-
Игәаԥхома Анцәа аныҳәақәа зегьы?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Шәаԥхьа Ефесаа 5:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ишәыцхраауазеи ныҳәак шәхы алашәырхәру-иалашәмырхәру аӡбара?
Иарбан ныҳәақәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы еиҳараӡак иазгәарҭо?
Шәгәы ишԥаанаго, игәаԥхома Иегова урҭ аныҳәақәа?
Иаҳҳәап, шәазхәыцхьоума Иегова амширақәа разгәаҭара дшазыҟоу? Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Иегова имаҵзуҩцәа амшира азгәарҭон ҳәа. Аха уа иануп амшира азгәазҭоз ҩыџьа рҭоурых. Дара Иегова имаҵ руӡомызт. Шәаԥхьа Аҟазаара 40:20—22, насгьы Матфеи 14:6—10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Еицырзеиԥшузеи арҭ аҩмширак?
Дышԥазыҟоу Иегова амшира азгәаҭара, арҭ аҩҭоурыхк излаҳдырбо ала?
Аха иҟалап ус шәхәыцуазар: «Ихадаҵәҟьоума Иегова изы амшира ма уи иеиԥшу даҽа ныҳәак азгәаҭара салахәу-салахәыму?» Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 32:1—8. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан Иегова ныҳәак игәаԥхоу-игәамԥхоу еилаҳкаар зҳахәҭоу?
Ишԥеилаҳкаари иара игәаанагара?
Ишԥеилаҳкаари ныҳәак иазкны Анцәа игәаанагара?
Иаҿагылома ари аныҳәа Абиблиа иаҳнарҵо? Еилышәкаа аныҳәа хыҵхырҭас иамоу.
Дҳаранакуама ари аныҳәа уаҩык, иҳаранакуама организациак ма амилаҭтә символк? Иегова заҵәык иоуп ахьӡ-аԥша заҳҭалар ҳахәҭоу, иара заҵәык иоуп уи иаԥсоу, иара заҵәык иоуп адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегь рыӡбара зылшо.
Ирҿагылома абиблиатә нормақәа уи аныҳәа азгәаҭараан иҟарҵо? Ҳара ҳхымҩаԥгашьа еснагь ицқьазароуп.
-
-
Шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, Анцәа дшәыргәырӷьалаШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
АУРОК 53
Шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, Анцәа дшәыргәырӷьала
Иегова — насыԥ змоу Нцәоуп (1 Тимофеи 1:11). Иара иҭахуп ҳаргьы насыԥ ҳамазарц, насгьы аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц. Иара игәы иахәоит ҳаԥсы ҳшьарц, насгьы ҳамчқәа ҭаҳҵарц азы аамҭа аналҳхуа. Ари аурок аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова игәы имырхькәа, ибзианы ҳаԥсы ҳшьалар шҳалшо.
1. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, ҳгәы злаҳарҿыхаша аналҳхуа?
Шәыԥсы шԥашәшьо шәара? Шьоукы бзиа ирбоит ҭынч аҩны итәаны, рыԥсы аныршьо. Дара ашәҟәы иаԥхьоит, амузыка иазыӡырҩуеит, фильмк иахәаԥшуеит, ма аинтернет аҿы ак рыԥшаауеит. Даҽа шьоукы бзиа ирбоит рҩызцәеи дареи рыԥсы анеицыршьо. Дара аԥсабарахь ицоит, аӡы иҭалоит, ма еицыхәмаруеит. Ҳгәы злаҳарҿыхозаалакгьы, уи Анцәа игәы иақәшәозароуп (Ефесаа 5:10). Уи даараӡа ихадоуп, избанзар иахьа иҟоу агәырҿыхагақәа реиҳарак рҿы Иегова ицәымӷу рацәоуп, иаҳҳәап, ақәымчра, аибапҟара, аибашьра, ламысдарала ахымҩаԥгара, иара убас адемонизм. (Шәаԥхьа Аԥсалом 11:5.) Иҳацхраар алшозеи ҳгәы злаҳарҿыхо ииашаны алхра?
Иегова бзиа дызбо ҩызцәас ишьҭаҳхуазар, урҭ агәырҿыхага бзиақәа ралхра иҳацхраалоит. Ус еиԥш иҟоу аҩызцәа ирҿаҳҵаауагьы рацәахоит. Аурок 48 аҿы ишеилаҳкааз еиԥш, «аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит» (Ажәамаанақәа 13:20). Аха Анцәа игәаанагара хьаас измам ауаа еснагь аамҭа рыцаҳхаҳгалар, уи алҵшәа бааԥсқәа ҳзаанагоит.
2. Избан шаҟа аамҭа ҳаԥсы ҳшьо ҳацклаԥшлар зҳахәҭоу?
Гәырҿыхагас иалҳхуа бзиазаргьы, уи шаҟа аамҭа ақәҳарӡуа ҳазхәыцлароуп. Ус ҟаҳамҵалар, еиҳа ихадоу аусқәа рзы аамҭа ҳзаанымхар алшоит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳкларц. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16.)
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Еилышәкаа шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, шәзызхәыцлар шәыхәҭоу.
3. Иҽеим агәырҿыхагақәа шәҽырцәышәыхьчала
Избан агәырҿыхагақәа ибзианы ухәыцны изалухлар акәу? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Излеиԥшузеи ажәытәан иҟаз агладиатортә хәмаррақәеи иахьа иҟоу агәырҿыхагақәеи?
Еиликаазеи Денни агәырҿыхагақәа рганахьала?
Шәаԥхьа Римаа 12:9, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишәыцхраар шԥалшо ари ажәеинраалаҿы иаагоу апринцип ииашаны агәырҿыхагақәа ралхра?
Ицәымӷузеи Иегова? Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 6:16, 17, насгьы Галатаа 5:19—21. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иарбан усқәоу арҭ ажәеинраалақәа рҿы еиқәыԥхьаӡоу рҟынтә иахьа иҟоу агәырҿыхагақәа рҿы иуԥыло?
Агәырҿыхага бзиа шалхтәу
Шәхы шәазҵаа:
Изеиԥшроузеи? Ари агәырҿыхага Иегова ицәымӷу ҳәа акралоума?
Ианба? Ирԥырхагоума уи еиҳа ихадоу аусқәа?
Сызцызаауада? Иегова бзиа дзымбо ауаа срыднагалома, насгьы ирацәаны аамҭа рыцысхызгалома?
Ибзиоуп ашәарҭара ҳҽацәаҳахьчалар, уи ааигәара ҳамнеилар. Убри аҟынтә иалҳхуа агәырҿыхага ҳԥырхагахар шалшо ҳдыруазар, еиӷьуп даҽакы алҳхыр.
4. Баша аамҭа шәымгалан
Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иарбан уадаҩроу аиашьа имаз, уи иҽеимыз ҳәа акгьы дшамыхәаԥшуазгьы?
Шәаԥхьа Филиппаа 1:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишәыцхраар шԥалшо ари ажәеинраалаҿы иаагоу апринцип аԥсшьара шаҟа аамҭа ақәшәырӡло аӡбара?
5. Агәырҿыхага бзиа алшәхла
Иҟоуп Иегова игәамԥхо агәырҿыхагақәа, аха убри аамҭазгьы имаҷӡам ибзианы ҳаԥсы ҳзыршьо, агәырӷьареи ахәарҭеи ҳзаазго егьырҭ аусқәа. Шәаԥхьа Екклезиаст 8:15, насгьы Филиппаа 4:8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ақьырсианцәа ирықәнагоу агәырҿыхагақәа рҟынтә иарбанқәоу шәара ишәгәаԥхо?
Аамҭа ибзианы иаҳхаҳгарц, насгьы ҳаԥсы ҳшьарц азы алшарақәа рацәаны иҟоуп, урҭ ахәарҭагьы ҳзааргоит
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Цәгьарас ирыҵоузеи аибапҟареи, аибашьреи, аламысдареи, адемонизми ахьыҟоу агәырҿыхагақәа? Урҭ рыла сгәы сырҿыхеит ҳәа, схаҭа урҭ аусқәа ҟасҵома?!»
Аҭак шԥаҟашәҵарыз?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Иегова иҭахуп ԥырхага ҳазымҭо, ахәарҭеи агәырӷьареи ҳзаазго агәырҿыхагақәа алҳхларц.
Аиҭахысра
Иарбан гәырҿыхагақәоу ақьырсианцәа ирықәнагам?
Избан агәырҿыхагақәа шаҟа аамҭа рықәҳарӡуа ҳацклаԥшлар зҳахәҭоу?
Избан Иегова игәаԥхо агәырҿыхагақәа ралхра зышәҭаху?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Изыӡбода шәыԥсы шышәшьаша?
«Запрещены ли у Свидетелей Иеговы какие-то фильмы, книги или песни?» (авеб-статиа)
Ишәыцхраар алшозеи шәыԥсы шышәшьо аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара?
«Полезен ли твой отдых?» («Ахьчаратә бааш», октиабр 15, 2011, аурыс)
Шәаԥхьа абиографиа «Я преодолел свою ненависть к белым», насгьы еилышәкаа хаҵак иалихуаз агәырҿыхагақәа аанижьырц зиӡбаз.
«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», февраль 1, 2010, аурыс)
Шәахәаԥш ԥҳәыск лхы шымҩаԥылгаз, дызхәаԥшуаз афильм адемонизм ишадҳәалоу анеилылкаа.
«Адемонизм иадҳәалоу агәырҿыхагақәа шәхы рцәышәыхьчала» (2:02)
-