АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 31
Иакови Лавани аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит
Избан Иакови Лавани ахәы еиԥшны ахаҳәқәа зеиқәырҵаз?
Ахаҳәқәа еиқәҵаны иҟарҵаз ахәы иаҩсуаз зегьы идеилнаркаауан Иакови Лавани аҭынчра шрыбжьарҵаз.
Иакови Лавани ахәы иргәаланаршәон Иегова ишибо ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра нарыгӡо инармыгӡо.
Иегова иҭахуп иахьагьы имаҵзуҩцәа аҭынчра рыбжьазарц. Ишԥаҳацхраауеи анаҩстәи х-шьаҿак аҭынчра ахьчара, ма уи аиҭашьақәыргылара?
Иаартны аицәажәара (Матф. 5:23, 24).
Гәык-ԥсыкала анажьра (Кәал. 3:13).
Ачҳара аарԥшра (Рим. 12:21).