-
Игхақәа хәарҭа рылихуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
18, 19. Ихьзеи Иона амшын аҵаҿы, дылбааздазеи иара, насгьы напхгара рызҭодаз арҭ ахҭысқәа зегьы? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
18 Аха изакәызеи уи? Иааигәа иаацәырҵит идуӡӡаз, еиқәаз зыԥсы ҭаз акы. Уи Иона иахь ахы рханы иаауан. Еиҳа изааигәахан, асаса еихнахит — нас дылбаанадеит!
Иегова иоуп «аԥсыӡ ду адҵа азҭаз дылбаанадарц»
19 Иона игәы иаанагон шьҭа ари ҵыхәтәоуп ҳәа. Дахьымԥсыз иара изы иџьашьатәхеит. Иара ибаҩқәа зегь еибган, а́ца дахьҭаз дарсаӡомызт, насгьы дхәаҽӡомызт. Иԥсы ҭан, иара изы инышәынҭраны иҟалар акәыз аҭыԥ аҿы дшыҟазгьы. Иона имаз аҳаҭырқәҵара еиҳа-еиҳа еизҳаит. Ҳәарада, Анцәа Иегова иоуп «аԥсыӡ ду адҵа азҭаз дылбаанадарц»c (Иона 1:17).
20. Еилаҳкаар ҳалшозеи ҳара Иона изкны аԥсыӡ дуӡӡа амгәа данҭаз ииҳәаз анцәаиҳәара аҟынтә?
20 Ицеит аминуҭқәа, нас асааҭқәа. Ак умбо аҟынӡа илашьцан, уи аҩыза Иона ахаан имбацызт, нас иара ахәыцра дҭанагалеит, Анцәа Иегова иҳәарагьы далагеит. Иона ишәҟәы 2-тәи ахаҿы иану инцәаиҳәара аҟынтә аԥааимбар изкны еилаҳкаауа рацәоуп. Уи иаҳнарбоит Иона Аҩыра бзианы ишидыруаз, избанзар иара лассы-лассы Аԥсаломқәа дырзааҭгылон. Иона инцәаиҳәара иара убас иаҳнарбоит уи аџьшьара аазырԥшуа ауаа дышреиуаз. Абар иара уи шыхиркәшаз: «Сара аџьшьара ажәақәа ҳәаны амҭа узназгоит. Уҿаԥхьа исықәысҵаз аҿаҭахьа насыгӡоит. Аиқәырхара — Иегова иҟынтә ауп» (Иона 2:9).
21. Еиликаазеи Иона Иегова аиқәырхара шилшо иазкны, насгьы иарбан ихадоу иашоу ҳара иаҳгәалашәалар ҳахәҭоу?
21 «Аԥсыӡ амгәа» данҭаз, Иона ихатә ԥышәа инарҵеит Иегова дарбанзаалак, ианакәзаалак, насгьы иахьакәзаалак иеиқәырхара шилшо. Абраҵәҟьагьы Иегова агәаҟра иақәшәаз имаҵзуҩы дыԥшааны деиқәирхеит (Иона 1:17). Иегова заҵәык иоуп изылшо хаха-хымш аԥсыӡ дуӡӡа амгәа иҭаз ауаҩы иеиқәырхареи ихьчареи. Иахьа ҳара иаҳхамышҭлароуп Иегова — ари «ҳаԥсыԥ зку Анцәа» шиакәу (Дан. 5:23). Ҳара ҳаԥсыԥ ахьаҳго, насгьы ҳаԥсы ахьҭоу иара иоуп изыбзоуроу. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәома ҳара Иегова? Иахәҭаӡами нас уи ҳаизыӡырҩлар?
22, 23. а) Ишԥақәшәеи иаарласны аԥышәара Иона имаз аџьшьара? б) Иҿаҳҵаар ҳалшозеи Иона, агха ҳахьзар?
22 Иаҳҳәар ҳалшозеи Иона изкны? Иҵама иара Иегова иахь аџьшьара аарԥшышьа, азыӡырҩра аарԥшуа? Ааи, иҵеит. Хаха-хымш рышьҭахь аԥсыӡ аҟәара иазааигәахан, «Иона адгьыл ахь аҿы дҭырбганы дықәнажьит» (Иона 2:10). Шәхаҿы иаажәг, иҟалаз зегь ашьҭахь Иона аҟәара аҟынӡа аӡсарагьы иқәымшәаӡеит! Ҳәарада, иара еиликаар акәын дахьыҟаз, насгьы дахьцар акәыз. Аха иаарласны иара иџьшьара аԥышәара иақәшәеит. Иона 3:1, 2 аҟны иануп: «Анаҩс Иона аҩынтәраан Иегова иажәа изаатит, уи иаҳәеит: „Угыл, уца ақалақь ду Ниневиаҟа, насгьы иуасҳәо рылаҳәа“». Ихы шԥамҩаԥигеи аԥааимбар?
-
-
Игхақәа хәарҭа рылихуанШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
c Ажәытәуриатә ажәа «аԥсыӡ» еиҭаган ажәытәбырзен бызшәахьы «амшынтә мамыршәага», мамзаргьы «аԥсыӡ дуӡӡа» ҳәа. Изалшом инагӡаны аилкаара, иарбан мшынтә шамҭоу зыӡбахә ҳәоу. Аха Адгьылбжьаратә мшын аҿы иуԥылоит ауаҩы дшеибгоу дылбааздо идуӡӡоу аӷламқәа. Егьырҭ адунеи ахәҭақәа рҿы иҟоуп акырӡа еиҳау аӷламқәа. Иаҳҳәап, акиттә ӷлам аура 15 метра, мамзаргьы еиҳаны иҟазар алшоит.
-