Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Иегова иҩызцәа рҟынтә дыззыԥшу

      Ҳәарада, ҳара ҳҩызцәа рҟынтә ҳаззыԥшу ыҟоуп.

      • Шәыззыԥшузеи шәара шәҩызцәа рҟынтә?

      Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Дыззыԥшузеи Иегова иҩызцәа рҟынтә?

      Иегова игәы ҟаҳҵаларц азы, ҳхымҩаԥгашьа ма иҳалоу ҟазшьак ԥсахтәхар алшоит. Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Избан Иегова иҩызцәа дызрыҳәо рыԥсҭазаараҿы ак рыԥсахырц?

      Аус зуа ауаҩы аус ицызуа акаска ииҭоит.

      Аҩыза бзиа ашәарҭара уақәымшәарц азы заа угәуҽаниҵоит. Иеговагьы убас ҟаиҵоит

  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа, Иегова ибзианы дыжәдырроуп, ахаҵарагьы еизшәырҳароуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа 11:6.) Иегова еиҳа еиӷьны дыжәдырцыԥхьаӡа, шәхаҵарагьы еизҳацыԥхьаӡа, шәыбзиабарагьы ӷәӷәахалоит. Усҟан шәара ишәҭаххоит Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара, насгьы иԥҟарақәа еснагь рықәныҟәара (2 Тимофеи 4:2; 1 Иоанн 5:3). Ауаҩы Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш ихы мҩаԥигозар, Иегова игәы иахәо ҟаиҵозар, иԥсҭазаара Анцәа изкны, иҽӡааихырц иҭаххоитa (Колоссаа 1:9, 10).

  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • a Ауаҩы уаанӡа даҽа динхаҵарак идкыланы, аӡы иҽӡааиххьазаргьы, уи ҿыц иҽӡааихроуп. Избан? Избанзар уаанӡа имаз адинхаҵараҿы Абиблиа иану аҵабырг акәӡам идырҵоз. (Шәахәаԥш Аусқәа 19:1—5, иара убас аурок 13.)

  • Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Шәхаҿы иаажәг аӡәы шәыԥсҭазаара еиқәирхазшәа. Ишәхашҭрызу уи ишәзыҟаиҵаз? Ҳәарада, мап. Уи ауаҩ иҭабуп ҳәа иашәҳәарц азы алшарақәа шәыԥшаауан, ус ауми?

      Иегова ибзоурала ҳара наӡаӡа анхара алшара ҳамоуп. Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8—10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Избан Иисус иԥсхҭынҵара зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

      • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз шәаназхәыцуа?

      Ишԥашәылшо Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳәара? Шәаԥхьа 2 Коринфаа 5:15, насгьы 1 Иоанн 4:11; 5:3. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥашәылшо, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Иеговеи Иисуси иҟарҵаз ахә шышәшьо аарԥшра?

  • Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 34. Ахаҵа ақалақь аҿы дхәыцуа ажәҩан даҵаԥшуеит.

      АУРОК 34

      Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?

      Абиблиа аҭҵаара шәалагеижьҭеи еиҳагьы Анцәа шәшизааигәахаз гәашәҭама? Ишәҭахума шәеиҩызара анаҩсгьы ишәырӷәӷәалар? Ишәҭахызар, ишәхашәмыршҭлан Анцәа шаҟа бзиа дыжәбало аҟара иаргьы еиҳа бзиа шәшибало, насгьы еиҳагьы шәыхә ҳаракны ишишьало. Ишәырбар шԥашәылшо Анцәа бзиа дшыжәбо?

      1. Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?

      Иегова ҳанизыӡырҩуа, бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3.) Иара аӡәгьы идицалаӡом изакәанқәа рыла анхара. Иара дасу алшара ииҭеит иҟаиҵаша ихала иӡбаларц. Избан Иегова ус зыҟаиҵо? Избанзар иара иҭахуп гәыкала ҳаизыӡырҩларц (Римаа 6:17). Иара ус иахәҭоуп ҳәа акәымкәа, бзиа дбаны ҳаизыӡырҩларц иҭахуп. Ари ашәҟәаҿы иҟоу 3-тәи, 4-тәи аҟәшақәа шәыцхраауеит Анцәа игәаԥхо аҟаҵареи игәы изырхьуа шәхы ацәыхьчареи.

      2. Избан Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра зны-зынла изымариам?

      Абиблиаҿы иануп: «Ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп» (Аԥсалом 34:19). Ҳара зегьы аԥсыҽрақәеи агхақәеи ҳамоуп. Уи адагьы, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәеи, аиашамреи, егьырҭ ауадаҩрақәеи ҳрықәшәар ауеит. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, Иегова ииҳәо аҟаҵара мариамызшәа ҳбар алшоит, избанзар ииашам аҟаҵара еиҳа имариоуп. Аха Иегова ишәеиҳәо ҟашәҵалар, иара игәаанагара шәара шәзы зегь реиҳа ишхадоу аашәырԥшуеит. Убасала шәышизиашоу ишәырбалоит, иаргьы дшәызиашазаауеит. Иара ахаангьы шәаанижьӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 4:3.)

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еилышәкаа Иегова шәанизыӡырҩуа зигәаԥхо, уи дзаргәырӷьо, насгьы шәизиашаны аанхара ишәыцхраауа.

      3. Шәара ахара шәыдырҵеит

      Иов ишәҟәы аҟынтә еилаҳкаауеит Аҩсҭаа ахара здиҵаз Иов имацара шиакәым. Иара Иегова изыӡырҩлар зҭаху зегьы ахара рыдиҵеит. Шәаԥхьа Иов 1:1, 6—2:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан хароу Аҩсҭаа Иов идиҵаз? (Шәахәаԥш Иов 1:9—11.)

      • Ирхареиҵазеи Аҩсҭаа ауаа, шәаргьы уахь шәналаҵаны? (Шәахәаԥш Иов 2:4.)

      Шәаԥхьа Иов 27:5б, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥааирԥши Иов гәыкала Анцәа бзиа дшибоз?

      Аҩсҭаа Иегова ахара идиҵоит. Иара иҽеимкәа дрыхцәажәоит ашәрақәа злыҵыз Иови иахьа Иегова имаҵ зуа аиаҳәшьеи.

      Иов Иегова даанимыжьӡеит, дизиашаны даанхеит, уи ала иааирԥшит бзиа дшибоз

      Ҳаргьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхалар, бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит

      4. Иегова дшәыргәырӷьала

      Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан цәаныррақәоу изцәырҵуа Иегова, ҟәыӷарала ҳхы анымҩаԥаҳго, насгьы ҳанизыӡырҩуа? Избан?

      5. Иегова шәизиашаны аанхара шәылшоит

      Иегова бзиа даҳбозар, иӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалоит. Ҳара ианҳзымариамгьы ус ҟаҳҵалоит, избанзар гәыкала Анцәа ҳизиашоуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Еснагь шәазхиаз шәхаҵара ахьчара» (5:09)

      • Ишәцәыцәгьоума Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара?

      • Ицхраазеи Греисон имаз ашәара аиааира?

      Иегова ҳизиашаны имаҵ ауреи бзиа ибареи ҳзымариахоит, иара бзиа иибо бзиа иаҳбозар, ицәымӷу ҳцәымӷзар. Шәаԥхьа Аԥсалом 97:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иегова изкны еилышәкаахьоу инақәыршәаны, бзиа иибои иара? Ицәымӷузеи?

      • Ишәыцхраауазеи Анцәа ибзиоуп ҳәа ииԥхьаӡо бзиа абара, ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо ацәымӷра?

      6. Иегова изыӡырҩра ахәарҭа ҳзаанагоит

      Анцәа ииҳәо аҟаҵара еснагь зегьы иреиӷьуп. Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Агәра жәгома шәара Иегова еснагь ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу шидыруа? Избан?

      • Иарбан хәарҭоу ишәзаанагахьоу Абиблиеи Ҳазшаз Анцәа Иеговеи ирызкны еилышәкааз?

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа хьаас имаӡам сара сшынхо».

      • Иарбан жәеинраалоу ус зҳәо ауаҩы ишәырбарыз, Иегова ҳусқәа ддыргәырӷьар ма игәы идырхьыр шрылшо иеилшәыркаарц азы?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Иегова бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит, ҳанизыӡырҩуа, насгьы ианҳзымариамгьы гәыкала ҳизиашаны ҳанаанхо.

      Аиҭахысра

      • Ишәнарҵазеи Иов иҿырԥшы?

      • Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо?

      • Ишәыцхраауазеи Иегова шәизиашаны аанхара?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Еилышәкаа Иеговеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи шәрызиашазар шшәылшо.

      «Уара гәыкала иузыҟоу гәыкала урзыҟоуп» (16:49)

      Аҩсҭаа ауаа ирхареиҵаз атәы еиҳаны еилышәкаа.

      «Иов хранит непорочность» («Библия и её главная тема», ахәҭа 6)

      Шәахәаԥш ахәыҷқәаҵәҟьагьы Иегова бзиа дшырбо аадырԥшлар шрылшо.

      «Иегова дыргәырӷьала» (8:16)

      Ишԥарылшо аҿар, рықәлацәа шырҿагылоугьы, Иегова гәыкала бзиа дшырбо аадырԥшлар?

      «Уқәлацәа рықәыӷәӷәара уаҿагыл!» (4:00)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра