Иҭахызма абри Анцәа?
УАХӘАԤШ иарбанзаалак газеҭк, иаҿакы ателевизор, ма уазыӡырҩы арадио: адунеи аҿы иҟоуп ацәгьоура, аибашьрақәа, насгьы атерроризм! Урызхәыц иара убас ухатәы проблемақәа. Иҟалап уара угәы каҳазар учымазара иахҟьаны, мамзаргьы иузааигәоу ауаҩы дахьԥсыз азы, насгьы зны-зынла иузцәырҵлар алшоит ауаҩ иаша Иов имаз ацәаныррақәа, уи иҳәеит: «Сара... гәаҟрала сҭәуп» (Иов [Иов] 10:15).
Уазхәыц:
Иҭахызма Анцәа ҳара абас ҳанхаларц?
Иабаԥшаатәу ацхыраара ҳапроблемақәа рыӡбаразы?
Ҳзақәгәыӷуама знымзар-зны адгьыл аҿы аҭынчра ҟалоит ҳәа?
Абиблиа иаҳнаҭоит зыгәра угаша абарҭ азҵаарақәа рҭак.
АБИБЛИА ИАҲНАРҴОИТ АНЦӘА АДГЬЫЛ АҾЫ АБАРҬ ИЏЬАШЬАХӘУ АԤСАХРАҚӘА ЗЕГЬ ШЫҞАИҴО:
«Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәыуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом» (Аатра 21:4)
«Ацыркь дыԥалашт абынҽа еиԥш» (Исаиа [Исаия] 35:6)
«Иаахтышт алашәцәа рыблақәа» (Исаиа [Исаия] 35:5)
Иԥсхьоу ауаа Анцәа аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит (Иоанн 5:28, 29)
«Дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» (Исаиа [Исаия] 33:24)
«Аарыхра беиа ҟалоит» (Аԥсалом 71:16 [72:16, АдҾ])
ИҬҴАА АБИБЛИА
Хыхь иаҳәаз зегь иҟамло гәыӷроуп ҳәа алкаа аҟаҵара уахымццакын. Анцәа иоуп арҭ ақәыргәыӷрақәа ҳазҭаз, насгьы Абиблиа иҳаилнаркаауеит иара урҭ шынаигӡо.
Убри инеиҳангьы, Абиблиа уажәнатә ҵакы змоу, иаԥсоу аԥсҭазаара аныҟәгара иҳацхраар алшоит. Урызхәыц иумоу ухатәы гәҭынчымрақәа. Аматериалтә уадаҩрақәа, ачымазарақәа, аҭаацәаратә еилаҩынтрақәа, иузааигәоу рыԥсра — иҟалап арҭ уара уԥсҭазаара зырлашьцо проблемақәак ракәзар. Аха Абиблиа урҭ риааира иуцхраауеит. Уи иаҳзаанагоит агәҭынчра, насгьы акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак ҳнаҭоит:
Избан ҳара ҳазгәаҟуа?
Ҳашԥариааири аԥсҭазааратә уадаҩрақәа?
Ишԥалшо аҭаацәараҿы анасыԥ аиура?
Иҟалозеи ауаҩы данԥсуа?
Иҳалшома знымзар-зны иаҳзааигәоу иԥсхьоуи ҳареи ҳаиқәшәар?
Агәра ҳзыргозеи Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегь шынаигӡо?
Ари ашәҟәы уахьаԥхьо иаанарԥшуеит уара абиблиатә иаша уԥшаар шуҭаху. Ари ашәҟәы уара иуцхраауеит Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо аилкаара. Иазгәаҭ, абзацқәа рҿы иаагоуп азҵаарақәа. Иегова ишаҳаҭцәа миллионҩыла ауаа Абиблиа ддырҵоит азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла. Ҳара ҳгәыӷуеит ари аметод уаргьы иугәаԥхап ҳәа. Иузеиӷьаҳшьоит алҵшәа змоу аҵара аиура, насгьы дузылԥхааит Анцәа, Абиблиа иаҳнарҵо аилкаара уҳаҵҳаҵо уахьашьҭоу азы!