-
Уа иану атекст аԥсахра ишашьҭазгьыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
-
-
Х-хаҿык змоу Анцәа изку аҵара. Абиблиа анырыҩ 300 шықәса инареиҵаны ашьҭахь Анцәа х-хаҿык имоуп ҳәа агәра згоз динҭҵааҩык 1 Иоанн 5:7 аҿы иациҵеит ажәақәа «ажәҩан аҿы: Аб, Ажәа, Аԥсы Цқьа; урҭ рыхԥагьы акуп, еицыҟоуп». Арҭ ажәақәа аоригиналтә текст аҿы иуԥылаӡом. Абиблиаҭҵааҩ Бриус Мецгер ишазгәеиҭо еиԥш, арҭ ажәақәа «афбатәи ашәышықәса инаркны лассы-лассы ажәытәлаҭын Библиеи [алаҭын] Вульгатеи рнапылаҩырақәа рҿы иуԥыло иалагеит».
-
-
Уа иану атекст аԥсахра ишашьҭазгьыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
-
-
Аҩбатәи, ҳара ҳҟынӡа иааз анапылаҩырақәа жәпакы абиблиаҭҵааҩцәа алшара рнаҭоит атекст иамоу агхақәа рыԥшаара. Иаҳҳәап, адиннапхгаҩцәа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа ирарҳәон ирымаз алаҭын еиҭагақәа Абиблиа аоригиналтә текст ауп ҳәа. Уи аамҭазы дара рхала 1 Иоанн 5:7 аҿы хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ажәақәа ацырҵеит, урҭ аоригиналтә текст аҿы ишыҟамызгьы. Ари агха уԥылоит зегь зыгәра рго англыз бызшәала еиҭагоу Акрал Иаков Ибиблиа аҿгьы. Аха еилкаахазеи егьырҭ анапылаҩырақәа анырыԥшаа? Бриус Мецгер иҩуан: «Ацыԥҵәаха [1 Иоанн 5:7 аҟынтәи] ажәытә напылаҩырақәа рҿы иуԥылаӡом (сириатә, акопттә, аерман, ефиоптә, араԥ, аславиантә еиҭагақәа), алаҭын еиҭагаҿы ада». Еиҭарҿыцыз Акрал Иаков Ибиблиеи егьырҭ аиҭагақәак рҿи ари ацыԥҵәаха аныхын.
-