Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аҩсҭаа идунеи ахәыцшьа шәаҿагыл!
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019 | ииун
    • 1. Иарбан лабжьароу апостол Павел иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа ириҭаз?

      «АРИ адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз»,— иҳәеит апостол Павел (Рим. 12:2). Иара ари алабжьара зиҭаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа роуп. Избан иара Анцәа зҽизызкхьаз, насгьы иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа абри аҩыза алабжьара зриҭаз? (Рим. 1:7).

      2, 3. Иҟаиҵозеи Аҩсҭаа Иегова ҳаиҟәигарц азы, аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара иҳалаҽны иҟоу агәаҳәарақәеи ахәыцрақәеи ҳариааирц азы?

      2 Павел игәы ҭынчмызт, избанзар ибон ақьырсианцәа шьоукы Аҩсҭаа идунеи ахәыцшьа шырныруаз, насгьы идыруан уи шшәарҭаз (Еф. 4:17—19). Ҳаргьы уи ҳахьыр ауеит. Аҩсҭаа ари адунеи анапхгаҩ иоуп, иара Иегова ҳаиҟәигарц дашьҭоуп, уи азы ихы иаирхәо рацәоуп. Ишьацҳәақәа руак аԥагьара ауп. Иаҳҳәап, Аҩсҭаа ахьӡ-аԥша ҳарҳарц шаҳҭаху ибозар, уи ихы иаирхәоит. Уи адагьы, иара ишиҭаху ахәыцра ҳалагарц азы ихы иаирхәар илшоит ҳааӡашьеи, ҳкультуреи, иҳамоу аҵареи.

  • Аҩсҭаа идунеи ахәыцшьа шәаҿагыл!
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019 | ииун
  • Аҩсҭаа идунеи ахәыцшьа шәаҿагыл!
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019 | ииун
    • «ЕСНАГЬ ШӘҼЫШӘЫԤСАХЛА, ШӘЫХШЫҨИ ШӘДЫРРЕИ РҾЫЦУА»

      4. Иарбан ԥсахрақәоу аӡәырҩы иҟаҳҵаз, раԥхьаӡа аҵабырг анеилаҳкаа?

      4 Ишәгәалашәыршәа раԥхьаӡа Анцәа Иажәа иану аҵабырг анеилышәкаа, насгьы Иегова имаҵ жәуларц анышәыӡба иҟашәҵаз аԥсахрақәа. Аӡәырҩы Иегова имаҵ аура иалагарц азы ицәгьаз аусқәа мап рцәыркит (1 Кор. 6:9—11). Ҳара Иегова идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит урҭ аусқәа рааныжьра дахьҳацхрааз азы.

      5. Иарбан шьаҿақәоу Римаа рахь 12:2 аҿы зыӡбахә ану?

      5 Аха ҳара уаҳа аҽыԥсахра ҳҭахым ҳәа ҳамхәыцлар ауп. Ҳаҽӡааҳхаанӡа ҳазҿыз аус цәгьақәа ҳшырҟәаҵхьоугьы, ҩаԥхьа урҭ рыҟаҵара ҳгәазҭазҵар алшо аусқәа ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Ишԥа? Павел иҳәеит: «Ари адунеи злаҟоу, ишьақәнаргылахьоу уи аҵас-қьабз рыла шәыҟамыз, урҭ шәырзымхьын, шәырмеилаҳан, еснагь шәҽышәыԥсахла, шәыхшыҩи шәдырреи рҿыцуа» (Рим. 12:2). Иалҳкаап иҟаҵатәу ҩ-шьаҿак. Актәи, ари адунеи злаҟоу ала ҳаҟамзар ауп. Аҩбатәи, ҳахшыҩи ҳдырреи ҳарҿыцлар ауп.

      Уҽуԥсахҵәҟьоу, мамзаргьы уҽуԥсахызшәа ҟауҵоу?

      Римаа рахь 12:2 иануп: «Шәҽышәыԥсахла». Уи иаанагоит ҳагәҭахәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳгәазыҳәарақәеи рыԥсахра — зынӡа даҽа уаҩны аҟалара, иаҳҳәап, аҟанҷ шԥарԥалыкьхо еиԥш. Уи аԥсахра 2 Коринфаа рахь 11:13—15 аҿы зыӡбахә ану зынӡа иеиԥшӡам. Уа иануп зҽызыԥсахызшәа ҟазҵо ауаа рыӡбахә.

      6. Иаҳдырҵозеи Матфеи 12:43—45 иану Иисус иажәақәа?

      6 Павел дызлацәажәоз аԥсахрақәа зыдҳәалоу ауаҩы иҭеиҭыԥш мацара акәӡам. (Шәахәаԥш арамка «Уҽуԥсахҵәҟьоу, мамзаргьы уҽуԥсахызшәа ҟауҵоу?».) Ҳара шьаҭанкыла ҳхәыцшьа ҳаԥсахыр ауп, уахь иаҵанакуеит ҳагәҭахәыцрақәа, ҳцәаныррақәа, ҳгәазыҳәарақәа. Ҳара дасу ҳхы ҳазҵаар ауп: «Исыԥсахуама сара схәыцшьеи, сышьцыларақәеи, сгәазыҳәарақәеи Христос сиҿыԥшларц азы, мамзаргьы ауаа ирбарҭоу аԥсахрақәа мацара роума иҟасҵо?» Ари азҵаара аҭак даара ихадоуп. Иисус иҳәеит иҟаҵатәу. (Шәаԥхьа Матфеи 12:43—45.) Иара иажәақәа ихадоу ак ҳдырҵоит: иазхом иҽеим ахәыцрақәа рааныжьра. Ҳара ҳахшыҩ ҳарҭәлар ауп Анцәа игәаԥхо ахәыцрақәа рыла.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра