-
Иарбан динхаҵароу Анцәа игәаԥхо?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Ҳимҵахырхәалар шԥаҳахәҭоу Иегова?
Иегова — Ҳазшаз иоуп, убри аҟынтә иара заҵәык иоуп гәык-ԥсыкала ҳзызиашазар ҳахәҭоу (Аатра 4:11). Ус акәзар, уи бзиа даҳбалароуп, иара заҵәык ҳимҵахырхәалароуп, насгьы ҳанимҵахырхәо, асахьақәеи аидолқәеи ҳхы иаҳмырхәалароуп. (Шәаԥхьа Исаиа 42:8.)
Ҳара Иегова игәы ишақәшәо еиԥш ҳимҵахырхәалароуп (Римаа 12:1). Ус анакәха, изакәанқәа рыла ҳанхалароуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо ауаа аҭаацәара алазаара иазку Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Иара убас дара ашьцылара бааԥсқәа рҽырцәырыхьчоит, иаҳҳәап, аҭаҭын ахара, анаркотикқәа рыдкылара, насгьы арыжәтә аҽаршьраa.
-
-
Аԥсҭазаара — ҳамҭоупШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Шәгәабзиара шәахылаԥшла
Ауаҩы дқьырсианны даныҟало, иԥсҭаазараҿы еснагь Иегова игәаанагара дшазхәыцло ажәа ииҭоит. Инықәырԥшны иуҳәозар, ауаҩы ицәеижь Анцәа кәырбанс изнеигоит, уи Анцәа итәхоит. Шәаԥхьа Римаа 12:1, 2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Шәгәазҭазҵар акәзеи шәгәабзиара ахылаԥшра?
Ишԥашәылшо уи аҟаҵара?
-