-
Ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа Иегова шәизыԥшызАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024 | февраль
-
-
ИЗБАН ИЕГОВА ҲАИЗЫԤШЫЗАРЦ ЗИҬАХУ?
Абиблиаҿы иануп: «Иегова ачҳара ааирԥшуеит, шәрыцҳаишьарц азы, иара иусқәа дрылагоит, шәагьрыцҳаишьоит. Избанзар Иегова аиашара Анцәа иоуп. Насыԥ рымоуп иқәгәыӷуа зегьы» (Ис. 30:18). Раԥхьа арҭ Исаиа иажәақәа Иегова зҳәатәы аргара иашьҭоу аԥацәа ҳәа ззиҳәаз ауриацәа рахь ирхан (Ис. 30:1). Аха урҭ рыбжьара Анцәа гәыкала имаҵ зуазгьы ыҟан, убри аҟынтә арҭ ажәақәа дара агәыӷра рнаҭон. Арҭ ажәақәа иахьа Иегова гәыкала имаҵ зуагьы агәыӷра рнаҭоит.
Иегова ачҳара аарԥшны дыԥшуазар, ҳаргьы ачҳара ааҳарԥшлароуп. Иара ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо аамҭа алиххьеит, насгьы уи амши асааҭи анааиуа дазыԥшуп (Матф. 24:36). Убасҟан зегьы еилыркаауеит Иегова имаҵзуҩцәеи иареи ирызкны Аџьныш ииҳәаз шымцу. Уи ашьҭахь Анцәа Аҩсҭаа иган аанызкылои иареи ықәигоит, ҳара ҳрыцҳаишьоит.
Аха иахьа ҳара аԥышәарақәа ҳрықәшәоит. Иегова урҭ ҳанырцәимыхьчо шыҟоугьы, иара агәра ҳиргоит ҳаԥшнаҵы, агәырӷьара ҳмырӡыр шҳалшо. Исаиа ишиҳәаз еиԥш, ҳгәы ҳыҭ-ҳыҭуа ибзиоу акы ҳазыԥшнаҵы, агәырӷьара ҳамазар ҳалшоит (Ис. 30:18)a. Ишԥаҳалшо ари аҩыза агәырӷьара ҳаур? Абар ԥшь-лабжьарак.
-
-
Ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа Иегова шәизыԥшызАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024 | февраль
-
-
a Исаиа 30:18 аҿы «иқәгәыӷуа» ҳәа еиҭагоу ажәа «згәы хыҭ-хыҭуа иԥшу» ҳәагьы еиҭоугар ауеит. Уи иаҳнарбоит Иегова ҳанеиқәирхо аамҭа азыԥшра акгьы шамам.
-