Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Дызусҭада Иисус Христос?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 1. Дызусҭада Иисус Христос?

      Иисус ажәҩан аҿы инхо, амч ду змоу маалықьуп. Иара иоуп Анцәа Иегова зегь раԥхьаӡа иишаз. Убри аҟынтә Абиблиаҿы иара «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз» ҳәа изҳәоуп (Колоссаа 1:15). Иара убас Иисус «Анцәа Иԥазаҵә» ҳәа изҳәоуп, избанзар Анцәа иара заҵәык иоуп аӡә ицхыраарада иишаз (Иоанн 3:16). Иисус Иаб Иегова дицхраауан егьырҭ ашамҭақәа зегь ршара. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 8:30.) Иеговеи Иисуси аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Иара убас Иисус «Ажәа» иоуп, даҽакала иуҳәозар, Анцәа ихаҭарнак. Анцәа ихаҭарнак иаҳасабала, иара уи гәыкала имаҵ иуеит, насгьы Анцәа иажәақәеи инапхгареи ауааи амаалықьцәеи ирзааиртуеит (Иоанн 1:14).

  • Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 27. Иисус ашьаҟа дкыдырхуеит.

      АУРОК 27

      Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?

      Раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, Анцәа ицәхьаҵит азы, ауаа агәнаҳа ҟарҵоит, игәаҟуеит, насгьы иԥсуеитa. Аха ҳҭагылазаашьа узмыриашо иҟаӡам. Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы ак ҟаиҵеит. Уи аус азы иара Иԥа, Иисус Христос, ихадоу ароль изалихит. Абиблиаҿы иҳәоуп, Иисус ҳҿихырц азы иԥсы шҳахҭниҵаз. Аҿыхра — ари аӡәы ихы дақәиҭхарц азы ихыршәаауа ахә ауп. Иисус инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарала ҳахә ишәеит. (Шәаԥхьа Матфеи 20:28.) Иара инаӡаз уаҩын, убри аҟынтә наӡаӡа адгьыл аҿы анхара азин иман, аха имаз азин мап ацәкны, аԥсра дақәшаҳаҭхеит, Адами Евеи ирцәыӡыз зегь ҳауртә алшара ҳаиҭарц азы. Уи адагьы, Иисус иԥсра иаанарԥшит Иеговагьы иаргьы шаҟа бзиа ҳарбо. Ари аурок Иисус ҳара ҳзы иҟаиҵаз еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит.

      1. Иарбан хәарҭоу Христос иԥсра иахьа уажәнатә иаҳзаанагар алшо?

      Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп, убри аҟынтә зны-зынла иҟаҳҵо Иегова игәы инархьуеит. Аха иҟаҳҵаз ҳахьхәуазар, насгьы Иисус ихьӡала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц ҳиҳәозар, иара убас урҭ агхақәа уаҳа иҟаҳамҵаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәаны иаанхоит (1 Иоанн 2:1). Абиблиаҿы иануп: «Христос ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы знык зегьы рзы дыԥсит — ауаҩ иаша ауаа цәгьақәа рзы, Анцәа иҩызахара дшәыцхраарц азы» (1 Пиотр 3:18).

      2. Иарбан хәарҭоу Христос иԥсра ҳаԥхьаҟа иаҳзаанагар алшо?

      Иегова Иисус адгьыл ахь дааишьҭит, инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵарц, «уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Иисус иҟаиҵаз абзоурала, Иегова иаарласны Адам иҳәатәхамҵара ауаа ирзаанагаз аԥхасҭа зегь ириашоит. Ҳара Иисус иҟаиҵаз ҳагәнаҳақәа шыҿнахыз агәра ҳгозар, наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы алшара ҳауеит! (Исаиа 65:21—23).

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еиҳаны еилышәкаа Иисус ауаа иԥсы зрыхҭниҵаз, насгьы иарбан лшарақәоу уи шәара ишәнаҭо.

      3. Иисус агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭеит

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Избан Иисус дзыԥсыз?» (ахәҭа 1) (2:01)

      • Ицәыӡи Адам, Анцәа даницәхьаҵ?

      Шәаԥхьа Римаа 5:12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥаныԥши Адам иҟаиҵаз агәнаҳа шәыԥсҭазаара?

      Шәаԥхьа Иоанн 3:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Дзааишьҭи Иегова Иԥа адгьыл ахь?

      Асахьақәа 1: 1) Адам Анцәа иҳәатәы дахыԥаны, агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь; 2) аԥсыжра аан ауаа аԥсы дрыманы инеиуеит. Асахьақәа 1: 1) Адам Анцәа иҳәатәы дахыԥаны, агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь; 2) Иисус Христос. Асахьақәа 2: 1) Иисус Христос; 2) қәралеи, милаҭлеи, социалтә ҭагылазаашьалеи еиԥшым ауаа.
      1. Адам дуаҩы наӡан, аха Анцәа иҳәатәы дахыԥеит. Уи иахҟьаны ауаа зегьы агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит

      2. Иисус дуаҩы наӡан, иара ахаангьы Анцәа иҳәатәы дахыԥаӡомызт. Уи абзоурала ауаа зегьы наӡаны иҟаларц, наӡаӡагьы инхаларц алшара роуит

      4. Иарбан лшароу Иисус иԥсра ауаа зегьы ирнаҭо?

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Избан Иисус дзыԥсыз?» (ахәҭа 2) (2:00)

      • Излалшозеи аӡәызаҵәык иԥсра ауаа зегь еиқәнархар?

      Шәаԥхьа 1 Тимофеи 2:5, 6, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Адам инаӡаз уаҩын. Уи агәнаҳа ахьыҟаиҵаз иахҟьаны, ауаа зегь агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит. Иисусгьы инаӡаз уаҩын. Избан иаҳҳәар зҳалшо иара ҳагәнаҳақәа рҿыхразы иақәнагоу ахә ишәеит ҳәа?

      5. Аҿыхра — Иегова лымкаала шәара ишәзыҟаиҵаз ҳамҭоуп

      Иегова иҩызцәа аҿыхра хаҭала дара ирзыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш иазыҟоуп. Абар ҿырԥштәык. Шәаԥхьа Галатаа 2:20, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥаҳдырбо Павел иажәақәа, аҿыхра Анцәа хаҭала иара изыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш дшазыҟаз?

      Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь, ихылҵраны иҟази иареи аԥсра рзыԥшын. Убри аҟынтә Иегова Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит. Иисус дыԥсит, шәара наӡаӡа анхара алшара шәоурц азы.

      Арҭ ажәеинраалақәа шәанрыԥхьо, шәхаҿы иаажәг Иегова Иԥа игәаҟрақәа анибоз, цәаныррақәас имаз. Шәаԥхьа Иоанн 19:1—7, 16—18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз шәаназхәыцуа?

      АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Излалшозеи аӡәызаҵәык иԥсра ауаа зегь еиқәнархар?»

      • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Иисус иԥсра абзоурала, Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьыр илшоит, наӡаӡа анхарагьы ҳалшоит.

      Аиҭахысра

      • Дзыԥсызеи Иисус?

      • Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара аҿыхразы иақәнагоу ахә ауп ҳәа?

      • Иарбан лшарақәоу ишәзаанартуа Иисус иԥсра?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Еилышәкаа Иисус ауаа ирыхҭниҵаз инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара аҿыхра ҳәа изашьҭоу.

      «Почему жертва Иисуса Христа — это „выкуп за многих“»? (авеб-статиа)

      Иҟаҳҵар акәзеи ҳаиқәхарц азы? Еилышәкаа аҭак.

      «Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?» (авеб-статиа)

      Иҳанаижьуама Иегова агәнаҳа ӷәӷәақәа?

      «Ответы на библейские вопросы» («Ахьчаратә бааш», маи 1, 2013, аурыс)

      Еилышәкаа Христос иԥсхҭынҵара хаҵак аҽыԥсахра ишицхрааз.

      «Я больше не раб жестокости» (авеб-статиа)

      a Агәнаҳа — ари цәгьарак аҟаҵара мацара акәӡам. Уахь иаҵанакуеит Адами Евеи рҟынтә иаҳҭынхаз анамӡарагьы.

  • Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 1. Ишԥаҳалшо Анцәеи Христоси иаҳзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳҳәалар?

      Абиблиаҿы иануп Иисус дхазҵо дарбанызаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоур шилшо (Иоанн 3:16). Ишԥаҳалшо Иисус дышхаҳҵо аарԥшра? Уи ҳусқәеи ҳаԥсҭазаараҿы иҳадаҳкыло аӡбарақәеи рыла иааҳарԥшлароуп (Иаков 2:17). Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳхаҵара ааҳарԥшуазар, Иисуси, Иеговеи, ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. (Шәаԥхьа Иоанн 14:21.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра