АШӘА 112
Иегова — аҭынчра Анцәа
1. Уҭынчра ҳақәургәыӷт,
Уара бзиабара Нцәоуп.
Удоуҳа цқьа ҳаҭ, Иегова,
Иазҳалааит, нас, уи алҵшәа.
Игәра ҳамгои Уԥа,
Зҽызымԥсахуа хараӡа,
Иаҳҭаху ҳауҩызцәахарц ауп,
Шьҭа аҭынчра ҳабжьаҵа.
2. Ҳарҟәыӷоит удоуҳа.
Уажәа мроушәа илашоит,
Алашьцараҿ аҵх иаҩызоу,
Уи напхгара ҳазнаулоит.
Зегь ҳхаҳгароуп иахьа,
Еибашьреи, аԥсреи, цәгьареи
Иҳахьчарц Ҳанцәа уҭынчра,
Ҳус иазылԥхоит удоуҳа.
3. Ҳаизугеит иуҭахыз,
Дгьыли-жәҩани рҟны ҳара,
Удоуҳала ҳаибаркыми,
Жәлар ираҳҳәоит Аҳра шииз.
Инкацәап ахабар,
Уаҳра аибашьра ннарҵәап.
Анцәа ишьҭоу гәырӷьап усҟан,
Рҭынчра нымҵәаӡо инхап.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 4:8; Флп. 4:6, 7; 1 Фес. 5:23.)