Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 7/13 ад. 7
  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
km 7/13 ад. 7

Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа

◼ Шаҟа лассы-лассы дныҟәалар ихәҭоузеи иӡаахым ажәабжьҳәаҩ аизарақәа рахь, насгьы иҽшԥалаирхәлар акәзеи иара ажәабжьҳәара, аҽӡаахра азин ирҭаанӡа?

Аҽӡаахра — аԥсҭазаараҿ даара ихадоу шьаҿоуп. Убри аҟынтә, ауаҩы аҽӡаахра азин ирҭаанӡа, иара ибзиаӡаны еиликаауазароуп Анцәа иҭахрақәа. Уи адагьы, иубаратәы иҟазар ауп урҭ аҭахрақәа инарықәыршәаны анхара дшазхиоу.

Ақьырсианцәа ирыдҵоуп аиԥыларақәа аанырмыжьларц, убри аҟынтә иӡаахым ажәабжьҳәаҩ иҽазишәалароуп аизарақәа бжьеимыжьларц (Аур. 10:24, 25). Ишаԥу еиԥш, ибзиоуп иара аизараҿы аҭакқәа аиҭалар, насгьы Атеократиатә маҵзура ашкол дҭаҩзарц, уи ихымԥадатәиу аҭахра шакәымгьы.

Уи адагьы, ақьырсианцәа зегьы ажәабжь бзиа аиҭаҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рыдуп аҟынтә, ажәабжьҳәаҩ иҽӡааихаанӡа иааиԥмырҟьаӡакәа амаҵзура иҽалаирхәуазар ауп (Матф. 24:14; 28:19, 20). Шаҟа мза ажәабжь иҳәалар акәзеи иара, аҽӡаахразы азин ирҭаанӡа? Ҟәышрахон убри аҟара аамҭа иҭазар, есымза активла, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа амаҵзура аҽалархәра дшазхиоу ааирԥшырц (Ԥс. 78:37). Аха ажәабжьҳәара даналагаз инаркны иҽӡааихаанӡа, хымԥада аамҭа рацәаны ииасыр акәӡам, зны-зынла мызқәакгьы азхоит. Шаҟа сааҭ ажәабжь иҳәалар ихәҭоузеи иара мызкахьы? Ара иҟаӡам ишьақәыргылоу аԥҟарақәа. Аизара аиҳабацәа азхәыцроуп ажәабжьҳәаҩцәа хаҭала рҭагылазаашьа, насгьы иаадырԥшыроуп аҟәыӷареи аҭышәынтәалареи (Лука 21:1—4).

Аизара аиҳабацәа (ма амаҵзуратә цхырааҩцәа, аизара аиҳабацәа азымхозар), аҽӡаахра зҭаху рҿы аиҿцәажәара мҩаԥызго иргәалашәозар ауп ауаа зегь шеиԥшым, насгьы иаадырԥшлароуп аҟәыӷара, иӡаахым ажәабжьҳәаҩ аӡаахразы аҭахрақәа дрықәшәоу-дрықәымшәоу анырыӡбо. Иубаратәы иҟазароуп иара ииашаҵәҟьаны Иегова Ишаҳаҭ иакәны дҟаларц шиҭаху, насгьы аизарақәа рҭаареи амаҵзура аҽалархәреи ҳаҭырқәҵараны ишиԥхьаӡо. Аизара аиҳабацәа, ҳәарада, еилыркаауеит уи ауаҩы аҵыхәтәанынӡа доуҳала дшымшәыц, насгьы иӡааху ажәабжьҳәаҩцәа ирымоу аԥышәа шимам. Аизара аиҳабацәа уи аҽӡаахра дазхиам ҳәа рыԥхьаӡозар, дара Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны, рыӡбара мзызс иамоу иеилдыркаауеит, насгьы адоуҳатә цхыраара иоурц иеиҷаҳауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра