-
Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеитШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Дышԥаладырҟәуеи Анцәа амцдинхаҵарақәа русқәа?
Амцдинхаҵарақәа ауаа Иегова дшырзыҟоу еиԥш акәӡам ишырзыҟоу. Абиблиа амцдинхаҵара иазкны иаҳәоит «ашьха еиԥш еизҳаз лыгәнаҳақәа ажәҩан аҟынӡа инаӡеит» ҳәа (Аатра 18:5). Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адинхаҵарақәа аполитикцәа ирҭаху ддырҟаҵоит. Дара ирыхҟьаны аибашьрақәа ҟалоит, имаҷымкәагьы ауаа ҭахоит. Адиннапхгаҩцәа шьоукы амал ду иашьҭоуп, убри аҟынтә дара рахь иныҟәо ауаа аԥара рымырхуеит. Русқәа иаадырԥшуеит Анцәа зынӡа дшырзымдыруа, убри аҟынтә дара азин рымаӡам иара ихьӡала ак аҳәара ма ак аҟаҵара. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8.)
-
-
Анаҩсгьы Иегова шәизиашаны шәаанхалаШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Шәаԥхьа Лука 4:8, насгьы Аатра 18:4, 5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Сахыԥхьаӡалоума сара иахьа уажәраанӡа амцдинхаҵарак?
Салахәума даҽа динхаҵарак иадҳәалоу организациак?
Иадҳәалоума сусура амцдинхаҵара?
Иҟоума сыԥсҭазаараҿы амцдинхаҵара садызҳәало усқәак?
Арҭ азҵаарақәа руак аҭак ааи акәзар, иҟасҵар сыхәҭоузеи?
Ишәыдышәкыл шәыламыс цқьазарц ишәыцхраауа, насгьы Иегова шәышизиашоу шьақәзырӷәӷәо аӡбара.
Шәхы шԥамҩаԥыжәго, динхаҵарак иадҳәалоу уск азы аԥара алашәҵарц ишәыҳәар?
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара аҵабырг иацәхьаҵыз Иегова ишаҳаҭцәа ирхырҳәаауа здыруазароуп. Усҟан аҵабырг ахьчара сылшоит».
-