Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иҧсхьоу ирымоуп аҧеиҧш
    Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
    • Лазар иҧсра Иисус ишидикылаз иаанарҧшуеит Анцәа Иҧа уамашәа иубаша игуҧшқара. Иара иҵаулаӡоу игурыцҳашьареи ихымҩаҧгашьеи иаадырҧшуеит даара ишиҭахыу иҧсхьоу ауаа рыҧсҭаҵара. Ҳара ҳаҧхьоит: «Мариа Иисус дахьыҟаз днеины данылба, ишьапқуа рҿы лҽылкажьны иалҳәеит: Иҳақуиҭу! Уара абра уҟазар, сашьа дыҧсуамызт ҳәа. Иисус, лара дҵәыуа, илыцааиқуаз Иудеиаагьы ҵәыуа ианиба, Иаргьы ҧсыла дгурҩеит, [«иҧсахы ҧжәеит», Иоанн 11:32—36, 1981 ш.] дагьааилаӡыӡеит, иагьиҳәеит: дабашьҭашәҵеи иара? Иара иарҳәеит: Иҳақуиҭу! Унеи, иба. Иисус илаҕырӡ ааит. Убысҟан Иудеиаа ирҳәон: уҧшишь, Иара уи бзиа дшибоз!» (Иоанн 11:32—36).

      Иисус игу рыцҳашьарала иҭәын — ари убарҭоуп атекст аҟны иҟоу х-ҟаҵарбак рыла: «дгурҩеит», «дагьааилаӡыӡеит», «илаҕырӡ ааит». Аҧхьаҩыра бызшәаҟны, абас угу зырхыҭхыҭуа асцена ахцәажәараз иаагоу арҭ ажәақуа иаҳдырбоит, Иисус иҩыза гуакьа Лазар иҧсҭазаара дахьалҵызи, насгьы Лазар иаҳәшьа дҵәыуа дахьибази, уи иблақуа лаҕырӡыла иҭәыртә еиҧш даара хьаас ишыҟаиҵазa.

      Иазгуаҭатәуп, Иисус ҩыџьа аҧсцәа рыҧсы шҭеиҵахьоу. Уи ҕуҕуала игу иҭан, Лазаргьы убас изиуп ҳәа (Иоанн 11:11, 23, 25). Аха уеизгьы иара «илаҕырӡ ааит». Ус анакуха, Иисус иҧсыз рыҧсҭаҵара баша процедурак еиҧш дахуаҧшуам. Иара игуҧшқареи иҵаулаӡоу игурыцҳашьареи еилыкка иаҳдырбоит, ҕуҕуала игу шазыҳәо аҧсра ашьҭагьы аанмыжьра.

      Иисус Лазар иҧсы анҭеиҵоз иааирҧшыз агуҧшқара иаҳнарбоит, иара ҕуҕуала игу шазыҳәо аҧсра ашьҭаҵәҟьа аанмыжьра.

  • Иҧсхьоу ирымоуп аҧеиҧш
    Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
    • a «Дгурҩеит» ҳәа иеиҭагоу абырзен ажәа аагоуп иҕуҕуаны, иҵауланы агурҩара ҳәа аҵакы змоу аҟаҵарба (ем-бри-маʹо-маи) аҟнытә. Абиблиатә ҵарауаҩык иазгуеиҭеит: «Ара ҵакык ала иаарҧшуп, Иисус дзымҽхазкыз ацәаныррақуа убысҟак иҕуҕуан, игу иҭамкуа аҕзбжьы иҿыҵҟьартә еиҧш». «Деилаӡыӡит» ҳәа иеиҭагоу ажәа аагоуп аилаҩынтра ҳәа аҵакы змоу абырзен ажәа (та-рассо) аҟнытә. Лексикографк излеиҳәо ала, ари иаанагоит «аӡәы ҧсыла дгурҩо аҟынӡа инагара... игу ирхьра, ма илахьеиқуҵара». Ажәа «илаҕырӡ ааит» аагоуп «алаҕырӡ акаҭәара, ҽымҭӡакуа аҵәыуара» ҳәа аҵакы змоу абырзен ҟаҵарба (да-крио) аҟнытә.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра