Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси амзыз ӷәӷәа рымамкәа уахынла ҩнык аҿы еицаанхазар, ишьақәнарӷәӷәома уи агәнаҳа шыҟарҵаз, насгьы иаҭаххома аӡбаратә комитет аиҿкаара?
Ааи, аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси амзыз ӷәӷәа рымамкәа уахынла ҩнык аҿы еицаанхазар, уи ишьақәнарӷәӷәоит дара агәнаҳа шыҟарҵаз. Убри аҟынтә аӡбаратә комитет еиҿкаатәуп (1 Коринфаа рахь 6:18).
Аизара аиҳабацәа рхеилак иалахәу аишьцәа аҭагылазаашьақәа зегьы инҭырҳәыцааны иҭырҵаауеит, аӡбаратә комитет еиҿкаатәу еиҿкаатәыму еилыркаарц азы. Иаҳҳәап: «Еиқәшәозма дара? Ирырҭахьазма аизара аиҳабацәа алабжьара рхы шымҩаԥырго аганахь ала? Избан дара уахынла џьарак изаанхаз? Заа иӡбаны ирымазма уи? Ирылшозма дара ак аԥсахра, мамзаргьы рымч зқәымхо ҭагылазаашьак иақәшәоу? Иаҳҳәап, иззыԥшымыз ҭагылазаашьак, шәарҭарак иахҟьаны ҩнык аҿы иаанымхар ада уаҳа ԥсыхәа рмоуит (Екклезиаст 9:11). Иабацәаз дара?» Аҭагылазаашьақәа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбара ианыруа даҽа информациак ыҟазар алшоит.
Аизара аиҳабацәа рхеилак зегь анҭырҵаалак ашьҭахь, аӡбаратә комитет еиҿкаатәу еиҿкаатәыму рыӡбоит.