Уазхиоума уара аҭагылазаашьа аҽақәыршәара?
1. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара ари адунеи ахаҿра аԥсахра иахьаҿу?
1 1 Коринфаа рахь 7:31 аҿы иануп адунеи еснагь ахаҿра аԥсахуеит ҳәа. Убри аҟынтә ҳара аамҭа-аамҭала иҳаԥсахлар ауп ажәабжьҳәара аметодқәа, аамҭеихшара, насгьы азнеишьа. Уазхиоума уара аҭагылазаашьа аҽақәыршәара?
2. Избан изахәҭоу аҭагылазаашьа аҽақәыршәара, Иегова иорганизациа ҳаццаларц азы?
2 Ажәабжьҳәара аметодқәа. Ақьырсиантә еизара иалахәу ианакәзаалак зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәдыршәон. Иисус раԥхьаӡа иҵаҩцәа ажәабжьҳәара иандәықәиҵаз, ирыдиҵеит афатәи аԥареи шьҭырымхырц (Матфеи 10:9, 10). Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара ирыдиҵаз иԥсахит, избанзар еиликаауан иҵаҩцәа аҿагыларақәа шырԥылоз, насгьы ажәабжьҳәара аус егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы ишымҩаԥыслоз (Лука 22:36). Иҳаҩсыз ашәышықәса аҩныҵҟа Иегова иорганизациа ирыднагалон ажәабжьҳәараҿы еиуеиԥшым аметодқәа, иаҳҳәап ажәабжьҳәараз ашаҳаҭга бӷьыцқәеи, арадиодырраҭареи арупор зқәыргылоу автомобильқәеи рыла, аамҭа аҭахрақәа инарықәыршәаны. Иахьа ауаа аҩны рықәшәара мариам аҟынтә, еиҳа азҿлымҳара арҭоит ажәабжьҳәара ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, насгьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара хазырҭәаауа иформалтәым ашаҳаҭра. Иара убас ҳара иҳабжьыргоит ҩнаҭацыԥхьаӡа хәылбыҽхала ацара, ҽынла ауаа аусура иҟазар. Уаццома уара жәҩантә Иегова иҽыуардын, ахырхарҭа анаԥсахуа? (Иез. 1:20, 21).
3. Ишԥаҳацхраауеи ҳара аҭагылазаашьа аҽақәыршәара, амаҵзураҿы алҵшәа бзиақәа ҳауларц?
3 Адгалара. Ирымоузеи ауаа еиҳараӡак гәҭыхас шәахьынхо аҭыԥаҿ? Афинанстә зҵаарақәа? Аҭаацәа? Ацәгьоура? Аҭыԥантәи апроблемақәеи ахҭысқәеи ртәы ҳдыруазар, иҳалшоит ианаало адгалара ҳҽазыҟаҳҵарц (1 Кор. 9:20—23). Ҳзацәажәо ауаҩы игәаанагара аниҳәо, инықәырԥшшәа иҭабуп ҳәа иаҳәареи ҳадгалара ацҵареи раасҭа, еиҳа еиӷьуп аҭагылазаашьа ҳҽақәыршәаны, иара зинтерес имоу атема ҳалацәажәар.
4. Изхадоузеи аҭагылазаашьа аҽақәыршәара, насгьы уи иахымгакәа аҟаҵара?
4 Иаарласны арыцҳара ду алагоит, ари адунеигьы иара аҵыхәтәахьы инеиуеит. «Иаанхаз аамҭа маҷуп» (1 Кор. 7:29). Шаҟа ихадоузеи убри аҟынтә аҭагылазаашьа аҽақәыршәара, насгьы уи иахымгакәа аҟаҵара, иаанхаз аамҭа иалагӡаны еиҳаны аҟаҵара ҳахьӡарц!