Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • «Сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • АХЫ ХԤА

      «Сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам»

      Иисус аҽадҳәыс дақәтәаны днеиуеит. Ауаа иеигәырӷьаны иԥылоит, апальма амахәҭақәа рҟьоит. Даҽа шьоукы дызлааиуа амҩа дыриашарц азы, хыхьтәи рымаҭәеи аҵла амахәқәеи изкадыршәуеит.

      «Баҳ бара бахь анеира даҿуп»

      1—3. Дышԥалалеи Иисус Иерусалим, насгьы избан шьоукы уи зџьаршьаз?

      ИЕРУСАЛИМ ауаа еилаҭыруа еилоуп — даауеит ауаҩ ду! Ажәлар ақалақь анҭыҵ еизаны игылоуп. Урҭ ргәы хыҭ-хыҭуа иԥылара иазыԥшуп, избанзар изларҳәо ала, уи аҳ Давид ихылҵ, закәанла Израиль анапхгаҩы иоуп. Шьоукы апальма амахәқәа рхианы иркуп, урҭ рҟьалоит иара иаара ишеигәырӷьаз аарԥшразы, даҽа шьоукы дызлааиуа амҩа дыриашарц азы, хыхьтәи рымаҭәеи аҵла амахәқәеи изкадыршәуеит (Матфеи 21:7, 8; Иоанн 12:12, 13). Зегь ԥшуп: изеиԥшрахозеи ари ауаҩ иаара?

      2 Иҟалап џьоукы узыршанхо ацәырҵрақәеи аџьашьахәқәеи ирзыԥшызар. Дара, ҳәарада, ираҳахьан еицырдыруаз, насгьы ахьӡи-аԥшеи змаз аӡәырҩы анапхгаҩцәа рхы ырҳаракны ауаа рахь ишцәырҵуаз аӡбахә. Иаҳҳәап, Давид иԥа Авессалом аҳас ихы анрылеиҳәа, адҵа ҟаиҵеит иҽыуардын аԥхьа 50-ҩык ауаа иҩуа ицаларц (2 Самуил 15:1, 10). Римтәи анапхгаҩы Иульи Цезарь уи аасҭа акыр еиҳаз ацәырҵрақәа еиҿикаауан. Зны иара напхгара аиҭон Капитоли ицоз атриумфтә процессиа, уи акәаҷабқәа зхагылаз 40 слан ацын. Аха уажәшьҭа Иерусалим инхо ауаа зегь раасҭа еиҳау ауаҩ ду иԥылоит. Уи еилыркаауазаргьы, ирзеилымкаауазаргьы, дара раԥхьа диасроуп Мессиа — адунеи иқәынхоз ауаа рҟынтә зегь иреиҳау. Аха аҳас иҟалараны иҟоу данырбалак шьоукы даара иџьаршьоит.

      3 Иара ицӡамызт аҽыуардынқәа, аҽқәа, дымҩаԥызгоз ауаа, иара убас асланқәагьы. Иисус даауеит аидара аныҟәгаразы рхы иадырхәоз иаабац аҽада дақәтәаныa. Иара уаҩ иимбац амаҭәа ишәымызт, аҽадагьы зыхә ҳараку арԥшӡагақәа ақәмызт. Зыхә ҳараку акәадыр аҭыԥан ари аԥстәы иақәуп Иисус иҵаҩцәа иақәдыршәыз хыхьтәи рымаҭәақәа. Избан Иисус абас еиԥш ихы ӡырымгакәа, насгьы улаԥш иҵамшәо неишьала Иерусалим дзалалаз, иара иаасҭа еиҵаз ауаа амали, ахьӡи-аԥшеи рыла рхы ӡырыргозҭгьы?

      4. Ианызи Абиблиаҿы Мессиантәи Аҳ Иерусалим дшалало иазкны?

      4 Иисус инаигӡеит аԥааимбаражәа, уаҟа иҳәан: «Бгәырӷьала, Сион аԥҳа! Бгәырӷьала, Иерусалим аԥҳа! Баҳ бара бахь анеира даҿуп. Иара дуаҩ иашоуп, аиқәхара ааигоит, аԥагьара илаӡам, аҽада дақәтәаны ааира даҿуп» (Захариа 9:9). Ари аԥааимбаражәа инақәыршәаны Анцәа идоуҳала иалху Мессиа, зны Иерусалим анхацәа дрызцәырҵуеит Анцәа иалихыз Аҳ иеиԥш. Уи иааникыло аҭыԥ атәы шреиҳәо, насгьы Иерусалим алаларазы ихы иаирхәо аԥстәы иаанарԥшуеит зыхә ҳараку игәы аҟазшьа — ахынраалара.

  • «Сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • a Ари ахҭыс атәы ахьану усумҭак излаҳәо ала, аҽадақәа «мыцхәы зымаҵ утәым, иаабац ԥстәқәоуп; дара ццакӡом, зны-зынла иахьгылоу еиҭаҵӡом, насгьы рацәак иԥшӡам, еиҳарак аӷарцәа роуп зхы иазырхәо».

  • «Сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам»
    «Усышьҭаланы уаала»
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра