-
Иегова шәиҩызахар шәылшоитШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
6. Иегова иҩызцәа рзы иҟаиҵо
Иегова иҩызцәа дрыцхраауеит ауадаҩрақәа рыхгара. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Дышԥалыцхрааи Иегова ари аԥҳәыс лгәы казыжьуаз ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи риааира?
Шәаԥхьа Исаиа 41:10, 13, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Изықәиргәыӷуеи Иегова иҩызцәа зегьы?
Шәгәы ишԥаанаго, Иегова дҩыза бзиоума? Избан ус шәгәы изаанаго?
Аҩыза бзиа еснагь уцхраара дазхиоуп. Иеговагьы иҩызцәа дрыцхраауеит
-
-
Ишԥашәылшо Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭашәҳәар?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Иегова дшәыцхраауеит
Ажәабжьҳәара зхы алазырхәырц зҭаху ирҳәо ауаа ишрыдыркыло, мамзаргьы ирхырҳәаар алшо иацәшәозар ауеит.
Абиблиа аҭҵаара аан еилышәкааз егьырҭ рзеиҭаҳәара шәшәома? Избан?
Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Ирыцхраазеи арҭ иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭцәа ирымаз ашәара аиааира?
Шәаԥхьа Исаиа 41:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан Анцәа шәиҳәалар зшәыхәҭоу, ажәабжьҳәара шәшәозар?
Ижәдыруама шәара?
Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара иҟоуп уаанӡа ажәабжьҳәара ишәоз. Иаҳҳәап, уаанӡа акгьы даԥсамызшәа зхы збоз Сергеи ауаа рацәажәара ицәыцәгьан. Аха нас иара Абиблиа аҵара далагеит. Иара иҳәоит: «Исымаз ашәара саиааины, еилыскааз егьырҭ рзеиҭаҳәара салагеит. Уамашәа иубаша, ажәабжьҳәара саналага, еиҳа схы сақәгәыӷуа сҟалеит, схаҵарагьы ӷәӷәахеит».
-
-
Шәазхиоума шәара аӡы аҽӡаахра?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
6. Агәра ганы шәыҟаз Иегова дышшәыцхраауа
Иегова дшәыцхраауеит инормақәа рыла анхара. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
Избан ари ахаҵа аӡы аҽӡаахра дзахымыццакуаз?
Ицхраазеи иара Иегова игәра агара?
Шәаԥхьа Исаиа 41:10, 13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан агәра ганы шәзыҟоу шәыԥсҭазаара Иегова ианизышәкуа ишәҭо ажәа шынашәыгӡо?
-