацәаны (Еф. 4:32). Шәхаҿы иааида? Иҟалап аҳ Манассиа иакәзар. Уи ауаҩы цәгьа Иегова иҿаԥхьа ирацәаны агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Иара амцнцәахәқәа дрымҵахырхәон, ажәларгьы уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Манассиа иҷкәынцәа амцнцәахәқәа ирызнаганы ишьит. Уи адагьы, иԥшьоу Иегова иныҳәарҭаҿы амцнцәахәқәа иргылеит. Абиблиаҿы иануп: «Иара Иегова иҿаԥхьа ацәгьарақәа рацәаны иҟаиҵон, убас ала длаирҟәуан» (2 Аш. 33:2—7). Аха Манассиа игәнаҳақәа данрыхьхәы Иегова гәыҭбаарала ианаижьит. Уи адагьы, Иерусалимҟа иаҳра ҭыԥахь дирхынҳәит (2 Аш. 33:12, 13). Мамзаргьы, иҟалап, аҳ Давид шәхаҿы дааизар. Иаргьы ирацәаны агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Ауаҩшьреи ахатә ҩыза иԥсахреи урҭ иреиуан. Аха Давид игәнаҳақәа гәыкала данрыхьхәы Иегова ианаижьит (2 Сам. 12:9, 10, 13, 14). Арҭ аҿырԥштәқәа агәра ҳдыргоит Иегова ҳанажьра дшазхиоу. Уи адагьы, иара ишҳанаижьуеи ауаа рыгхақәа шранеибажьуеи еиԥшӡам. Шәааи уи ҳалацәажәап.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра