-
Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Иҟаиҵар акәзеи ауаҩы иҽӡааихаанӡа?
Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа, Иегова ибзианы дыжәдырроуп, ахаҵарагьы еизшәырҳароуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа 11:6.) Иегова еиҳа еиӷьны дыжәдырцыԥхьаӡа, шәхаҵарагьы еизҳацыԥхьаӡа, шәыбзиабарагьы ӷәӷәахалоит. Усҟан шәара ишәҭаххоит Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара, насгьы иԥҟарақәа еснагь рықәныҟәара (2 Тимофеи 4:2; 1 Иоанн 5:3). Ауаҩы Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш ихы мҩаԥигозар, Иегова игәы иахәо ҟаиҵозар, иԥсҭазаара Анцәа изкны, иҽӡааихырц иҭаххоитa (Колоссаа 1:9, 10).
-
-
Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
a Ауаҩы уаанӡа даҽа динхаҵарак идкыланы, аӡы иҽӡааиххьазаргьы, уи ҿыц иҽӡааихроуп. Избан? Избанзар уаанӡа имаз адинхаҵараҿы Абиблиа иану аҵабырг акәӡам идырҵоз. (Шәахәаԥш Аусқәа 19:1—5, иара убас аурок 13.)
-
-
Шәазхиоума шәара аӡы аҽӡаахра?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
1. Шаҟа жәдыруазар акәзеи аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа?
Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа шәара аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адырра шәоуроуп (1 Тимофеи 2:4, албаага). Уи иаанагаӡом шәара Абиблиа иадҳәалоу азҵаарақәа зегь рҭак жәдыруазар ауп ҳәа. Акыр шықәса раԥхьа зыҽӡаазхыз ақьырсианцәагьы еснагь иҿыцу ак еилыркаауеит, насгьы ирымоу адыррақәа еиздырҳауеит (Колоссаа 1:9, 10). Аха шәара ихадоу абиблиатә ҵарақәа ибзианы еилышәкаауазароуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа иахәҭоу адыррақәа шәымоу-ишәымаму аилкаара ишәыцхраауеит.
-