Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ноиабр ад. 8—11
  • Иегова дырзылԥхоит зтәылахь ихынҳәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова дырзылԥхоит зтәылахь ихынҳәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «АԤСЫӠ» АХЬЫРАЦӘОУ АМАҴ ЗУЕИТ
  • АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИУЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА
  • ИЕГОВА ДЫШҲАЦХРААУА ҲБОИТ
  • АУАА РЫԤСҬАЗААРА ИЕГОВА ИЗКРА УАНРЫЦХРААУА ИУОУА АГӘЫРӶЬАРА
  • ИҞАҲҴАРАНЫ ҲАҞАЗ ҞАҲҴЕИТ
  • «Сара егьырҭ ирҿысҵааз рацәоуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иегова имаҵ аура агәырӷьара ду сзаанагоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ноиабр ад. 8—11

Онесими Џьеральдинеи

Иегова дырзылԥхоит зтәылахь ихынҳәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи

ЕИҲАНЫ аԥара дырҳаларц азы егьырҭ атәылақәа рахь ииасыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху ртәылақәа рахь ихынҳәит. Уи аҟаҵара ргәазҭанаҵеит Иеговеи ирзааигәоуи рахь ирымоу абзиабара (Матф. 22:37—39). Мап зцәыркзеи дара, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи азы ироуз? Шәааи ҳахәаԥшып Мраҭашәаратәи Африка ишьҭоу атәыла Камерун ахь ихынҳәыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҿырԥштәы.

«АԤСЫӠ» АХЬЫРАЦӘОУ АМАҴ ЗУЕИТ

1998 шықәсазы Онесим зыхьӡу аиашьа даҽа тәылак ахь нхара диасит, уа иара 14 шықәса дынхон. Аха зны аизараҿы иара ажәабжьҳәаратә ус иадҳәалаз ҿырԥштәык иаҳаит. Ажәахә зҳәоз аиашьа иҳәеит: «Шәхаҿы иаажәг шәҩызеи шәареи аԥсыӡкра шәеиццазшәа, насгьы шәыҵәгәырқәа хаз-хазы иҭашәыршәызшәа. Аха шәҩыза аҵәгәыр ахьҭаиршәыз аԥсыӡ еиҳа ишырацәоу жәбозар, шәаргьы шәыҵәгәыр уахь иҭашәмыршәӡои?»

Ари аҿырԥштәы Онесим игәазҭанаҵеит Камерунҟа аиасра дазхәыцырц. Уа Абиблиа аҵара зҭахыз рацәан аҟынтә, ажәабжьҳәаҩцәа ацхыраара рҭахын. Аха иара гәҭыхак иман. Онесим Камерун днымхоижьҭеи акыр ҵуан аҟынтә, дшәон уа анхара ашьцылара ицәыцәгьахар ҳәа. Ихы ԥишәарц азы иара раԥхьа фымз ҳәа уахь диасит. Анаҩс 2012 шықәсазы нхара диасит.

Онесим еиҭеиҳәоит: «Сара ашоура ҿыц сашьцылар акәхеит. Уи адагьы, уа аԥсҭазаара зынӡа даҽакала иҟан. Аҳратә зал аҿы иманшәалам атәарҭақәа рҿы атәара еиҭах сашьцылар акәхеит. Аха апрограмма схы азышьҭра сҽазысшәацыԥхьаӡа, иманшәалаз атәарҭақәа уиаҟара срызхәыцуамызт»,— иҳәоит иара дԥышәарччо.

2013 шықәсазы Онесим Џьеральдина пҳәысс дигеит, ларгьы Камерунҟа дхынҳәаанӡа 9-шықәса Франциа дынхон. Иарбан зылԥхарақәоу дара ироуз Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иахьдыргылаз азы? Онесим иҳәоит: «Ҳара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ҳалгеит, иара убас Вефиль аҿы амаҵ аура ҳалагеит. Аҵыхәтәантәи ашықәс аҩныҵҟа ҳаизараҿы 20-ҩык аӡы рыҽӡаархит. Уажәы избоит „аԥсыӡ“ ахьырацәоу аҭыԥ аҿы амаҵ шызуа» (Марк 1:17, 18). Џьеральдина илҳәоит: «Абриаҟара азылԥхарақәа соуеит ҳәа сыҟамызт».

АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИУЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА

Жиудити Сам-Кастели

Жиудит Еиду Аштатқәа рахь нхара диасит, аха лмаҵзура лырҭбаар лҭахын. Лара илҳәоит: «Сҭынхацәа рбаразы Камерунҟа сцацыԥхьаӡа имаҷымкәа абиблиатә ҵарақәа срылагон. Убри аҟынтә ҳанеиԥырҵуаз сылаӷырӡқәа сзынкыломызт». Аха лара Камерунҟа ахынҳәра лзыгәаӷьуамызт. Лара аусура бзиа лыман аҟынтә, Камерун инхоз лаб ихәышәтәразы ахарџь ахҩара лылшон. Ус шакәызгьы, Жиудит Иегова диқәгәыӷны Камерунҟа дхынҳәит. Лара илҳәоит Еиду Аштатқәа рҿы дзышьцылаз аԥсҭазаара бзиа шыгәхьаалгоз. Лара аҭагылазаашьа ҿыц дашьцыларц азы Иегова диҳәон. Иегова лыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит араионтә хылаԥшҩы иԥшәмеи иареи рыла. Дара Жиудит лгәы шьҭырхит.

Уи аамҭа лгәаларшәо Жиудит илҳәоит: «Хышықәса рыҩныҵҟа Абиблиа зсырҵоз ԥшьҩык аӡы рыҽӡаархит». Жиудит иҷыдоу пионерс амаҵ аура далагеит. Уажәы лыԥшәма Сам-Кастели лареи араионтә маҵзура нарыгӡоит. Аха ишԥаҟоу Жиудит лаб иусқәа? Лҭаацәеи лареи ирыԥшааит лаб хәыда-ԥсада иԥҟара иақәшаҳаҭхаз, даҽа тәылак аҟны иҟаз ахәышәтәырҭа. Насыԥны, зегь бзианы имҩаԥысит.

ИЕГОВА ДЫШҲАЦХРААУА ҲБОИТ

Каролинеи Виктори

Виктор зыхьӡыз аиашьа аҵара дҭаларц азы Канадаҟа диасит. Аха «Ахьчаратә бааш» аҿы аҵара ду иазкыз астатиа данаԥхьа, ауниверситет ааныжьны аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа занааҭк иоурц иӡбеит. «Уи абзоурала сара аамҭа мгакәа аусура салагар сылшеит, сгәахәтәгьы наӡеит — пионерс амаҵ аура салагеит»,— иҳәоит иара. Ԥыҭрак ашьҭахь Виктор Каролина ԥҳәысс дигеит. Дара Камерунҟа ицарц, насгьы Вефиль иаҭаарц рыӡбеит. Уа аишьцәа ргәазҭарҵеит Камерунҟа аиасра иазхәыцырц. Виктор иҳәоит: «Ҳара ахаангьы амал ҳашьҭамызт, насгьы ҳнызкылоз ҳәа акгьы ҳамамызт, убри аҟынтә ааԥхьара ҳадаҳкыларц ҳаӡбеит». Каролина лгәабзиара иадҳәалаз уадаҩрақәак шлымазгьы, аиасра дақәшаҳаҭхеит.

Виктори Каролинеи Абиблиа еиӷьны аилкаара зҭахыз ауаа рацәа ирыцхрааларц азы пионерс амаҵ аура иалагеит. Ԥыҭраамҭак дара ирымаз аԥарала рхы ныҟәыргон. Аха рԥарақәа анынҵәа, ԥара хәыҷык дырҳарц азы Канадаҟа ицарц рыӡбеит. Уи абзоурала нас ихынҳәны апионертә маҵзура иацырҵар рылшеит. Иарбан зылԥхарақәоу урҭ ироуз? Дара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иалгеит, анаҩс иҷыдоу пионерцәас амаҵ руан, уажәы атеократиатә ргыларақәа рҿы амаҵ руеит. Виктор иҳәоит: «Ҳара Иегова ҳиқәгәыӷны аԥсҭазаара бзиа аанҳажьит, убри аҟынтә иара дҳацхрааит».

АУАА РЫԤСҬАЗААРА ИЕГОВА ИЗКРА УАНРЫЦХРААУА ИУОУА АГӘЫРӶЬАРА

Стефании Алении

2002 шықәсазы Ален зыхьӡыз ҳашьа Германиа ауниверситет аҿы аҵара иҵон. Аха абуклет «Молодежь, чему вы посвятите свою жизнь?» данаԥхьа, ахықәк ҿыц ықәиргыларц иҭаххеит. 2006 шықәсазы иара Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол даналга, итәыла гәакьахь, Камерунҟа, дрышьҭит.

Камерун даннеи Ален иԥшааит рацәак иаамҭа зымгоз аусура. Аамҭак ашьҭахь иара еиҳаны аԥара ахьизыршәалоз аусура иԥшааит, аха уи иахҟьаны еиҵаны амаҵ аура иқәшәар ҳәа дшәон. Убри аҟынтә иҷыдоу пионерс амаҵ аура далагарц анидыргала, иара лакҩакрада уи дақәшаҳаҭхеит. Ален иусураҿы иарҳәеит аулафахәы шизацырҵо, аха иара иӡбара имԥсахӡеит. Аамҭак ашьҭахь иара Франциа акыршықәса инхоз Стефани ԥҳәысс дигеит. Иарбан уадаҩрақәоу лара дзықәшәаз Камерун даныхынҳә?

Стефани илҳәоит: «Сара аллергиа, насгьы сгәабзиара иадҳәалоу егьырҭ ауадаҩрақәа сызцәырҵит. Аха аамҭа-аамҭала сҽысхәышәтәуеит аҟынтә, сгәамбзиара усҟак саргәаҟӡом». Арҭ хаҵеи-ԥҳәыси ахачҳара ахьаадырԥшуаз азы Иегова дырзылԥхеит. Ален иҳәоит: «Зны Кате́ захьӡу ихароу ақыҭаҿы ҳара абиблиатә ҵарақәа ҳрылагеит, нас урҭ ҭелла имҩаԥаҳгон. Абиблиа зҵоз ҩыџьа аӡы рыҽӡаархит, усҟан Кате аҿы агәыԥ еиҿкаан». Стефани илҳәоит: «Ауаа рыԥсҭазаара Иегова изкра уанрыцхраауа иуоуа агәырӷьара акгьы иузадкылом. Ара амаҵ ахьаҳуа абзоурала уи агәырӷьара ҳаԥсҭазаара арҭәуеит». Уажәы Алени Стефании араионтә маҵзура нарыгӡоит.

Утәылаҿы амаҵ аура зламаншәалоу

«Ҳара аҭыԥантәи акультуреи ауаа рхәыцшьеи бзианы иаҳдыруеит. Атәымтәылауаа раасҭа ҳара еиҳа ҳагәра ргоит аҟынтә, ауаа рацәажәара еиҳа иаҳзымариоуп» (Ален).

«Ҳара уамашәа иҳахәаԥшӡом, насгьы атәымтәылауаа ахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара еиҳа иаҳзымариоуп» (Стефани).

ИҞАҲҴАРАНЫ ҲАҞАЗ ҞАҲҴЕИТ

Леонси Жизельи

Жизель Италиа амедицинатә ҵара данҭаз аӡы лыҽӡаалхит. Лара даараӡа илгәаԥхон Абиблиа лзырҵоз пионерс амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсҭазаашьа, убри аҟынтә ларгьы еиҳаны амаҵ луларц лҭаххеит. Лҵара даналгоз ашықәс азы ларгьы пионерс амаҵ аура далагеит.

Жизель илҭахын еиҳаны Иегова имаҵ луларц азы Камерунҟа дхынҳәырц, аха акы дааннакылон. Лара илҳәоит: «Сара сшәон Камерунҟа сцар Италиа ахынҳәразы азин смоур ҳәа, насгьы уа инхоз сҩызцәеи сыуацәеи рбара сылымшар ҳәа». Ус шакәызгьы, маи 2016 шықәсазы Жизель Камерунҟа диасит. Ԥыҭрак ашьҭахь Леонси лареи еибагеит. Афилиал аҟынтә аишьцәа рыҳәеит дара ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз Аиос захьӡыз ақалақь ахь ииасырц.

Ишԥанхоз дара Аиос? Жизель илҳәоит: «Лассы-лассы мчыбжьыла алашара ҳамамызт, убри аҟынтә абжеиҳан ҳҭелқәа аус руӡомызт. Сара амцаҿы афатәҟаҵашьа сҵеит. Ианыхәлалак агәаргәалеии алашарбагеи ҳаманы аӡыхь ахь аӡаагара ҳцон, избанзар усҟан уа ауаа еиҳа имаҷын». Ирыцхраазеи Жизельи Леонси арҭ ауадаҩрақәа рыхгара? Жизель илҳәоит: «Иегова идоуҳамч ала дҳацхраауан. Иара убас сыԥшәмеи сареи ҳгәы шьҭибахуан. Уи адагьы, ҳауацәеи ҳҩызцәеи ҳгәы шьҭырхуан, зны-зынла ԥаралагьы иҳацхраауан».

Дахьымхәӡои Жизель лтәылахь дахьыхынҳәыз? «Ҳәарада мап! Зынӡаскгьы!» — лҳәоит лара. Раԥхьа ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳгәы каҳаит, аха уи ҳаиааит. Уажәшьҭа Леонси сареи агәра ганы ҳаҟоуп иҟаҳҵараны ҳаҟаз шыҟаҳҵаз. Ҳара Иегова ҳиқәгәыӷит аҟынтә, иара еиҳагьы ҳаизааигәахеит». Леонси Жизели Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иалгеит, уажәы аамҭала иҷыдоу пионерцәас амаҵ руеит.

Ирацәаны аԥсыӡ ркырц азы амш аныцәгьоугьы агәымшәара аарԥшны амшын ихыло аԥсыӡкыҩцәа реиԥш, зтәылахь ихынҳәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Аҳра иазку ажәабжь заҳар зҭаху ауаа ирыцхраарц азы рхы еигӡаӡом. Иегова ахаан ихашҭӡом зхы иамеигӡо урҭ ажәабжьҳәаҩцәа иара иахь иаадырԥшуа абзиабара (Неем. 5:19; Аур. 6:10). Шәара даҽа тәылак аҿы шәынхозар, аха шәтәылаҿы ажәабжьҳәаҩцәа азымхозар, ишәылшома уахь шәхынҳәыр? Шәхынҳәыр, ижәбоит Иегова шаҟа дышәзылԥхо (Ажәам. 10:22).

Ирыцхраазеи дара?

Шәтәылахь шәхынҳәырц шәҭахызар, шәаԥхьа астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҳәо.

  • Шәзызхиазар шәыхәҭоу

    «Шәыуацәеи шәҩызцәеи шәықәыӷәӷәалар ауеит, насгьы ахынҳәра иаԥсаӡам ҳәа шәарҳәалар алшоит. Убри аҟынтә Иегова шәиқәгәыӷла» (Ален).

  • Шәҽазыҟашәҵар шшәылшо

    «Сара ахаан убри аҟара Анцәа симыҳәацызҭгьы ҟалап» (Жизель).

    «Ҭаҵәахк сымазарц азы, насгьы аӡә ицхыраара сазымԥшларц азы, аԥара еизызгон» (Џьеральдина).

    «Сгәабзиара гәасҭарц азы аҳақьым иахь сцеит» (Стефани).

  • Шәхы ныҟәыжәгалар шшәылшо

    «Раԥхьа сара исымаз ала схы ныҟәызгон. Нас ашкол аҿы рҵаҩыс аусура салагеит, ԥыҭрак ашьҭахь асапын аҟаҵашьа сҵан, уи аҭира салагеит» (Џьеральдина).

    «Ҳара ҳхы ныҟәаҳгаларц азы ахш иалху аконфеҭқәа ҟаҵаны, адәқьанқәа змаз ирзаҳҭиуан (Жизель).

    «Сара аинтернет ала аус зуан — адокументқәа еиҭазгон» (Онесим).

  • Шәхы шәыхьчар шшәылшо

    «Сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рааигәара ишәарҭамыз анхарҭа ҭыԥ сыԥшааит» (Џьеральдина).

    Сара ахаан схала ажәабжьҳәара сныҟәомызт (Жизель).

    «Сара уахынла схала сныҟәомызт. Насгьы зыхә цәгьоу ак схасҵомызт, иагьсшәысҵомызт» (Стефани).

    «Сара даҽа тәылак аҿы сшынхоз зегьы ирыласҳәомызт. Схы ӡырсымгаларц азы иҟасҵоз зегь аҭыԥантәи ауаа реиԥш иҟасҵон» (Џьиудит).

  • Агәырӷьара ахьчареи гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәареи шшәылшо

    «Ҳара аҭагылазаашьа ҿыцқәа рыҽрықәыршәашьа ҳҵеит. Арахь ҳзааз ҳхаҳаршҭӡом, насгьы иҳамоу ҳалагәырӷьоит» (Виктор).

    «Сара исымаз маҷсымшьаларц азы схы аус адызулалар акәын» (Ален).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра