АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Имариамыз аус иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала инагӡан!
Аҭоурых иаҳнарбоит Иегова имаҵзуҩцәа имариамыз аусқәа рынагӡара шрылшоз. Уи дара рҟазареи рылшарақәеи ракәӡамызт изыбзоураз, аха Иегова ицхыраара акәын ирылзыршоз. 1954 шықәсазы Иегова иорганизациа афильм «Общество нового мира в действии» ҭнажьит. Уи аус адызулоз афильмқәа рҭыхраҿы зынӡагьы аԥышәа змамыз, Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ракәын. Аха уи аус нагӡахеит Иегова иԥшьоу идоуҳа заҵәык абзоурала. Ари ахҭыс агәра ҳнаргоит Иегова аҵыхәтәанынӡа ҳиқәгәыӷуазар зынагӡара ҳалымшо аус шыҟамло (Зах. 4:6).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АФИЛЬМ „ОБЩЕСТВО НОВОГО МИРА В ДЕЙСТВИИ“ ШҬЫРХУАЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи ихадоу русбарҭа иазку афильм ҭырхырц зырыӡбаз?
Излоубарҭоузеи Вефиль аҿы зегьы аӡәк еиԥш аус шеицыруа? (1 Кор. 12:14—20).
Иарбан уадаҩрақәоу аишьцәа афильм анҭырхуаз изықәшәаз, насгьы ишԥарыӡбеи урҭ?
Еилукаазеи ари афильм аҟынтә Иегова иԥшьоу идоуҳа иазкны?