Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Дызусҭада Анцәа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 1. Ихьӡузеи Анцәа? Иҭахума иара ихьӡ ҳдыруазарц?

      Анцәа ихьӡу Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит. Иара иҳәоит: «Сара Иегова соуп. Уи сыхьӡ ауп». (Шәаԥхьа Исаиа 42:5, 8.) Иегова — ари ауриа бызшәаҟынтә еиҭагоу Анцәа ихьӡ ауп. Аҵарауаа ишырҳәо ала, ари ахьӡ ажәытәтәи ауриа бызшәаҟынтә еиҭоугозар, иаанагоит «Иара иҟалартә иҟаиҵоит». Иегова иҭахуп ихьӡ ҳдыруазарц (Ақәҵымҭа 3:15). Иабантәиҳдыруеи уи ҳара? Абиблиаҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит 7 000-нтә инареиҳаны!a Иегова зыхьӡу Ҳазшаз Анцәа заҵәык иоуп. Ажәҩан аҿи адгьыл аҿи иара иеиԥшу уаҳа даҽа Нцәак дыҟаӡам (Ҩынтәзакәан 4:39).

  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәаԥхо?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 2. Ҳимҵахырхәалар шԥаҳахәҭоу Иегова?

      Иегова — Ҳазшаз иоуп, убри аҟынтә иара заҵәык иоуп гәык-ԥсыкала ҳзызиашазар ҳахәҭоу (Аатра 4:11). Ус акәзар, уи бзиа даҳбалароуп, иара заҵәык ҳимҵахырхәалароуп, насгьы ҳанимҵахырхәо, асахьақәеи аидолқәеи ҳхы иаҳмырхәалароуп. (Шәаԥхьа Исаиа 42:8.)

      Ҳара Иегова игәы ишақәшәо еиԥш ҳимҵахырхәалароуп (Римаа 12:1). Ус анакәха, изакәанқәа рыла ҳанхалароуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо ауаа аҭаацәара алазаара иазку Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Иара убас дара ашьцылара бааԥсқәа рҽырцәырыхьчоит, иаҳҳәап, аҭаҭын ахара, анаркотикқәа рыдкылара, насгьы арыжәтә аҽаршьраa.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра