Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала
    Ахьчаратә бааш 2015 | ииуль
    • 1, 2. Ишԥаарԥшу ажәа «ашьапсыргәыҵа» Ауриатә Ҩырақәа рҿы?

      АНЦӘА ИЕГОВА азин иман аҳәара: «Ажәҩан — саҳра ҭыԥ ауп, адгьыл — сшьапсыргәыҵоуп» (Ис. 66:1). Иара убасгьы уи иҳәеит: «Сара сшьапқәа ахьсыргыло аҭыԥ ҳараскуеит» (Ис. 60:13). Ишԥаҟаиҵо уи иара? Насгьы иарбан ҵаку ирымоу иахьа арҭ ажәақәа адгьыл аҿы — «ишьапсыргәыҵа» аҵаҟа — инхо рзы?

      2 Ауриатә Ҩырақәа рҿы ажәа «ашьапсыргәыҵа» адгьыл ахь мацара акәӡам иахьаҵанакуа. Уи ажәытә Израиль иҟаз ауахәама шыҟаз аанарԥшуеит (1 Ашықәс. 28:2; Ԥс. 132:7). Ауахәама адгьыл аҿы иҵабыргу Анцәа имаҵ ахьыруаз ҭыԥын, убри аҟынтә уи Иегова изы даара иԥшӡан. Убас ала, ауахәама аҟазаара ахаҭа Иегова ишьапқәа ахьиргылоз аҭыԥ ҳаранакуан.

      3. Изакәызеи Иегова идоуҳатә уахәама ду, насгьы ианбацәырҵи иара?

      3 Аха иахьа иҵабыргу Анцәа имҵахырхәарҭа ҭыԥс иҟоу илабҿабоу акәӡам, аха адоуҳатә уахәама ауп, уи Иегова ихьӡ еиҳа иҭнагоит ахыбрақәа раасҭа. Ари асимволтә уахәама иабзоураны, Иисус Христос ишьакаҭәареи иԥшьоу имаҵзуреи шьаҭас иҟаҵаны ауаа Анцәа инышәара рылшоит. Иегова идоуҳатә уахәама ду цәырҵит 29 шықәса ҳ. ҳ. Иисус аӡы иҽанӡааих, насгьы Ԥхьаԥшьаҩыс даналхыз (Аур. 9:11, 12).

      4, 5. а) Ишԥаанарԥшуеи 99-тәи Ԥсалом ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы ирымоу гәык-ԥсыкалатәи ргәаҳәара? б) Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар акәу?

      4 Иегова идоуҳатә уахәама ду азы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит ихьӡи гәшаҭарала иаҳзыҟаиҵаз аҿыхреи ирызкны ауаа рзеиҭаҳәара. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи аа-миллионҩык инареиҳаны иахьа Христос ииашоу ишьҭанеицәа гәацԥыҳәарала Иегова ихьӡ ахьдырҳаракуа! Шьоукы ииашамкәа ргәы иаанагоит ажәҩан ахь ианцалак, Анцәа ихьӡ арҳаракра иалагоит ҳәа, аха Иегова ишаҳаҭцәа зегьы еилыркаауеит Анцәа ирҳаракра шахәҭоу уажәнатә, адгьыл аҿы.

      5 Убри азоуп ҳара Ԥсалом 99:1—3, 5—7 (шәаԥхьа) аҿы зыӡбахә ҳәоу ииашоу Иегова имаҵзуҩцәа рҿырԥшы ҳзықәныҟәо. Ари аԥсалом ишаҳнарбо ала, Моисеи, Аарон, Самуил дара ианраамҭаз рымч иамеигӡаӡакәа ииашаз амҵахырхәара иадгылон. Иаарласны адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан аҿы Иисус ԥшьаҩцәаны ивагылоит. Аха макьана ари аамҭа ааиаанӡа, дара адоуҳатә уахәама адгьылаҿтәи ашҭаҿы азиашара аарԥшуа амаҵ руеит. Урҭ ӷәӷәала ирыдгылоуп миллионҩыла иҟоу «егьырҭ ауасақәагьы» (Иоан. 10:16). Арҭ аҩгәыԥк ргәыӷрақәа шеиԥшымгьы, дара аӡәк иеиԥш Иегова ишьапсыргәыҵа аҵаҟа амаҵ еицыруеит. Аха ҳара зегьы досу ҳхы ҳазҵаар ауп: «Иубаратәы иҟоума сара гәык-ԥсык ала ицқьоу амҵахырхәара сшадгылоу?»

  • Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала
    Ахьчаратә бааш 2015 | ииуль
    • 7 1919-тәи ашықәс анааигәахоз иубаратәы иҟан Иегова дыззыразу, насгьы идоуҳатә уахәамаҿы имаҵ зуа зусҭцәоу. Арҭ ақьырсианцәа адоуҳа аганахь ала ирыцқьан, рымҵахырхәашьа Анцәа игәаԥхаларц (Ис. 4:2, 3; Мал. 3:1—4). Убасҟан анаӡара иалагеит апостол Павел ашәышықәсақәа раԥхьа иоуз абара.

      8, 9. Иҳаилшәыркаа џьанаҭ иазкны Павел иоуз абара иаанарԥшуа х-ганк.

      8 Апостол Павел иоуз абара ануп 2 Коринфаа рахь 12:1—4 аҟынӡа (шәаԥхьа). Иԥсабарахыхьтәу ала Павел ирбаз — аатра ҳәа ахьӡуп. Уи зыдҳәалаз апостол иаамҭа акәӡам, аха аԥхьаҟатәи аамҭа ауп. Иарбан џьанаҭу Павел иибаз, «ахԥатәи ажәҩан ахь» данхагалаз? Ари абара иамоуп лабҿабатәи, адоуҳатә, насгьы жәҩантәи анагӡара. Павел иоуз абара адгьыл аҿы иҟало џьанаҭгьы аҵанакуеит (Лука 23:43). Иара убас адунеи ҿыц аҿы инагӡаны иҳауа адоуҳатә џьанаҭ иаҵанакуазар ауеит. Убри адагьы, Павел иоуз абара ажәҩан аҿы «Анцәа иџьанаҭ» аҟны иҟало аҭагылазаашьа бзиақәа аанарԥшуеит (Аатр. 2:7). Аԥхьаҟа лабҿабатәи, адоуҳатә, насгьы жәҩантәи џьанаҭ аамҭак иалагӡаны иҟалоит.

      9 Избан Павел изиҳәаз «лацәа́жәашьа, еиҭаҳәашьа змамыз ажәақәа» иаҳауан ҳәа? Усҟан иаамҭамызт иибаз аџьашьахәқәа акгьы аанмыжькәан реилыркаара. Аха иахьа ҳара иҳамоуп азин Анцәа иуаажәлар ирымоу азылԥхарақәа ртәы ауаа рзеиҭаҳәара!

      10. Ак аума адоуҳатә џьанаҭи адоуҳатә уахәамеи?

      10 Ажәақәа «адоуҳатә џьанаҭ» ҳтеократиатә лексикон ӷәӷәала иаларсуп. Урҭ зеиԥшыҟам адоуҳатә атмосфера аадырԥшуеит, уи ақьырсианцәа алшара рнаҭоит Анцәеи, насгьы дареи-дареи рыбжьара иҭынчу аизыҟазаашьақәа рымазарц. Ҳәарада, адоуҳатә џьанаҭи адоуҳатә уахәамеи ак ауп ҳәа аԥхьаӡара ахәҭам. Адоуҳатә уахәама — ари Иегова ииашоу амҵахырхәаразы ишьақәиргылаз еиҿкаароуп. Адоуҳатә џьанаҭ ыҟоуп адоуҳатә уахәамаҿы иахьа имаҵ зуа рыбжьара. Уи Анцәа дшырзыразу шьақәнарӷәӷәоит (Мал. 3:18).

      11. Иарбан ҳаҭыру ҳара иҳанашьоу?

      11 1919 шықәса инаркны Иегова инаӡам ауаа аус ицуразы зеиԥшыҟам алшара риҭоит. Дара адгьыл аҿы адоуҳатә џьанаҭ еиздырҳауеит, насгьы уи аҳәаақәа дырҭбаауеит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи уи ҳара! Ижәбома шәара иааџьоушьаша ари аус шәшалахәу? Шәгәазҭанаҵома шәара ари анаҩсгьы Иегова аус ицура, «ишьапқәа ахьиргыло аҭыԥ» ырҳаракуа?

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра