Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | сентиабр
    • ШЬОУКЫ НАӠАӠАТӘИ АԤСҬАЗААРА РОУРЦ АЗЫ РЫԤСЫ ҬАЛОИТ, ЕГЬЫРҬ — АӠБАРҬА АҾАԤХЬА ИГЫЛАРЦ АЗЫ

      13, 14. а) Ишԥеилаҳкаауаз уаанӡа Иоанн 5:29 иану Иисус иажәақәа? б) Ҳзызхәыцыр акәзеи, арҭ ажәақәа ииашаны еилаҳкаарц азы?

      13 Иисусгьы адгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ауаа рыӡбахә иҳәон: «Уи џьашәымшьан, избанзар иааигәахоит аамҭа адамрақәа ирҭоу зегьы ибжьы анраҳауа, насгьы рыԥсы анҭало. Абзиара ҟазҵоз наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, ацәгьара ҟазҵоз аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит» (Иоанн 5:28, 29, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус?

      14 Уаанӡа ҳгәы иаанагон, Иисус зыӡбахә имаз зыԥсы ҭало ауаа иҟарҵало аусқәа роуп ҳәа: даҽакала иуҳәозар, шьоукы абзиара ҟарҵалоит ҳәа, шьоукы — ацәгьара. Аха иазгәашәҭ Иисус имҳәаӡеит зыԥсы ҭало ауаа абзиара ҟарҵалоит, ма ацәгьара ҟарҵалоит ҳәа. Иисус иаҳхысхьоу аамҭа ауп ихы иаирхәаз. Иара рыӡбахә иман «абзиара ҟазҵоз», насгьы «ацәгьара ҟазҵоз». Ус анакәха, ауаа ԥсаанӡа иҟарҵоз аусқәа роуп зыӡбахә иҳәаз. Уи уақәшаҳаҭымхар ауӡом, избанзар адунеи ҿыц аҿы ацәгьара аҟаҵара аӡәгьы азин иоуӡом. Ус анакәха, ииашақәам ауаа ԥсаанӡа ауп ацәгьара аныҟарҵоз. Ишԥеилкаатәу, нас, Иисус иажәақәа? Ииҳәарц ииҭахызи арҭ аҩ-гәыԥк ауаа рыԥсы шҭаҵахо атәы аниҳәоз?

      15. Зыԥсы ҭаҵахода наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы, насгьы избан?

      15 Абзиара ҟазҵоз ауаа иашақәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы рыԥсы ҭалоит, избанзар урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы иануп. Ус анакәха, Иоанн 5:29 аҿы зыӡбахә ану «абзиара ҟазҵоз» рыԥсҭалареи Аусқәа 24:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу «ауаа иашақәа» рыԥсҭалареи акоуп. Избан ауаа иашақәа рыхьӡ аԥсҭазааратә шәҟәы иануп ҳәа заҳҳәо, урҭ ԥсхьазар? Римаа рахь 6:7 иану инақәыршәаны, иԥсыз ауаҩы игәнаҳақәа ианажьуп, даҽакала иуҳәозар, ауаа иашақәа анԥсуа Иегова рыгәнаҳақәа ранаижьуеит, аха рус бзиақәа ихашҭӡом (Аур. 6:10). Убри аҟынтә урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы иаанхоит. Ҳәарада, ауаа иашақәа рыԥсы анҭалалак ашьҭахьгьы Анцәа гәыкала имаҵ рулароуп, рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианимхырц азы.

      16. Изусҭцәада аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит ҳәа зыӡбахә ҳәоу?

      16 Иаҳҳәар ҳалшозеи ацәгьара ҟазҵоз ауаа рзы? Урҭ анԥсы ашьҭахь, рыгәнаҳақәа шранажьызгьы, рыԥсы анҭаз, Иегова имаҵ руӡомызт. Урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианӡам. Ус анакәха, «ацәгьара ҟазҵоз» — урҭ «ииашақәам» ауаа ҳәа Аусқәа 24:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу роуп. Рыԥсы анҭалалак ашьҭахь дара аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоитc. Иаанагозеи уи? Уи иаанагоит, Иисус урҭ русқәа ахәшьара шриҭало (Лука 22:30). Дара рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы анҵара иаԥсоу-иаԥсаму аилкааразы аамҭа аҭаххоит. Ииашақәам ауаа рус цәгьақәа ааныжьны рыԥсҭазаара Иегова изыркыр, рыхьӡқәа ишәҟәы ианиҵоит.

  • Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | сентиабр
    • c Уаанӡа ҳгәы иаанагон ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу «аӡбара» иаанаго «ақәыӡбара», ма «ахара адҵара» ауп ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ари ажәа уи аҩыза аҵакы амазар алшоит. Аха Иисус дызлацәажәоз еиҳа инарҭбаау аҵакы змоу «аӡбара» акәзар ҟаларын. Ажәарқәа изларҳәо ала, ари атермин «аусеилыргара», ма «аӡәы ихымҩаԥгашьа ибзианы аҭҵаара» аанагар алшоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра