Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2013 шықәса август 26 рзы иалаго амчыбжь азы. Ахыц иҭаку арыцхә иаанарԥшуеит азҵаара анеилыргаз, Ашкол аҽазыҟаҵараан уи аҭҵааразы.
1. Иарбан акрызҵазкуа уроку иҳанаҭо аҳ Ирод ауаа рҟынтә ахьӡ-аԥша ахьидикылаз? (Аус. 12:21—23) (ииуль 1, w08 15/5 ад. 32, абз. 7).
2. Ишԥарыцхраауеи иқәыԥшу ақьырсианцәа Тимофеи иҿырԥшы азхәыцреи ақәныҟәареи? (Аус. 16:1, 2) (ииуль 8, w08 15/5 ад. 32, абз. 10).
3. Ишԥаицхрааи Аполлос Акилеи Прискиллеи бзиабарала, иара Ефестәи асинагогаҿы гәымшәарала дышцәажәоз анраҳа? (Аус. 18:24—26) (ииуль 15, w10 15/6 ад. 11, абз. 4).
4. Иарбан библиатә шьаҭоу Иегова Ишаҳаҭцәа ирымоу, ажәабжьҳәараз рзин рыхьчарц аӡбарҭахь ианнеиуа? (Аус. 25:10—12) (ииуль 22, bt ад. 198, абз. 6).
5. Ишԥаиԥшаауаз апостол Павел ашаҳаҭразы аҭагылазаашьақәа, Рим дышҭакызгьы, насгьы ишԥаиҿыԥшуеи уи Иегова имаҵуҩцәа иахьа? (Аус. 28:17, 23, 30, 31) (ииуль 29, bt ад. 216—217, абз. 19—23).
6. Избан агомосексуализм Абиблиаҿы изақәыӡбоу иԥсабаратәым, насгьы изакәаным акы еиԥш? (Рим. 1:26, 27) (авг. 5, g 1/12 ад. 28, абз. 7).
7. Ишԥахнаҩоз «ирухьаз агәнаҳарақәа» 33 шықәсазы ҳ. ҳ. «Христос Иисус ила иҟалаз, хәыда-ԥсада ироуз аҿыхра», уи ахә ахшәаахаанӡа? (Рим. 3:24, 25) (авг. 5, w08 15/6 ад. 29, абз. 6).
8. Иҳазирхиазеи Иегова бзиабарала ҳаззыҳәо ҳзымдыруа, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу аҭагылазаашьақәа рзы? (Рим. 8:26, 27) (авг. 12, w08 15/6 ад. 30, абз. 10).
9. Иаанагозеи ааԥхьара: «Асасдкылара аашәырԥшла»? (Рим. 12:13) (авг. 19, w09 15/10 ад. 5—6, абз. 12, 13).
10. Ҳашԥацныҟәо Павел иааԥхьара: «Иисус Христос шәыҽикәшәырша»? (Рим. 13:14) (авг. 26, w05 1/1 ад. 11—12, абз. 20—22).