-
Изакәызеи Анцәа Иаҳра?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
7. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп
Анапхгаҩцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳрагьы азакәанқәа амоуп. Уи анапхгара аҵаҟа инхало ауаа урҭ азакәанқәа ирықәныҟәалар ауп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Изеиԥшрахози адунеи, ауаа зегьы Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәозҭгьы?a
Шәгәы ишԥаанаго, имоума Иегова азин Аҳра анапхгара аҵаҟа инхало ауаа изакәанқәа рыхә ршьалоит ҳәа азыԥшра? Избан ус шәгәы изаанаго?
Иаҳзырбозеи Анцәа изакәанқәа рыла инымхо ауаа рҽырыԥсахыр шрылшо? (Шәахәаԥш ажәеинраала 11.)
Аҳәынҭқарцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп
-
-
Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
АУРОК 41
Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?
Аӡәырҩы ауаа асекс иазку атема алацәажәара иацәыԥхашьоит. Абиблиа асекс иаартны, патуқәҵарала иалацәажәоит. Уа иану анормақәа ҳара ҳрыхьчоит, ахәарҭа ҳзааргоит, избанзар урҭ Ҳазшаз Иегова инормақәа роуп. Иара ибзиаӡаны идыруеит ҳара иаҳзеиӷьу. Иегова еилыкка иҳаиҳәоит ҳхы шымҩаԥаҳгалаша, насыԥ ҳаманы наӡаӡа ҳанхаларц азы.
1. Дышԥазыҟоу Иегова асекс?
Асекс — Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара иҭахуп аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси уи агәахәара рзаанагаларц. Уи аҳамҭа абзоурала хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа роулар рылшоит, иара убас бзиа ишеибабо аадырԥшуеит. Убри азоуп Абиблиаҿы абас зану: «Уанқәыԥшыз иугаз аԥҳәыс улылагәырӷьала» (Ажәамаанақәа 5:18, 19). Иегова иҭахуп аҭаацәара иалоу ақьырсиан ихатә ҩыза ахаан димԥсахларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:4.)
2. Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?
Абиблиаҿы иануп: «Ламысдарала зхы мҩаԥызго... Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам» (1 Коринфаа 6:9, 10). Абырзен бызшәала иҩыз абиблиатә шәҟәқәа рҿы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа ажәа порне́иа ала иаарԥшуп. Уи ажәа ҵакыс иамоуп: 1) закәанла аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәаa; 2) агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа, 3) ауааи арахәи рыбжьара асекс. Иегова изакәанқәа рыла ҳанхозар, игәы иахәо ҟаҳҵалоит. Уи адагьы, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчоит (1 Фессалоникаа 4:3).
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Еилышәкаа асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҽырцәыхьчара ишәыцхраауа, насгьы Анцәа инормақәа шәшырыхьчо.
3. Асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа шәҽырцәышәыхьчала
Анцәа гәыкала имаҵ зуаз Иосиф дхызхырц зҭахыз аԥҳәыс мап лцәикит. Шәаԥхьа Аҟазаара 39:1—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан Иосиф дыҩны дызцаз? (Шәахәаԥш ажәеинраала 9.)
Шәгәы ишԥаанаго, ииашаны ихы мҩаԥигама Иосиф? Избан ус шәгәы изаанаго?
Ишԥарылшо иахьа аҿар Иосиф иҿыԥшра? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.
Иегова иҭахуп ҳара зегьы инормақәа ҳрықәныҟәаларц. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:18, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иарбан ҭагылазаашьақәоу ауаҩы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь дназгар алшо?
Ишәыцхраауазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рыҟамҵара?
4. Шәхызхыр алшо шәаҿагылар шәылшоит!
Избан зны-зынла иламысдоу уск аҿагылара зыуадаҩу? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Иҟаиҵазеи ари ахаҵа, ихаҿы иааиуаз хәыцрақәак ихатә ҩыза лыԥсахрахь днаргар шалшо анеиликаа?
Аԥышәа змоу ақьырсианцәагьы рхәыцрақәа рыцклаԥшра рзымариаӡам. Ишәыцхраар алшозеи иҽеим ахәыцрақәа рҿагылара? Шәаԥхьа Филиппаа 4:8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи ҳара еснагь?
Абиблиа ҳаԥхьозар, насгьы Иегова имаҵ аураҿы еснагь ҳаилахазар, ишԥаҳацхраауеи уи агәнаҳа аҽацәыхьчара?
5. Иегова инормақәа ҳрыхьчоит
Иегова иаҳзеиӷьу идыруеит. Иара иҳаилиркаауеит ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҟаҵалатәу, насгьы ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа иаҳзаанаго алҵшәа бзиақәа. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 7:7—27, мамзаргьы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
Дышԥақәшәеи ари арԥыс дхызхыр алшоз аҭагылазаашьа? (Шәахәаԥш Ажәамаанақәа 7:8, 9.)
Ажәамаанақәа 7:23, 26 ишаҳдырбо еиԥш, асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа алҵшәа бааԥсқәа ааргоит. Иарбан уадаҩрақәоу ҳхы зцәаҳахьчо, Анцәа инормақәа ҳрықәныҟәозар?
Ишԥаҳацхраауеи ицқьоу ахымҩаԥгашьа аԥсҭазаара алагәырӷьара иахьагьы наӡаӡагьы?
Шьоукы ирҳәоит Абиблиа агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа ирызкны иаҳәо мыцхәы иџьбарацәоуп ҳәа. Аха Иегова абзиабара злоу Анцәа иоуп, иара иҭахуп дарбанзаалак ауаҩы наӡаӡа дынхаларц. Аха уи азы иара инормақәа ирықәныҟәалатәуп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Агомосексуалтә гәаҳәарақәа заҵәык роума Анцәа ииашаӡам ҳәа ииԥхьаӡо?
Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Избан уи азы аџьабаа абара изаԥсоу? Шәаԥхьа Аԥсалом 19:8, 11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Шәгәы ишԥаанаго, аҟәыӷара рыҵоума Иегова инормақәа? Избан ус шәгәы изаанаго?
Иегова аӡәырҩы ицқьоу инормақәа рыла анхара иалагарц дрыцхраахьеит. Шәаргьы дшәыцхраауеит
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ҩыџьа бзиа еибабозар, урҭ рыбжьара асекс цәгьарак аҵам».
Аҭак шԥаишәҭарыз ус згәы иаанаго ауаҩы?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Асекс — ари Иегова закәанла аҭаацәара еицалоу хаҵеи-ԥҳәыси ириҭаз ҳамҭоуп.
Аиҭахысра
Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?
Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҟынтә?
Хәарҭас иаҳзааргозеи Иегова инормақәа?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Избан Анцәа изы акыр заҵанакуа ахаҵеи аԥҳәыси закәанла аҭаацәара еицалоу-еицаламу?
«Что в Библии говорится о сожительстве до брака?» (авеб-статиа)
Абиблиа иаҳәаӡом агомосексуалистцәа ҳцәымӷзароуп ҳәа.
Еилышәкаа Анцәа асекс аганахьала ишьақәиргылаз азакәанқәа ҳшырыхьчо.
«Можно ли назвать оральный секс настоящим сексом?» (авеб-статиа)
Шәаԥхьа астатиа «Они отнеслись ко мне с уважением», насгьы еилышәкаа уаанӡа игомосексуалистыз хаҵак Анцәа изакәанқәа рыла анхара алагара ицхрааз.
«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2011, аурыс)
a Уахь иаҵанакуеит асекс ахаҭа, аоралтә ма аналтә секс, насгьы аӡәы иԥхашьаратә ҭыԥқәа ршьышьра.
-
-
Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
АУРОК 43
Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?
Адунеи аҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхо ауаа арыжәтә ишазыҟоу еиԥшӡам. Шьоукы бзиа ирбоит зны-зынла рҩызцәеи дареи ааидтәаланы маҷк ажәра. Даҽа шьоукы зынӡа ирымжәларц рыӡбеит. Иҟоуп арыжәтә зҽазыршьуагьы. Аха иаҳәозеи Абиблиа арыжәтә аганахьала?
1. Иаҳәома Абиблиа арыжәтә ажәра ҟалаӡом ҳәа?
Абиблиа арыжәтә ажәра иақәыӡбаӡом. Уа иануп аҩы Анцәа ауаа ириҭаз аҳамҭақәа ишыруаку, насгьы аҩы ауаҩы игәы арлахҿыхуеит ҳәа (Аԥсалом 104:14, 15). Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ахацәеи аҳәсеи шьоукы арыжәтә ржәуан (1 Тимофеи 5:23).
2. Иарбан гәҽанҵароу Абиблиа иаҳнаҭо арыжәтә аганахьала?
Иегова амцхә арыжәтә ажәреи аҽаршьреи дақәыӡбоит (Галатаа 5:21). Иара Иажәаҿы иануп: «Урыцымлан аҩы зҽазыршьуа» (Ажәамаанақәа 23:20). Убри аҟынтә арыжәтә ҳжәырц ҳаӡбазар, уи ҳхала ҳаныҟоу акәзаргьы, иаҭахӡам ҳхы ҳамыхәо, ма ҳгәабзиара ашәарҭара иҭанаргылартә аҟынӡа ажәра. Арыжәтә аганахьала шәхы шшәызнымкыло жәбозар, иҟалап еиҳа еиӷьзар зынӡа арыжәтә мап ацәышәкыр.
3. Ишԥааҳарԥшри егьырҭ рыӡбарақәа пату шрықәаҳҵо?
Дарбанзаалак ауаҩы ихаҭа иӡбароуп арыжәтә ижәуоу-имжәуоу. Ҳара арыжәтә иахмырҟьацәакәа изжәуа рықәыӡбара азин ҳамаӡам. Иара убас арыжәтә зжәыр зҭахым ишәжәы ҳәа рыдцалара ҳахәҭаӡам (Римаа 14:10). Аӡәы арыжәтә ауадаҩрақәа шизцәырнаго ҳдыруазар, еиӷьуп иара дахьыҟоу зынӡа иҳамжәыр. (Шәаԥхьа Римаа 14:21.) Ҳара ҳзышьҭазар ҳахәҭоу ҳара иҳахәаша акәымкәа, егьырҭ ирыхәаша ауп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:23, 24.)
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Арыжәтә шәжәру-ишәымжәру, насгьы ишәжәуазар, шаҟа шәжәуа аӡбара ишәыцхраауа абиблиатә принципқәа еилышәкаа. Иара убас еилышәкаа арыжәтә аганахьала аҽынкылара шәымамзар, иҟашәҵар шәылшо.
4. Ишәжәуоу-ишәымжәуоу шәыӡба
Дышԥазыҟаз Иисус арыжәтә? Уи еилаҳкаарц азы, шәааи иаҳгәалаҳаршәап раԥхьатәи иџьашьахәы. Шәаԥхьа Иоанн 2:1—11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Дышԥарзыҟаз Иисус арыжәтәи арыжәтә зжәуаз ауааи?
Иисус арыжәтә мап ацәимкуазҭгьы, нас, ҳашԥарзыҟазар акәу ҳара иахмырҟьацәакәа арыжәтә зжәуа ақьырсианцәа?
Ақьырсианцәа арыжәтә ажәра азин шрымоугьы, иҟоуп аҭагылазаашьақәа арыжәтә ажәра ахьрыхәҭам. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3, анаҩс шәазхәыц ҵаҟа иаагоу афактқәа арыжәтә шәжәру-ишәымжәру аӡбара ишшәыцхраауа:
машьынала џьара ацара, ма техникак ала аусура шәгәы иҭоуп;
шәцәашәтәымкәа шәыҟоуп;
аҳақьым арыжәтә шәымжәын ҳәа шәеиҳәеит;
арыжәтә аганахьала аҽынкылара шәымаӡам;
азакәан арыжәтә ажәра азин шәнаҭаӡом;
арыжәтә аганахьала уаанӡа ауадаҩра змаз, насгьы уаҳа ижәлаӡом ҳәа зыӡбаз ауаҩы дшәыдтәалоуп.
Иаԥсоума ачараҿы ма аиҩызцәа реиԥылараҿы арыжәтә ақәыргылара? Ари авидеонҵамҭа уи иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара ишәыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.
Шәаԥхьа Римаа 13:13, насгьы 1 Коринфаа 10:31, 32. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишԥашәыцхраауеи ари апринцип Иегова игәы иахәо аӡбара адкылара?
Дарбанзаалак ақьырсиан ижәлоу-имжәлоу иӡбароуп. Ижәлоит ҳәа иӡбазар, иахьимжәыша аҭагылазаашьақәа заа дрызхәыцроуп
5. Ишәыӡба шаҟа шәжәыр ҟало
Иегова арыжәтә ажәра азин ҳаиҭеит, аха мыцхәы анаҳжәуа, уи дақәыӡбоит. Избан? Шәаԥхьа Осиа 4:11, 18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иҟалар алшозеи, ауаҩы мыцхәы ижәыр?
Иҟашәҵар шәылшозеи, амцхә шәымжәырц азы? Шәхы шәақәымгәыӷлан. Иаҭахуп шаҟа шәжәуа заа иӡбаны ишәымазар. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 11:2, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан шаҟа шәжәуа заа ишәыӡбар зыбзиоу?
6. Арыжәтә ажәра шьцыларас измоу даиааир шилшо
Еилышәкаа хаҵак арыжәтә акажьра ицхрааз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ихы шԥамҩаԥигоз Дмитри ианижәуаз?
Илшама иара иаразнак арыжәтә ааныжьра?
Ицхраазеи уи ашьцылара бааԥс акажьра?
Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:10, 11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан арыжәтә аҽаршьра гәнаҳа ӷәӷәоуп ҳәа изыԥхьаӡоу?
Ишԥаҳдырбо арҭ ажәеинраалақәа арыжәтә аҽаршьра шьцыларас измоу уи аанрыжьыр шрылшо?
Шәаԥхьа Матфеи 5:30, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ажәақәа «уарӷьа напы хҵәа» иаанагоит Иегова дҳаргәырӷьалар анаҳҭаху, ак мап ацәаҳкыр шҳахәҭоу, уи ҳзымариамзаргьы. Иҟашәҵар шәылшозеи, арыжәтә ажәра шьцыларас ишәымазар?a
Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:33, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Шәҩызцәа арыжәтә шаҟа шәжәуа ианырыр шԥарылшо?
АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ақьырсианцәа арыжәтә ржәыр ҟалома?»
Аҭак шԥаҟашәҵарыз?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Иегова арыжәтә ауаа агәахәара рзаанагаларц азы ириҭеит. Аха иара мыцхәы арыжәтә ажәреи аҽаршьреи дақәыӡбоит.
Аиҭахысра
Иаҳәозеи Абиблиа арыжәтә аганахьала?
Избан мыцхәы арыжәтә ажәра зшәарҭоу?
Ишԥаҳалшо арыжәтә аганахьала егьырҭ ирыдыркылаз аӡбара пату шақәаҳҵо аарԥшра?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Ирыцхраауазеи аҿар арыжәтә ржәру-ирымжәру аӡбара?
Ишәыцхраар алшозеи, арыжәтә ажәра шьцыларас ишәымазар?
«Развивайте правильное отношение к алкоголю» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2010, аурыс)
Ирыхәҭоума ақьырсианцәа аныҳәаҿақәа раанкылара?
«Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», февраль 15, 2007, аурыс)
Шәаԥхьа астатиа «Друг назвал меня бездонной бочкой», насгьы еилышәкаа арыжәтә ажәра шьцыларас измаз хаҵак уи ааныжьра ицхрааз.
«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», маи 1, 2012, аурыс)
a Шьоукы арыжәтә ажәра иаҟәыҵырц азы аспециалистцәа рыцхыраара рҭахуп. Аҳақьымцәа реиҳараҩык ирҳәоит ус еиԥш иҟоу ашьцылара змоу ауаа арыжәтә зынӡа мап ацәыркыр шрыхәҭоу.
-
-
Иҟаҵатәузеи, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Иегова гәыкала бзиа дыжәбозаргьы, игәы ишәмырхьырц азы ишәылшо зегь ҟашәҵозаргьы, зегь акоуп зны-зынла агхақәа ҟашәымҵалар залшом. Аха гәнаҳақәак еиҳа иӷәӷәоуп егьырҭ раасҭа (1 Коринфаа 6:9, 10). Гәнаҳа ӷәӷәак ҟашәҵазар, ишәхашәмыршҭлан: Иегова бзиа шәбара даҟәымҵӡеит. Иара ишәанаижьырц, насгьы дшәыцхраарц иҭахуп.
1. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, Иегова иҳанаижьырц ҳҭахызар?
Иегова бзиа дызбо гәнаҳа ӷәӷәак шыҟарҵаз анеилыркаалак, даараӡа ргәы рыхьуеит. Аха дара Иегова ижәлар иреиҳәаз ажәақәа ргәы арҭынчуеит: «Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба иеиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит» (Исаиа 1:18). Гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова урҭ ҳанаижьуеит. Иаанагозеи ахьхәра? Иҟаҳҵаз даараӡа ҳгәы анҳнархьуа, уи уаҳа ахаангьы ианыҟаҳамҵо, насгьы Иегова иҳанаижьырц азы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳаниҳәо — убри ауп ахьхәра иаанаго. Иара убас агәнаҳа ҳзырҟаҵаз ахәыцрақәеи ашьцыларақәеи ааныжьны, Иегова инормақәа рыла ҳанхаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. (Шәаԥхьа Исаиа 55:6, 7.)
2. Дышԥаҳацхраауеи Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа рыла?
Аӡәы гәнаҳа ӷәӷәак ҟаиҵазар, Иегова иҭахуп уи ацхырааразы аизара ахылаԥшыҩцәа дрыҳәарц. (Шәаԥхьа Иаков 5:14, 15.) Аизара ахылаԥшыҩцәа Иеговеи уи иуасақәеи бзиа ирбоит. Урҭ ахацәа ибзианы ирдыруеит Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҿыц аиҭашьақәыргыларазы иҟаҵатәу (Галатаа 6:1).
Ишԥаҳацхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа? Ҩыџьа ма хҩык аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа рхы иархәаны иҳаилдыркаауеит иҟаҳҵаз Анцәа иҿаԥхьа изиашам. Иара убас дара ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы уаҳа агәнаҳа ҟаҳамҵарц азы иҳацхраауа алабжьарақәа ҳарҭоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҵаны иахьымхәуа ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакны дзаанхаӡом ҳәа рыӡбоит, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ԥырхага римҭарц азы.
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Еилышәкаа Иегова агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз дышрыцхраауа. Усҟан шәара еиҳагьы уи ицхыраара ахә шәшьалоит.
3. Агәнаҳа шыҟаҳҵаз аартны иаҳҳәозар, уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара аиҭашьақәыргылара иҳацхраауеит
Иҟаҳҵаз агәнаҳа зеиԥшразаалакгьы, уи Иегова игәы инархьуеит. Убри аҟынтә зегь раԥхьаӡа иргыланы иара иоуп агәнаҳа шыҟаҳҵаз ззеиҭаҳҳәаша. Шәаԥхьа Аԥсалом 32:1—5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан агәнаҳа шыҟаҳҵаз ҳҵәахыр аасҭа, Иегова изеиҭаҳҳәар еиҳа изеиӷьу?
Еиҳагьы ибзиахоит агәнаҳа шыҟаҳҵаз Иегова идагьы, аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирзеиҭаҳҳәар. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Ишԥаицхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа ари аиашьа Иеговеи иареи реиҩызара аиҭашьақәыргылара?
Ҳара аизара ахылаԥшыҩцәа зегь аартны, акгьы мӡаӡакәа, ишыҟаҵәҟьоу ирзеиҭаҳҳәароуп. Дара аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ зыруа иҳацхрааларц азоуп. Шәаԥхьа Иаков 5:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан аизара ахылаԥшыҩцәа ҳацхраара еиҳа изырзымариахо, акгьы мӡакәа, зегь аартны ианырзеиҭаҳҳәо?
Агәнаҳа шыҟашәҵаз Иеговеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ирзеиҭашәҳәа, насгьы урҭ ишәырҭо ацхыраара шәыдышәкыл
4. Иегова агәнаҳаҟаҵаҩцәа рахь арыцҳашьара ааирԥшуеит
Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы уаҳа Иегова инормақәа рықәныҟәара иҭахымзар, аизара дахәҭакны дзаанхаӡом. Иара уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбалак, ҳара уи уаҳа ҳицлаӡом. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 5:6, 11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь арҵәыҵәуеит. Ишԥаҳнарбо ари аҿырԥштәы, зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара зегь ԥырхага аиҭар шилшо?
Аизара ахылаԥшыҩцәа инаӡам агәнаҳаҟаҵаҩцәа рахь арыцҳашьара аазырԥшуа Иегова иҿыԥшуеит. Дара уаҳа аизара иахәҭакым ауаа ирҭаауеит, иагьрыцхраауеит. Аӡәы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа анырыӡбо, уи игәы инархьуеит, аха уи абзоурала иҟарҵаз шиашамыз еилкааны, аизарахь ихынҳәыз рацәаҩуп (Аԥсалом 141:5).
Ишԥаанарԥшуеи Иегова агәнаҳаҟаҵаҩцәа дшырзыҟоу иҟаиҵо зегь шиашоу, насгьы арыцҳашьареи абзиабареи шилоу?
5. Ҳагәнаҳа ҳахьхәуазар, Иегова иҳанаижьуеит
Иисус аҿырԥштәы ааганы иаҳирбеит ауаҩы игәнаҳа данахьхәуа, Иегова шаҟа дгәырӷьо. Шәаԥхьа Лука 15:1—7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иаҳнарҵозеи ари аҿырԥштәы Иегова изкны?
Шәаԥхьа Иезекииль 33:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Излоубарҭозеи ауаҩы иҟаиҵаз агәнаҳа гәыкала дшахьхәуа?
Иегова, ахьча иеиԥш, гәыкала иуасақәа дырхылаԥшуеит
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Аизара ахылаԥшыҩцәа зегь рзеиҭасҳәар, уаҳа аизара сахәҭакӡам ҳәа рыӡбар ҳәа сшәоит».
Иашәҳәозеи ус згәы иаанаго ауаҩы?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аха уи гәыкала ҳахьхәуазар, насгьы иҟаҳҵаз агха уаҳа иаҳмыхьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова иҳанаижьуеит.
Аиҭахысра
Избан агәнаҳа шыҟаҳҵаз Иегова изеиҭаҳҳәар еиҳа изеиӷьу?
Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, Иегова ҳагәнаҳа ҳанаижьырц азы?
Избан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар зҳахәҭоу?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Шәахәаԥш хаҵак Исаиа 1:18 аҿы ишаҳәо еиԥш Иегова арыцҳашьара шилоу анеиликаа, уи шицхрааз.
Ишԥарыцхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз?
«Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша» («Ахьчаратә бааш», август 2024)
Еилышәкаа зыгәнаҳа иахьымхәуа рахь абзиабареи арыцҳашьареи шаадырԥшуа.
«Аизара ахылаԥшыҩцәа уаҳа аизара иахәҭакым ишрыцхраауа» («Ахьчаратә бааш», август 2024)
Шәаԥхьа абиографиа «Я решил вернуться к Иегове», насгьы еилышәкаа хаҵак аизарахь ахынҳәра игәазҭазҵаз.
«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2012, аурыс)
-