АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | 2 ИОАНН 1—13; 3 ИОАНН 1—14 — ИУДА 1—25
Хьаҵрада угәрахаҵара уазықәԥала
Иисус иҳәон: «Шәҽазышәшәала агәашә ҭшәақәа рыла аҭалара» (Лука 13:24). Уи иаанагоит, ҳамчқәа зегь еибыҭаны Анцәа ҳзықәиргәыӷуа аҳамҭа ҳазықәԥалар шахәҭоу. Уи еиԥшу азхәыцра ҳаԥшаар ҳалшоит Иисус Христос иашьа гәакьа Иуда исаламшәҟәаҿы. Иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон хьаҵрада рыгәрахаҵара иазықәԥаларц. Еснагь аҽазышәарақәа аҭахуп:
иламысдароу ахымҩаԥгашьа аҿагыларазы (Иуда 6, 7);
аизараҿы аҭакԥхықәра зду пату рықәҵаразы (Иуда 8, 9);
ицқьоу агәрахаҵара, даҽакала иуҳәозар ақьырсиантә рҵарақәа шьаҭас иҟаҵаны аҽырӷәӷәаразы (Иуда 20, 21).