АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 32, 33
Уазықәԥома уара азылԥхарақәа риура?
Иегова дырзылԥхоит зыԥсҭазаара зегьы амаҵзура иазызкуа, насгьы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло (1 Кор. 9:26, 27). Иаков дышқәыԥшымызгьы, Иегова имаҵзураҿы имаз агәазыҟашьа аҿыԥшра иаԥсоуп. Ҳара Иегова изылԥхарақәа риура ҳшазықәԥо убарҭоуп:
ақьырсиантә еиԥыларақәа ибзианы ҳҽанырзыҟаҳҵо;
иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь анаҳҳәо;
излаҳалшо ала аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа.
Еиуеиԥшым ауадаҩрақәа урықәшәозаргьы еснагь Иегова ацхырааразы уиҳәала, насгьы уааҟәымҵӡакәа азылԥхарақәа урзықәԥала, хамеигӡарала иҳәатәы нагӡауа.
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан ҽазышәарақәоу иҟасҵар сылшо Иегова изылԥхарақәа соурц азы?»