Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи!
VII ашәышықәсазы ҳ. ҟ. аԥааимбар Иезекииль узыршанхо абара иоуит. Уи ибеит Жәҩантәылаҿы Зегьирхаку напхгара зиҭоз, идууз жәҩантәи аҽыуардын. Еиҳараӡак узыршанхоз уи шцоз ауп: амацәыс еиԥш иласын, ахырхарҭа аԥсахуан, иаангылаӡомызт, насгьы имҩахҟьаӡомызт (Иез. 1:4, 9, 12, 14, 16—27).
Ари абара иаҳгәаланаршәоит Иегова иорганизациа жәҩантәи ахәҭа еснагь иаанымгылаӡакәа ишцо. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи адгьыл аҿы иҟоу уи ахәҭа иазкны? Иҳаҩсыз амаҵзуратә шықәса еилыкка иаҳнарбеит Иегова напхгара ззиуа адгьыл аҿы иҟоу ижәларгьы еиҵахарак шрымам!
Ара, Еиду Аштатқәа рҿы, вефильтәи аҭаацәара русқәа рацәан, уи зыдҳәалаз Бруклин аҟынтә адунеизегьтәи ихадоу анапхгара Уорвик (аштат Ниу-Иорк) ахыбра ҿыцқәа рахь риасра акәын. Вефиль аҟны амаҵ зуаз шьоукы егьырҭ акомплексқәа рахь ииасит, мамзаргьы ажәабжьҳәара ирышьҭит. Иара убас тәылақәак рҿы афилиал ҿыцқәа дыргылон, иҟаз еиҭашьақәдыргылон, еидырҵон, ма иҿыцу аҭыԥқәа рахь ииаргон. Ишԥацоз шәара шәусқәа? Шәара даҽа ҭыԥк ахь шәмиасызаргьы, ҳәарада, адоуҳатә усқәа рганахь ала аџьабаа жәбон.
Ҳара иаҳбоит Анцәа ижәлар адунеи зегь аҿы еиҳа ргәы ақәкны аус шыруа, урҭ Иегова иорганизациа иацны ацара рҽазыршәоит. Ҳара уи даара ҳаигәырӷьоит, ҳагәгьы шьҭнахуеит. Аӡәырҩы амаҵзураҿы ацхыраара ахьаҭахыз ииасит. Егьырҭ ирыԥшааит амаҵзура иадҳәалоу иҿыцу алшарақәа, иаҳҳәап, атәым бызшәала ажәабжьҳәара. Иҟоуп иҿыцу ажәабжьҳәаратә методқәа зҵаз, мамзаргьы даҽа знеишьақәак рыла еиҳаны амаҵзура аҽалархәра иалагазгьы. Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа ақьырсианцәа, зықәрахь инеихьоугьы згәабзиара уашәшәыроугьы уахь иналаҵаны, аԥсҭазаараҿы ахачҳара аадырԥшуеит, насгьы Иегова имаҵзура рҽаладырхуеит, уи ала ишьақәдырӷәӷәоит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу (1 Кор. 9:24).
Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәгәазыҟашьа бзиа шгәеиҭо (Аур. 6:10). Иаашәырԥшуа азхиара Авраами Сарреи ҳгәаланаршәоит. Авраам 70 шықәса дырҭысхьан халдеиатәи ақалақь Ур ааныжьны, иҭаацәа иманы ихараз Ханаанҟа данца, уа ақьалақәа рҿы даҽа шәышықәса дынхон. Ииашаҵәҟьаны, Авраам ҳаҭыр зқәиҵоз иԥҳәыси иареи Иегова имаҵ аура иазхиан (Аҟаз. 11:31; Аус. 7:2, 3).
Иаашәырԥшуама шәара убри аҩыза агәазыҟашьа? Ари иуадаҩу аамҭақәа раан Анцәа иахь азиашареи ахачҳареи аарԥшуа, шәара Иисус иԥҟара шәықәныҟәоит: «Шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа шәуазҳәала [«аҵаҩцәа азыҟашәҵала», АдҾ], Аби, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи рыхьӡала ишәнаҭла» (Матф. 28:19).
Иисус ихы иаирхәаз ажәа «шәцаны», иаанарԥшуеит ҳара ажәабжьҳәара гәацԥыҳәарала ҳхы алаҳархәлар шҳахәҭоу. Даараӡа угәы иахәаратәы иҟоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы агәацԥыҳәара аазырԥшуа Иисус ишьҭанеицәа реихьӡарақәа! Иубаратәы иҟоуп Иегова имч ала ажәларқәа зегьы рыҩныҵҟа Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус дшазылԥхо (Марк 13:10).
Ажәабжь бзиа иақәҿызҭуа рацәоуп. Иҳаҩсыз ашықәсазы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара ҿыц — 8 340 847-ҩык рҟынӡа инаӡеит, бжьаратәла есымза 10 115 264 абиблиатә ҵарақәа мҩаԥыргон. Ҳәарада, жәҩантәи аҽыуардын ԥхьаҟа ицоит, шәаргьы ҭыԥк аҿы шәгылаӡам! Иегова макьана аиқәхаразы ашә аартны икуп, аха иаанхаз аамҭа маҷӡоуп. Убри аҟынтә шәызҿу аус бзиа анагӡара шәаҟәымҵын!
Шаҟа ианаалозеи 2017-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала: «Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ула» (Аԥсал. 37:3, АдҾ). Ари ааԥхьара шәықәныҟәозар, насгьы иԥшьоу амаҵзура нагӡо абзиара ҟашәҵозар, шәара Иегова шәышиқәгәыӷуа аашәырԥшуеит. Ахаангьы ишәхашәмыршҭын шәара шәхала шәшааныжьым. Иисус ҳақәиргәыӷит: «Сара шәарҭ ԥымкрада сшәыцҟоуп» (Матф. 28:20).
Агәра ганы шәыҟаз Иегова анаҩсгьы шәмаҵзура дшазылԥхало. Шәара Иегова изы иҟашәҵо маҷзаргьы, ма идузаргьы, иара изы ихадоу ишәылшо зегь ахьыҟашәҵо, насгьы ииашоу агәазыҟашьа ахьаашәырԥшуа ауп. Абас еиԥш иҟоу аҳамҭақәа Анцәа ддыргәырӷьоит, насгьы дырзыразуп (2 Кор. 9:6, 7). Иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа шәиҳәала, Иажәа ҭышәҵаала, ақьырсиантә еиԥыларақәа шәырҭаала, насгьы активла амаҵзура шәҽалашәырхәла, убас ала абзиабара злоу Анцәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәалар шәылшоит.
Аҩсҭаа изынхаз аамҭа маҷӡоуп, убри аҟынтә ари ацәгьара злоу аҿагылаҩ илшо зегь ихы иаирхәоит, Анцәа иахь иҳамоу азиашара даԥырхагахарц азы (Аат. 12:12). Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәыхьчала, усҟан Аҩсҭаа иҽазышәарақәа қәҿиара роуам (Аԥсал. 15:8 [16:8, АдҾ]). Ишәхашәмыршҭын ҳара даараӡа бзиа шәшаҳбо, насгьы ари аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан Анцәа Иаҳра аус азы иҟашәҵо ахә ҳаракны ишаҳшьо.
Шәара шәашьцәа,
Иегова ишаҳаҭцәа рнапхгаратә хеилак
© 2017 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania